Ермантәыла аполициаа ахәыҷқәа рхы иақәиҭыртәит

© Sputnik / STRСитуация внутри детского сада в Армавире
Ситуация внутри детского сада в Армавире - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аполициа аусзуҩцәа ирылшеит ацәгьауҩы шасыс имаз ахәыҷқәа рхы рақәиҭтәра

АҞӘА, жьҭаара 30 — Sputnik. Абџьар зкыз ахаҵа Ермантәылатәи ақалақь Армавир ахәыҷбаҳчақәа руак, "Манушак" аҟны ахәыҷқәеи ааӡаҩцәеи шасыс игеит. Аполициа аусзуҩцәа ирылшеит ацәгьауҩы шасыс имаз ахәыҷқәа рхы рақәиҭтәра. Ахаҵа дхәуп. Иара аполициаа рнапахьы дааргеит. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Армения.

Ермантәыла аполициа апресс-маҵзура аусзуҩ Мартун Симониан уаанӡа аҳәамҭа ҟаиҵахьан ацәгьоуҩы иаанкылан имаз ахәыҷқәа ауишьҭит руаӡәк ида ҳәа, аха Армавир ауааԥсыра иазгәарҭоит ахәыҷбаҳча ахыбраҿы рыуацәеи рҭынхацәеи аанханы иҟоуп ҳәа.

Ахәыҷбаҳча ашҭаҟынтә иҭыҵыз аполициа аусзуҩцәеи ацхыраара ласы аусзуҩцәеи ирҳәеит ааӡаҩцәа руаӡәки ахәыҷбаҳча аиҳаби ахәрақәа рымоуп ҳәа. Аҳақьымцәа ражәақәа рыла урҭ рыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам.

Ажәабжьқәа зегьы
0