Лондонтәи атеракт: 7-ҩык ҭахеит 50-ҩык ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп

© REUTERS / Hannah McKayЛондонтәи атеракт: 6-ҩык ҭахеит 50-ҩык ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп
Лондонтәи атеракт: 6-ҩык ҭахеит 50-ҩык ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хҩык ахацәа автобус маҷ ала Лондонтәи ацҳаҟны ашьаҟауаа ирыжәлеит, нас аҳәызбақәа кны аџьармыкьа Боро аҟны ауаа ирылалеит.

АҞӘА, рашәарамза 5 — Sputnik. Хҩык ахацәа автобус маҷ ала Лондонтәи ацҳаҟны ашьаҟауаа ирыжәлеит, нас аҳәызбақәа кны ауаа ирылалеит. 7-ҩык ҭахеит 50-ҩык ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"48-ҩык апациентцәа Лондонтәи ахәышәтәырҭақәа хәба рахь инагоуп. Урҭ уа ацхыраара рыҭоуп", ҳәа адырра ҟанаҵоит ацхыраара ласы Twitter аҟны.

Хҩык ахацәа автобус маҷ ала Лондонтәи ацҳаҟны ашьаҟауаа ирыжәлеит, нас аҳәызбақәа кны аџьармыкьа Боро аҟны ауаа ирылалеит.

Атеррористцәа рыхҩыкгьы азинхьчаратә усзуҩцәа иршьит. Скотланд-Иард ахаҭарнак иажәақәа рыла дара рыхҩыкгьы аҽшьҩы имаҟа амулиажқәа рымӷан.

Ҩымзи бжаки рыҩныцҟала ари ахԥатәи терактуп Британиа аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0