Стенин ихьӡ зху афотоконкурс аҟны онлаин-бжьыҭирала иреиӷьқәоу алыркаауеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Онлаин-абжьыҭира аихшьаалақәа ҟанаҵеит Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистиказ Жәларбжьаратәи аконкурс.

АҞӘА, ԥхынгәы 19 — Sputnik. Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс онлаин-бжьыҭира аихшьаалақәа мҩаԥнагеит. Аусумҭақәа иреиӷьуп ҳәа иалыркааит Кыргызсҭантәи Sputnik ажурналист Табылды Кадырбекова лусумҭа "Абамба хаа аҭиҩы".

2017 шықәса нанҳәа 7 рзы аԥхьахәқәа зауа инарываргыланы аинтернет хархәаҩцәа иреиӷьуп ҳәа иршьаз алахәылагьы иоуеит адиплом. Аинтернет-бжьыҭира иалнакааз иреиӷьу ахә-усумҭак рахь иаҵанакуеит Шаши Шекхар Кашиапа (Индиа) ифотосахьа "Аԥшшәқәа рныҳәаҿ аҳәсеибацәа", Фандулваза Джаикло (ИуАР ирепортаж "Ақалақь Грабу аҿы ақәгыларақәа", Анна Пантелиа (Бырзентәыла) илҭыхымҭоу ахҵәаҩ хәыҷы ипатреҭ, Иури Смитиук (Урыстәыла) Камчатка иҭихыз аӡынтәи асерфинг акадырқәа.

МИА "Россия сегодня" афотомаҵзура анапхгаҩы Александр Штоль: "Ҳара агәахәара ҳнаҭоит онлаин-бжьыҭира иахьатәи ҳаамҭазы афотосахьа ахәаԥшыҩцәа ирылаҵәаны ишыҟоу ахьаҳнарбаз. Афото абзиабаҩцәа рыбжьы ззырҭииз аусумҭақәа акыр ишьахәуп", — ҳәа иҳәеит.

Табылды Кадырбекова лусумҭа шыҟалҵаз еиҭалҳәоит: "Адәахьы аурҭ аҩуан. Ашеф-редактор афотосахьа ҟауҵароуп ҳәа ансеиҳәа рацәак исгәамԥхакәоуп сышцаз. Аха аҭыхрақәа санрылага – сатәнатәит. Сҭыхрақәа хсыркәшоны ауп сылаԥш дшыҵашәаз абымба хаа зҭиуаз аҭакәажә. Сналхыкәша-аалхыкәшо 3-4 фото ҭысхит. Лара сыҿыз анылба дааԥышәырччеит. Уигьы ҭысхит. Изыбҭахузеи анылҳәа, "гәаларшәагас" сҳәеит".

Стенин ихьӡ зху 2016 шықәсазтәи аконкурс еизнагеит 6000 усумҭа 71 тәыла рҟынтәи. Аиааира згаз русумҭақәа ықәыргылан: Москва, Стамбул, Кеиптаун, Шанхаи, Пекин, Каир, Берлин, Рим, Марибор, Лиублин. 2016 шықәсазтәи аконкурс Гран–при ианашьахеит италиатәи афототыхыҩ Данило Гарсиа Ди Мео.

2017 шықәсазтәи аконкурс ахь инагоуп 5 000 рҟынӡа усумҭа. Аконкурс апортал stenincontest.ru ахь 76 тәыла рҟынтәи афоторепартиорцәа русумҭақәа нарышьҭит. Аиҳаракгьы активла рхы аадырԥшит: Урыстәыла, Индиа, Италиа, Китаи, Беларуссиа, Испаниа, Польша, Бангладеш рҟынтәи афотоҭыхыҩцәа.

Стенин ихьӡ зху 2017 шықәсазтәи аконкурс - Sputnik Аҧсны
Стенин ихьӡ зху 2017 шықәсазтәи аконкурс ашорт-лист еиднакылеит 14 тәыла

Аконкурс еиҿнакааит жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня". Иара иахьазы Урыстәыла ахьӡ ҿыцқәа аазыртуаны иҟоу конкурс заҵәыкуп.

2017 шықәса рзы аусумҭақәа алыркаауеит аноминациақәа ԥшьба рыла: "Главные новости", "Спорт", "Моя планета", "Портрет. Герой нашего времени". Аконкурс аԥхьахәтә фонд иартәоит: 50, 35, 25 нызқь мааҭ, номинациа-цыԥхьаӡа. 500 нызқь мааҭ ианашьахоит "Гран-при" зырҭо афотоҭыхыҩ.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра. Аконкурс – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп.

Стенин ихьӡ зху аконкурс - Sputnik Аҧсны
Стенин ихьӡ зху аконкурс иаиааиз русумҭақәа цәыргақәҵахоит

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс мҩаԥысуит урыстәылатәии жәларбжьаратәии АИХ (СМИ), аинформациатә маҵзурақәеи афотоеилазаарақәеи рыдгыларала. Аконкурс информациатә партниор хаданы иҟоуп: урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә канал "Россия-Культура", аинформациа-жәабыжьтә портал KP.ru, аинформациатә портал ЖурДом, апортал Russian Photo. Аконкурс жәларбжьаратә информациатә партниор хаданы иҟан: аинформациатә маҵзуреи ардиои Sputnik, аинформациатә маҵзура Askanews, аинформациатә маҵзура EFE, амедиахолдинг Independent Media, аинформациатә маҵзура Notimex, ателеканал, апортал RT, The Royal Photographic Society, Shanghai United Media Group (SUMG).

Аусхкытә информациатә партниорцәа рыҳасабала иара иадгылоит: Урыстәыла афотожурналистцәа рхеидкыла, Москватәи ажурналистцәа рхеидкыла, Аҿари астудентцәеи АИХ рхеидкыла,Академия Фотографии, амаҵзура ГеоФото, апортал Photo-study.ru, аинформациатә портал YOung JOurnalists, афестиваль "Фотопарад в Угличе".

Ажәабжьқәа зегьы
0