ЕАШ (США) Ацҳаражәҳәарҭа авизақәа рзы адокументқәа рыдкылара иалагеит

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Вашингтон нанҳәа 23 инаркны Урыстәыла иахьаҵанакуа зехьынџьара имиграциатәым авизақәа рыҭара аанкыланы иаман.

АҞӘА, цәыббра 6 — Sputnik. ЕАШ (США) Ацҳаражәҳәарҭа авизақәа рзы адокументқәа рыдкылара иалагеит цәыббра 1 инаркны. Авиза заурц зҭахны иҟоу ирымоуп алшара онлаин арзаҳал нарышьҭырц ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит адипмиссиа апресс-маӡаныҟәгаҩ Мариа Олсон. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"ЕАШ (США) Ацҳаражәҳәарҭа авизақәа рзы адокументқәа рыдкылара иалагеит цәыббра 1 инаркны. Авиза заурц зҭахны иҟоу ирымоуп алшара онлаин арзаҳал нарышьҭырц", — ҳәа азгәалҭеит адипмиссиа ахаҭарнак.

ЕАШ (США) Аҳәынҭқарратә департамент асаит аҟны иҳәоуп Visitor Visa аиуразы Ацҳаражәҳәарҭаҟны аиҿцәажәара азыԥшра аамҭа 85 мшы инаӡоит ҳәа.

Уаанӡа, нанҳәа 23 инаркны ЕАШ(США) Урыстәыла иахьаҵанакуа иҟоу Ацҳаражәҳәарҭақәа рҟны иааннакылеит имиграциатәым авизақәа рыҭара.

Вашингтон абри аҿыц лагала зыхҟьаз ҳәа иазгәанаҭо уаанӡа Москва Урыстәыла иҟоу ЕАШ адипмиссиақәа русзуҩцәа рхыԥхьаӡара 755-ҩык рҟынтәи 455-ҩык рҟынӡа иахьаркьаҿыз ауп ҳәа. Иара убри аан Москва еиҟаранатәит Урыстәыла иҟоу ЕАШ адипмиссиақәа русзуҩцәа рхыԥхьаӡареи ЕАШ иҟоу Урыстәыла адипмиссиақәа русзуҩцәа рхыԥхьаӡареи.

ЕАШ (США) Ацҳаражәҳәарҭа авизақәа рзы адокументқәа рыдкылара иалагеит цәыббра 1 инаркны Москва иҟоу Ацҳаражәҳәарҭаҿы. Уаанӡа авиза уоур алшон ақалақьқәа: Петербург, Екатеринбург, Владивосток рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0