ЕАШ (США) Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылатәи ар рылгатәуп ҳәа азгәарҭеит

© © Sputnik/ Илона ХварцкияВоеннослужащий российской военной базы в Абхазии во время тренировки по противодействию терроризму
Военнослужащий российской военной базы в Абхазии во время тренировки по противодействию терроризму - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Вашингтон аҽазныкгьы адҵа ҟанаҵеит Қырҭтәыла "иаҵанакуа" адгьылқәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылатәи ар рылгатәуп ҳәа.

АҞӘА, цәыббра 13 – Sputnik. Вашингтон аҽазныкгьы адҵа ҟанаҵеит Қырҭтәыла "иаҵанакуа" адгьылқәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылатәи ар рылгатәуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Вашингтон имҩаԥысыз ашәарҭадареи атәылахьчареи рзы аусутә гәыԥ аилатәараҟны Америкеи Қырҭтәылеи аицҳәамҭа ҟарҵеит Қырҭтәыла "иаҵанакуа" адгьылқәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылатәи ар рылгатәуп ҳәа.

"ЕАШ (США) агәҭынчымра азцәырыргоит Аԥсни Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рҳәаақәа рҟны аушьҭырҭатә ҭыԥқәа ахьадыркыз", — ҳәа аҳәоит аганқәа рҳәамҭаҟны.

Аусутә гәыԥ алахәылацәа аҽазныкгьы Урыстәыла аганахь адҵа ҟарҵеит 2008 шықәсазтәи аибашьра аанкылараз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Қырҭтәыла "иаҵанакуа" адгьылқәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылатәи ар алнагарц.

"ЕАШ (США) инаҵшьны иазгәанаҭоит Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара шазханаҵо уаанӡатәи иара жәларбжьаратәи аҳәаақәа инарықәыршәаны", — ҳәа аҳәоит аҳәамҭа.

Нанҳәа 26 2008 шықәса рзы Урыстәыла Аԥсни аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит. Урыстәыла анапхгара изныкымкәа ирҳәахьеит уи азхаҵара иҟоу аҭагылазаашьақәа ирықәыршәан имҩаԥган аиҭакрагьы алшом ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0