Аҵарауаа Адгьыл еиԥшу апланетақәа аадырԥшит

CC0 / / Космос
Космос - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵарауаа ражәақәа рыла апланетақәа руак, KOI-7923.01, аҟны аӡы ыҟоуп.

АҞӘА, абҵара 3 — Sputnik. Ателескоп "Кеплер" акоманда, асахьақәа ранализ аҟаҵараз атехнологиа ҿыцқәа рыцхыраарала иаадырԥшит 20 инарзынаԥшуа Адгьыл аҟазшьақәа зманы иҟоу апланетақәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Апланетақәа Адгьыл еиԥшуп ҵакыралагьы. Ателескоп "Кеплер" акоманда, асахьақәа ранализ аҟаҵараз атехнологиа ҿыцқәа рыцхыраарала аҵарауаа ирзаадыртит аԥсҭазаара ахьалшо апланетақәа рыԥшаараз ауснагӡатәқәа рҳәаадара.

KOI-7923.01 —иахьазы Адгьыл иашьашәалоу планетаны ишьоуп. Иара аҵакыра ахышәа-ҵышәа Адгьыл аҵакыра ахышәа-ҵышәа иақәшәоит, Амра инеиҳау, еиҳагьы ашыра змоу аеҵәа иакәшоит, ашықәсртәара 400 уахи-ҽни иҟоуп.

Аҵарауаа ишырҳәо ала абри апланетаҿ аҳауа Адгьыл аҿы иҟоуи Марс аҿы иҟоуи ирыбжьаратәуп. Аҵарауаа ишырҳәо ала апланетаҿы аӡы ыҟазар, иарбанызаалак ԥырхагак ыҟам уаҟа аԥсҭазаара аҿиара аиурц азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0