"Ты супер!" "Орфеи" анашьахеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВручение телевизионной премии "ТЭФИ 2017"
Вручение телевизионной премии ТЭФИ 2017 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
НТВ Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik еицымҩаԥыргаз апроект ателехәаԥшратә ԥхьахә хада "Орфеи" анашьахеит.

АҞӘА, жьҭаара 4 — Sputnik, Алексеи Стефанов. Аҩаша, жьҭаара 3 рзы Атеатр "Россия" аҟны имҩаԥысит Урыстәылатәи амилаҭтә телехәаԥшратә ԥхьахә ТЕФИ ацеремониа. ТЕФИ аԥхьахә хада "Орфеи" анашьахеит апроект "Ты супер!".

"Шәхаҿы ишәзаагарым, быжьбаҟа шықәса зхыҷуа аҷкәын хәыҷы, уаанӡа зқыҭа ма зықалақь иалымҵыцыз, Москва иреиӷьу асценаҟны инапы ааукәыршаны "иҭабуп" ҳәа ануеиҳәо ушыҟало. Уи ахәшьара залшаӡом", — иҳәеит ателеканал НТВ апродиусер хада Тимур Ваинштеин.

НТВ апроект "Ты супер!" аҭаацәа ирылхәдоу ахәыҷқәа рҽаарԥшраз алшара рызҭо проектын. Иара иалахәын ахәыҷқәа рыҩнқәа рҟны ирааӡо, ашкол-интернатқәа ирҭоу, ус аҭаацәарақәа рахь ааӡара ирго ахәыҷқәа. 7 шықәса инаркны 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа апрофессионалтә жиурии миллионҩыла ателехәаԥшцәеи рҿаԥхьа рҟазара аадырԥшуан аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы.

Афинал аҟынӡа инеиз 20-ҩык афиналистцәа ирылкаан иреиӷьӡақәаз 10 –ҩык.

Аконкурс "Ты супер!" аҿы аиааира згаз шьақәдыргылон ахәаԥшыҩцәа, смс-қәа рыла.

Солисты дуэта Непара посетили зоопарк вместе с участниками Ты супер! Танцы - Sputnik Аҧсны
"Непара" асолистцәеи "Ты супер! Танцы" алахәылацәеи амш еицырхыргеит

Урҭ инарықәыршәаны актәи аҭыԥ аанылкылеит Валериа Адлеиаԥҳа, аҩбатәи— Витали Толочкин, ахԥатәи — Анастасиа Симоганова, аԥшьбатәи— Карина Исмаилова, ахәбатәи — Надежда Шебанова, афбатәи — Кирилл Есин, абыжьбатәи — Евгени Боицов, аабатәи — Кристина Ашмарина, ажәбатәи — Дариа Чернова, ажәабатәи— Софиа Волошаненко.

Кремльтәи ахан асценаҟны ахыркәшаратә концерт аан ашәаҳәаҩцәа қәыԥшцәа ирыцықәгылан: Виктор Дробыш, Иолка, Слава, Стас Пиеха, Маргарита Суханкина, Сосо Павлиашвили, Игорь Крутои, Константин Мелаӡе, Вера Брежнева, Анне Вески, Тамара Гвердцители, Роза Рымбаева уҳәа егьырҭгьы.

Актәи апроект "Ты супер!" анхыркәшаха ашьҭахь ателеканал НТВ-и, аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik, ателехәаԥшцәа иҟарҵаз аҳәарала иаздырхиоит апроект ҿыц "Ты супер! Танцы". Ари апроект алахәылацәагьы ироуеит алшара атәыла иреиӷьу арҵаҩцәа, азыҟаҵаҩцәа аус рыцура, рхы аарԥшра, аҩызцәа ҿыцқәа рыԥшаара.

Аконкурс иалахәуп 13 тәыла: Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Ҟазахстан, Киргизиа, Латвиа, Молдавиа, Таџьыкистан, Туркмениа, Узбекистан, Украина, Аԥсны рҟынтәи акәашаҩцәа қәыԥшцәа.

Прогулка Леона и Милены по Москве - Sputnik Аҧсны
Миленеи Леони аԥсуа диаспора ирԥылеит

Зегь иреиҵбу алахәыла быжь-шықәса лхыҵуеит, иреиҳабу – жәаа-шықәса. Апроект иалахәхо зегьы аҟыбаҩ ҷыда змоу хәыҷқәоуп. Аԥснынтәи апроект иалахәуп Леон Қапбеи Милена Тачулиеи.

"Ты супер! Танцы" – ари лшароуп ауаа рацәа урдырразы, адунеи зыхьӡ ахыҩхьоу ахореографцәа аус рыцуурцаз, аҩызцәа ҿыцқәа уоурц.

145-ҩык апроект алахәылацәа ацхыраара рырҭоит апрофессионалтә хареографцәа, арҵаҩцәа.

Ателерадиоеилахәыра НТВ-и амаҵзура Sputnik-и, имҩаԥырго жәларбжьаратәи аконкурс еиднакылоит Урыстәыла, ИАР атәылақәа, Балтиа атәылақәа рҟынтәи аҟыбаҩ бзиа злоу ахәыҷқәа, иагьырнаҭоит алшара аԥеиԥш лашазы.

"Ты супер. Танцы!" ажиури иалахәуп ахореограф, арежиссер Егор Дружинин, абалерина Кристина Кретова, ахореограф Евгени Папунаишвили, актриса Анастасиа Заворотниук. Амҩаԥгаҩыс дыҟоуп Александр Олешко.

Ажәабжьқәа зегьы
0