Аҭынчраз Нобель ипремиа зауз рыхьӡ ӡыргахоит иахьа

© REUTERSОбладатели Нобелевской премии по физике
Обладатели Нобелевской премии по физике - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2016 шықәса рзы аҭынчразы Нобель ипремиа ианашьан Колумбиа апрезидент Хаун Мануель Сантос, атәылаҟны 50 шықәса инарзынаԥшуа ицоз аграждантә еибашьра аанкыларазы иҟаиҵаз аҽазышәарақәа рзы.

АҞӘА, жьҭаара 6– Sputnik. Ахәаша, жьҭаара 6 рзы еилкаахоит аҭынчраз Нобель ипремиа заҭәашьахо ихьӡ.

Нобель ипремиа аҭынчреиҿкаараз ранаршьоит аполитикцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, аиҿкаарақәа, иҟалоит жәларбжьаратәи аидгылақәа иранаршьаргьы.

Нобель ипремиа ашаразы акомиссиа алауреат далнакаауеит аноминантцәа 300-ҩык инареиҳаны рыгәҭантә.

Нобелевская медаль - Sputnik Аҧсны
Нобель ипремиа ианашьахеит Кадзуо Исигуро

Аекспертцәа  ишырҳәо ала сынтәатәи апремиа роур алшоит: ЕАШ (США) уаанӡатәи аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Џьон Керри, Иран Адәныҟатәи аусқәа рминистр  Мохаммед Џьавад Зариф, адәныҟатәи аусқәа рганахь ала Еврохеилак ахаҭарнак Федерике Могерини.

Абукмекерцәа иалыркаауеит Германиа аканцлер Ангела Меркель, Римтәи Папа, жәларбжьаратә еиҿкаарақәак, иара убасгьы 2016 шықәса рзы атеррористцәа иршьыз Андреи Карлов.

Ажәабжьқәа зегьы
0