Путини Трампи реиԥылара арыцхә шьақәырӷәӷәоуп

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ Владимир Путин и президент США Дональд Трамп (справа) во время беседы на полях саммита лидеров "Группы двадцати" G20 в Гамбурге.
Президент РФ Владимир Путин и президент США Дональд Трамп (справа) во время беседы на полях саммита лидеров Группы двадцати G20 в Гамбурге. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Америкеи рхадацәа реиԥылара мҩаԥысраны иҟоуп ахәаша, афорум "Азиа-Аокеанҭынчтәи аекономикатә усеицура" аҳәаақәа ирҭагӡаны.

АҞӘА, абҵара 9 — Sputnik. Урыстәылеи Америкеи рхадацәа реиԥылара мҩаԥысраны иҟоуп ахәаша, абҵаар 10 рзы, афорум "Азиа-Аокеанҭынчтәи аекономикатә усеицура" аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла Ахада ицхырааҩ Иури Ушаков иҟынтәи адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Уаанӡа Ушаков иҳәахьан атәылақәа рыҩба рхадацәа Виетнам имҩаԥысраны иҟоу АААУ асаммит иалахәхараны иҟоуп, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аиԥылара мҩаԥыргаргьы алшоит ҳәа.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Москва шазыхиоу хаз иго аиԥыларагьы.

Америка Ахада иакәзаргьы Урыстәыла Ахадеи иареи реиԥылара алшара мап ацәикуамызт. Уи инамадангьы аиԥылара аҵак ду аманы дахәаԥшуан.

Атәылақәа рыҩба рнапхгаҩцәа аҵыхәтәантәи реиԥылара мҩаԥысит ԥхынгәымзазы, Германиа, асаммит G20 амҩаԥысраан.

Асаммит мҩаԥгахоит ақалақь Дананг аҟны. Иара иалахәхоит Урыстәыла, США, Австралиа, Канада, Китаи, Аладатәи Кореиа уҳәа атәылақәа жәпакы рхадацәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0