Ашьапылампыл азы ачемпионат ахь абилеҭқәа рыҭира иалагеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФигура официального талисмана чемпионата мира по футболу 2018 и Кубка конфедераций 2017 волка Забиваки в Казани
Фигура официального талисмана чемпионата мира по футболу 2018 и Кубка конфедераций 2017 волка Забиваки в Казани - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 12 рзы ихыркәшахоит ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат ахь абилеҭқәа раахәаразы азыҳәақәа рыҟаҵара.

АҞӘА, жьҭаара 11— Sputnik. Абри аамҭала ҩ-миллион мааҭ инареиҳаны зыҳәа ҟаҵан ҳәа аанацҳауеит ашьапылампыл азы Жәларбжьаратәи афедерациа (ФИФА) аиҿкаара аофициалтә саит аҟны.

Зегь раасҭа ирацәоуп Урыстәылатәи ашьапылампыл абзиабаҩцәа рҟынтәи азыҳәақәа ҳәа аҳәоит арелиз атекст аҿы. Иара убасгьы ирацәаҩуп Бразилиа, Мексика, Аргентина, США, Германиа, Колумбиа, Китаи, Израиль, Англиа рҟынтәи ашьапылампыл абзиабаҩцәа рахьтә азыҳәа ҟазҵаз.

Иааидкыланы абилеҭқәа рзы 90 000 зыҳәа ҟаҵоуп ахәмаррақәа рзы, афинал азы 132 000 билеҭ.

Кубок ЧМ-2018 по футболу представили в Омске - Sputnik Аҧсны
Адунеи ачемпионат 2018 алахәылацәа ирыцлеит аҽа ҩ-командак

2018 шықәсазтәи Адунеи ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп рашәарамза 14 инаркны ԥхынгәы 15 рҟынӡа.

Атурнир ахәмаррақәа мҩаԥысраны иҟоуп: Москва, Санкт-Петербург, Калининград, Волгоград, Казань, Нижни Новгород, Самара, Саранск, Ростов-на-Дону, Екатеринбург, Шәача.

Иахьатәи аамҭазы адунеи ашьапылампыл азы ачемпионат иалахәхараны иҟоу акомандақәа 32 рҟынтәи 17 команда рыхьӡ шьақәырӷәӷәоуп:

Урыстәыла (ачемпионат аԥшәма), Бразилиа, Иран, Иапониа, Мексика, Бельгиа, Кореиа, Саудовтәи Аравая, Германиа, Англиа, Испаниа, Нигериа, Коста-Рика, Польша, Египет, Исландиа, Сербиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0