Каталониа ахада Ахьыԥшымраз Адекларациа инапы аҵеиҩит

© REUTERS / Albert GeaПредседатель правительства Карлес Пучдемон подписал декларацию о независимости Каталонии
Председатель правительства Карлес Пучдемон подписал декларацию о независимости Каталонии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Каталониа аиҳабыра рхада Карлес Пучдемон иҟаиҵаз аҳәамҭала автономиа иамоуп азин Ахьыԥшымраз Адекларациа анапаҵаҩра.

АҞӘА, жьҭаара 11— Sputnik. Каталониа аиҳабыра жьҭаара 10 рзы рнапы аҵарҩит Ахьыԥшымраз Адекларациа. Адекларациа иаар убасгьы инапы аҵеиҩит Каталониа Ахада Карлес Пучдемон. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Беларусь.

Аҭыжьырҭа El Pais иакьыԥхьыз Адекларациа атекст инақәыршәаны Каталониа ихьыԥшым ҳәынҭқарраны ирылаҳәоуп. Аха апарламент адепутатцәа ргәаанагарала адокумент макьаназы азинтә шьаҭа аманы иҟам.

Пучдемон уаанӡа аҳәамҭа ҟаиҵахьан жьҭаара 1 азы имҩаԥгаз ареферендум аихшьаалақәа ахьыԥшымратә ҳәынҭқарра шаԥҵоу азы алаҳәара азин ҳарҭоит ҳәа.

Аҩаша, жьҭаара 10 рзы Каталониа аиҳабыра рхантәаҩы апарламент ахь ааԥхьара ҟаиҵеит ахьыԥшымра алаҳәара аамҭала иаанкыланы Испаниатәи амчрақәа рыҿцәажәара мҩаԥыргарц.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла ахьыԥшымразы рыбжьы рҭиит 90,18% Каталониа ауааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0