Аидарамҩангага ӷба аекипаж ажәбатәи алахәыла иԥшаара иаҿуп

© Sputnik / Нина Зотина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥшасра ӷәӷәа иахҟьаны Ҟрым аԥшаҳәа ааигәара аидарамҩангага ӷба Anda ӡааҟәрылеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 31 — Sputnik. Амҽыша ашьыжь ихацыркхеит аӷба Anda аекипаж ажәбатәи алахәыла иԥшаара. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аԥшасра ӷәӷәа иахҟьаны Ҟрым аԥшаҳәа ааигәара аидарамҩангага ӷба Anda ӡааҟәрылеит. Иара аныӡааҟәрылоз аамҭаз иақәын 24 нызқь тонна ачарыц. Аӷбаҿ иҟан аекипаж алахәылацәа жәҩык: хҩык Индиа атәылауааи фҩыкШьамтәыла атәылауааи. Урҭ рҟынтәи ааҩык  еиқәырхоуп, урҭ аидарамҩангага ӷба Minoan Grace ахь ихагалоуп. Аекипаж ажәбатәи алахәыла иԥшаара иаҿуп.

Амшынтә еиқәырхаратә центр "Севастополь" аҟынтә иаарыцҳауеит  Anda 1,7 нызқь метра иӡааҟәрылеит ҳәа.

 "Аԥшааратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит. Аӷба аныӡааҟәрылоз иҟаз аҳауатә ҭагылазаашьа бааԥсы уажәы иҭышәынтәалеит", — ҳәа аанацҳауеит АҶА Ҟрымтәи аусбарҭа апресс-маҵзура.

 Еиқәдырхаз амшынуаа Иалта, Ливадиатәи ахәышәтәырҭахь инагоуп. Урҭ ргәабзиара аҭагылазаашьа уацәшәартә иҟам.

Ажәабжьқәа зегьы
0