Леонид Тибилов икортеж амҩатә машәыр иақәшәеит

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛеонид Тибилов икортеж амҩатә машәыр иақәшәеит
Леонид Тибилов икортеж амҩатә машәыр иақәшәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Леонид Тибилов икортеж амҩатә машәыр иақәшәеит. Уажәтәи аамҭазы Тибилов иҩны дыҟоуп, игәабзиара аҭагылазаашьа ԥырхага амам, ҳәа аанацҳауеит Аахыҵ Уаԥстәыла Апрезидент ипресс-маҵзура.

АҞӘА, жәабран 13 — Sputnik. Леонид Тибилов икортеж амҩатә машәыр иақәшәеит Цхинвал-Знаур атрасса амҩатә хәҭа аҟны. Акортеж иалахәыз аӡәгьы машәар имыхьит.

Уажәтәи аамҭазы Тибилов иҩны дыҟоуп, игәабзиара аҭагылазаашьа ԥырхага амам, ҳәа аанацҳауеит Аахыҵ Уаԥстәыла Апрезидент ипресс-маҵзура.

"Амҩатә машәыр аҭыԥ аман ақыҭа Ногкау ааигәара. Еицыз аӡәгьы ааха имоуит, амедицинатә цхыраарагьы рҭаххартә еиԥш иҟамлеит", ҳәа азгәалҭоит Тибилов ипресс-маҵзура анапхгаҩы Гана Иановскаиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0