Анкара иаартуп аҳәынҭқарратә зинеиҿкаара аԥсахраан иҭахаз рбаҟа

© REUTERS ATTENTION EDITORSАнкара иаартуп аҳәынҭқарратә зинеиҿкаара аԥсахраан иҭахаз рбаҟа
Анкара иаартуп аҳәынҭқарратә зинеиҿкаара аԥсахраан иҭахаз рбаҟа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 15 - 16 2016 шықәса рзы Ҭырқәтәыла аҳәынҭқарратә зинеиҿкаара аԥсахра аҽазышәан. Еиҳарак аиҿагылара мҩаԥысуан Анкареи Сҭамбули.

АҞӘА, ԥхынгәы 17 — Sputnik. Ԥхынгәы 15 — 16 2016 шықәса рзы Ҭырқәтәыла аҳәынҭқарратә зинеиҿкаара аԥсахра аҽазышәан. Еиҳарак аиҿагылара мҩаԥысуан Анкареи Сҭамбули. Аҳәынҭқарратә зинеиҿкаара аԥсахраан иҭахаз рбаҟа аартраан дықәгылан ажәахә ҟаиҵеит Ҭырқәтәыла Ахада Таиип Ердоган. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Ахәаша ауха, 2016 15-16 аҵх цахьаны ирылаҳәан Ҭырқәтәыла амчра анапахьы аагаразы аруаа ықәгылеит ҳәа. Атәыла Ахада Таиип Ердоган Ҭырқәтәыла атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит имҩаԥысуа иаҿагыларц, Аԥыза-министр Бинали Иылдырым уи терактуп ҳәа ахиҳәааит.

Аидысларақәа раан иҭахаз рмемориал ықәыргылоуп Анкара, атәыла Ахада Ихан аҿаԥхьа.

Аидысларақәа раан иҭахеит 240-ҩык Ҭырқәтәыла атәылауаа, 2 000-ҩык рҟынӡа еиуеиԥшым ахәрақәа роуит.

Ажәабжьқәа зегьы
0