Стенин ихьӡ зху 2017 шықәсазтәи аконкурс еиднакылеит 76 тәыла

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтенин ихьӡ зху 2017 шықәсазтәи аконкурс еиднакылеит 76 тәыла
Стенин ихьӡ зху 2017 шықәсазтәи аконкурс еиднакылеит 76 тәыла - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аконкурс хықәкны иамоуп афототыхыҩцәа ҿарацәа рыцхыраара, рыдгылара, ауаажәларра ҳаамҭазтәи афотожурналистика разхьарԥшра.

АҞӘА, хәажәкыра 28. Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" апресс-маҵзура. Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс ахь инагоуп 5 000 рҟынӡа усумҭа.

Аконкурс апортал stenincontest.ru ахь 76 тәыла рҟынтәи афоторепартиорцәа русумҭақәа нарышьҭит. Аиҳаракгьы активла рхы аадырԥшит: Урыстәыла, Индиа, Италиа, Китаи, Беларуссиа, Испаниа, Польша, бангладеш рҟынтәи афотоҭыхыҩцәа. Аконкурс еиҿнакааит жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня".

Иара иахьазы Урыстәыла ахьӡ ҿыцқәа аазыртуаны иҟоу конкурс заҵәыкуп. 2017 шықәса рзы аусумҭақәа алыркаауеит аноминациақәа ԥшьба рыла: "Главные новости", "Спорт", "Моя планета", "Портрет. Герой нашего времени". Аконкурс аԥхьахәтә фонд иартәоит: 50, 35, 25 нызқь мааҭ, номинациа-цыԥхьаӡа. 500 нызқь мааҭ ианашьахоит "Гран-при" зырҭо афотоҭыхыҩ.

Еиду адирекциақәа Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россиа сегодя" афотоинформациа адиректор Александр Штоль иҳәеит:

"Хышықәсоуп абри аконкурс мҩаԥаагоижьҭеи. Есышықәса иара алахәылацәа рхыԥхьаӡара иазҳауеит. Ари аиндаҭлара даара ибзиоуп ахы аарԥшразы, хә-континентк рҟынтәи афотоҭыхыҩцәа рацлабра. Алахәылацәа алшара рымоуп аизҳаразы. Ҳара аконкурсантцәа "бзиала шәаабеит" ҳәа раҳәо ирзеиӷьаҳшьоит ақәҿиарақәа".

Стенин ихьӡ зху аконкурс - Sputnik Аҧсны
Стенин ихьӡ зху аконкурс иаиааиз русумҭақәа цәыргақәҵахоит

2016 шықәсазтәи аконкурс еизнагеит 6000 усумҭа 71 тәыла рҟынтәи. Аиааира згаз русумҭақәа ықәыргылан: Москва, Стамбул, Кеиптаун, Шанхаи, Пекин, Каир, Берлин, Рим, Марибор, Лиублин. 2016 шықәсазтәи аконкурс Гран–при ианашьахеит италиатәи афототыхыҩ Данило Гарсиа Ди Мео. Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлара хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра.

Аиндаҭлара – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп.

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлара 2016 шықәса рзы имҩаԥысуит урыстәылатәии жәларбжьаратәии АИХ (СМИ), аинформациатә маҵзурақәеи афотоеилазаарақәеи рыдгыларала.

Аиндаҭлара информациатә партниор хаданы иҟан: урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә канал "Россия-Культура", аинформациа-жәабыжьтә портал KP.ru, аинформациатә портал ЖурДом, апортал Russian Photo. Аконкурс жәларбжьаратә информациатә партниор хаданы иҟан: аинформациатә маҵзура Askanews, аинформациатә маҵзура EFE, амедиахолдинг Independent Media, аинформациатә маҵзура Notimex, ателеканал, апортал RT, The Royal Photographic Society, Shanghai United Media Group (SUMG). Аусхкытә информациатә партнерцәа рыҳасабала аиндаҭлара иадгылеит: Урыстәыла афотожурналистцәа рхеидкыла, Москватәи ажурналистцәа рхеидкыла, Аҿари астудентцәеи АИХ рхеидкыла,Академия Фотографии, амаҵзура ГеоФото, апортал Photo-study.ru, аинформациатә портал YOung JOurnalists, афестиваль "Фотопарад в Угличе".

Ажәабжьқәа зегьы
0