Роспотребнадзор: Европа атәылақәа 20 рҟны агепатит чымазара ҿкхеит

© Fotolia / AngellodecoПробирка с кровью в лаборатории
Пробирка с кровью в лаборатории - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәлаҵара агепатит ачымазара аиааиразы реиҳа ихәарҭоу ҳәа ирыԥхьаӡоит, аха тәылақәак рҟны уи рызхом.

АҞӘА, жьҭаара 16 — Sputnik. Роспотребнадзор адырра ҟанаҵеит Европа атәылақәа 20 рҟны агепатит чымазара ҿкхеит, аҵыхәтәантәи 16 мзы рыла х-нызқьҩык инареиҳаны абри ачымазара рыхьит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Гепатит А аиҳарак ирылаҵәеит Австриа, Англиа, Бельгиа, Голландиа, Даниа, Германиа, Бырзентәыла, Ирландиа, Испаниа, Италиа, Латвиа, Мальта, Норвегиа, Португалиа, Словениа, Швециа, Уельс, Финлиандиа, Франциа, Естониа.

Польша, 2017 шықәса рзы агепатит А зыхьыз рсиа цәырнамгеит, аха ЕCDC иҟанаҵаз аинформациала ичмазаҩу рхыԥхьаӡара 1426-ҩык инаӡоит. Ииасыз ашықәс иадкылан уахәаԥшуазар, ари 55-нтә рыла еиҳауп.

ЕCDC адыррақәа рыла гепатит А аиҳарак изыхьуа ахацәа роуп. Абри ачымазара аԥзырҟәҟәо ҳәа ишьоу агәлаҵоуп.

Урыстәылатәи аусҳәарҭақәа ишазгәарҭо ала ЕCDC адыррақәа иаадырԥшуеит ачымазара еиҳа-еиҳа ишрылаҵәо, уи аҽазыҟаҵарагьы шаҭаху.

Ажәабжьқәа зегьы
0