Украина Апрокуратура хада Саакашвили ишьҭоуп

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМарш сторонников М. Саакашвили в Киеве
Марш сторонников М. Саакашвили в Киеве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Украина Апрокуратура хада Қырҭтәыла уаанӡатәи Ахада, Одессатәи аобласт уаанӡатәи агубернатор Михаил Саакашвили иаанкыларазы ишьҭоуп.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 — Sputnik. Қырҭтәыла уаанӡатәи Ахада, Одессатәи аобласт уаанӡатәи агубернатор Михаил Саакашвили иԥшааразы алаҳәара ҟарҵеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Украина апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ Лариса Сарган лажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Саакашвили ишьҭоуп. Ашьҭазаара амҩаԥгара рнапы иануп Амилаҭтә полициа аоперативтә ҟәшақәеи Украина Ашәарҭадаратә маҵзуреи", — ҳәа лыҩуеит Сарган Twitter аҟны, л-микроблог аҿы.

Саакашвили аҩашаҽны даанкылан, аха иара идгылаҩцәа азинхьчаратә органқәа мчыла дрымпыҵырхит. Уи ашьҭахь дара Саакашвили дрыманы Киев агәахьы икылсит, Украина Ахада Петр Порашенко аимпичминт идҟаҵало.

Апрокурор хада Иури Луценко аҳәамҭа ҟаиҵеит Саакашвили Киев имҩаԥиго акциақәа аԥара рзоурыжьуеит Украина уаанӡатәи Ахада Виктор Ианукович идгылаҩцәа, хаҭала абизнесмен Сергеи Курченко ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0