Шьамтәылатәи ақалақь Аазиз аҟны атеракт аан аԥсыҭбарақәа ҟалеит

© AFP 2023 / Zein Al RIFAIШьамтәылатәи ақалақь Аазиз аҟны атеракт аан аԥсыҭбарақәа ҟалеит
Шьамтәылатәи ақалақь Аазиз аҟны атеракт аан аԥсыҭбарақәа ҟалеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атеррористцәа шьамтәылатәи ақалақь Аазиз аҟны (Ҭырқәтәыла аҳәаа иахьаԥну) автомашьына ԥыржәеит. Иҭахеит быжьҩык ауааԥсыра.

АҞӘА, лаҵарамза 3 — Sputnik. Атеррористцәа шьамтәылатәи ақалақь Аазаз аҟны (Ҭырқәтәыла аҳәаа иахьаԥну) автомашьына ԥыржәеит.

Иҭахеит быжьҩык ауааԥсыра ҳәа аанацҳауеит ателеканал "Аль-Маядин". Иара убас 20-ҩык ахәрақәа роуит.

Ақалақь Аазаз арадикалтә гәыԥқәа рнапаҵаҟа иҟоуп. Арҭ агәыԥқәа дара-дара рыбжьара аимакқәа цәырҵуеит, бџьаршьҭыхралагьы еиҿанагалоит. Ақалақь аҟны иҟоу аушьҭырҭатә пункт ала ҭырқәтәылантәи абџьар ииаргоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0