Кабул атеракт анымҩаԥыс ашьҭахь адемонстрациақәа рымҩаԥгара иалагеит

© REUTERS/Mohammad IsmailКабул атеракт анымҩаԥыс ашьҭахь адемонстрациақәа рымҩаԥгара иалагеит
Кабул атеракт анымҩаԥыс ашьҭахь адемонстрациақәа рымҩаԥгара иалагеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кабул атеракт анымҩаԥыс ашьҭахь адемонстрациақәа рымҩаԥгара иалагеит. Аполициа ҵәҩанҵәыҟа ахысрала адемонстрантцәа агәҽанҵара рырҭоит.

АҞӘА, рашәарамза 2 — Sputnik. П Кабул атеракт анымҩаԥыс ашьҭахь адемонстрациақәа рымҩаԥгара иалагеит. Аполициа ҵәҩанҵәыҟа ахысрала адемонстрантцәа агәҽанҵара рырҭоит.

Адемонстрантцәа, атеракт ашьҭахь дҵаны иқәдыргылоит атәыла Ахада Ашраф Гани ԥхьатәара ицара. Абри атәы аанацҳауеит амаҵзура Реитер.

Уи адыррақәа рыла зықьҩык инареиҳаны ауаа еизеит атеракт ахьыҟаз аҭыԥ аҟны.

Кабул ахашаҽны аҭыԥ змаз атеракт аан иҭахеит 100-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра, ахәрақәа роуит 600-ҩык.

Атеррористтә гәыԥ "Исламское государство" ахахьы иагеит Афганисҭан аҳҭнықалақь Кабул иҟалаз ахҭыс.

Ажәабжьқәа зегьы
0