Урыстәыла аганахь ала асанкциақәа рырҭбаара иадгылеит ЕАШ асенат

© AFP 2023 / Nicholas KammЕАШ Вашингтон
ЕАШ Вашингтон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Дмитри Песков аҳәамҭа ҟаиҵахьан Урыстәыла аганахь ала ЕАШ имҩаԥнаго аԥынгылақәа асанкциақәа рырҭбаарахь икылсыр алшоит ҳәа, иагьазгәеиҭахьан Кремль асанкциақәа рырӷәӷәара шагәамԥхо.

АҞӘА, рашәарамза 15 — Sputnik. ЕАШ асенат, ахаша, бжьеиҳала ирыдыркылеит Урыстәыла аганахь ала асанкциақәа рырӷәӷәаразы аӡбра. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

Иара убасгьы ашәахьа, ЕАШ асенат аҟны Иран аганахь ала асанкциақәа рхархәаразы азакәан апроект алагаларақәа азыруит.

Урыстәыла аганахь ала асанкциақәа иазыԥхьагәарҭоит асанкциақәа здыҟаҵалоу урыстәылатәи абанкқәа рџьармыкьатә ԥаразоужьра аҿҳәара аркьаҿра.

Уаанӡатәи, Барак Обама иусбарҭа асанкциақәа шаларгалазгьы иақәшаҳаҭмызт урҭ азакәантә форма рыҭара. Уажәы асенат аҟны ахәаԥшра иаҿуп Урыстәыла аганахь ала аҽа санкциақәакгьы.

Рекс Тиллерсон - Sputnik Аҧсны
ЕАШ рҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Урыстәыла даҭаауеит

Асенаторцәа Џьон Маккеини Бен Кардини ажәалагала ҟарҵеит Урыстәыла атәылахьчаратәи, аԥшыхәратәи, аенергетикатәи усхкқәа рганахь алагьы асанкциақәа рыдыркыларц.

Асенатор Линдси Грем иакәзар ажәалагала ҟаиҵеит азакәан шьаҭа аҭаны ЕАШ апрезидент хаԥышәала асанкциақәа аԥихыр азин ҟазымҵо азакәан аԥҵазарц.

Асенаторцәа Маик Крепои Шеррод Брауни ирҳәеит асанкциақәа ԥхьаҟазы раԥыхра алыршара уадаҩны аӡбрақәа рыдкылазарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0