"Ты супер! Танцы": аконкурс ҿыц аҟыбаҩ злоу ахәыҷқәа рзы

© Sputnik / Игорь Руссак / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Ты супер! Танцы": аконкурс ҿыц аҟыбаҩ злоу ахәыҷқәа рзы
Ты супер! Танцы: аконкурс ҿыц аҟыбаҩ злоу ахәыҷқәа рзы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аконкурс аиҿкааҩцәа азыԥшуп акәашара згәы азцо ахәыҷқәа рыԥсҭазаара еиӷьнатәып ҳәа еиҿыркаауа ауснагӡатә.

АҞӘА, рашәарамза 2 — Sputnik. Ателеканал НТВ-и, аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik, ателехәаԥшцәа иҟарҵаз аҳәарала иаздырхиоит апроект "Ты супер! Танцы". Апроект алахәылацәа ироуеит алшара атәыла иреиӷьу арҵаҩцәа, азыҟаҵаҩцәа аус рыцура, рхы аарԥшра, аҩызцәа ҿыцқәа рыԥшаара.

Ҳара аинтернатқәа рҟны, атәым ҭаацәарақәа рҟны уҳәа рҟынтәи аҟыбаҩ ҷыда злоу ахәыҷқәа рыԥшаара ҳагәҭакуп. Апроект иалахәхар рылшоит Урыстәылеиԥш Асовет еидгыла егьырҭ атәылақәа рҟынтәигьы 7-18 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа.

Алахәылацәа алыԥшаахоит акастинг амҩаԥгарала. Аконкурс мҩаԥысраны иҟоуп Москва. Ахәыҷқәа рыԥхьара, рҵара, рыфара-рыжәра уҳәа рзы иахәҭоу ахарџьқәа зегьы НТВ ахахьы иагоит. Апроект иалахәуп аԥсихологцәа, амедицинатә усзуҩцәа.

Уажәазы ҳара ҳзышьҭоу

Анаҩстәи акәашарақәа здыруа ахәыҷқәа:

— Абалет;

— Аетникатә кәашарақәа;

— Аҭоурыхтә кәашарақәа;

— Абалтә кәашарақәа;

— Ҳаамҭазтәи акәашарақәа;

— Аспорт кәашарақәа

Инхарҭәаау аинформациа аиура шәылшоит абри аҭел +79409260000 ала, мамзаргьы азыҳәа шәышьҭыр алшоит аелектронтә ԥошьҭа info.abk@sputniknews.com ашҟа.

Ажәабжьқәа зегьы
0