Шьамтәыла атеррористцәа рҟынтәи ахы иақәиҭтәуп

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМинистерство обороны России
Министерство обороны России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афедерациатә хеилак атәылахьчаразы аилак ахантәаҩы Виктор Бондарев аҳәамҭа ҟаиҵеит аамҭақәак Шьамтәылан азинеиҿкаара атәыла анапхгаратә мчрақәеи Урыстәылатәи ар имҩаԥыргалоит ҳәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 – Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аштаб хада аиҳабы, ар реинрал Валери Герасимов аҳәамҭа ҟаиҵеит Шьамтәыла иахьаҵанакуа зегьы "Аислам ҳәынҭқарра" ҳәа изышьҭоу атеррористтә еиҿкаараҟынтә ахы иақәиҭтәуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Герасимов иажәақәа рыла аинрал Сухела ири 5-тәи хатәгәаԥхаралатәи ажәыларатә корпуси апровинциа Деир-ез-Зор ахи-аҵыхәеи атеррористцәа рҟынтәи ахы иақәиҭыртәит.

Аиланхарҭатә ҭыԥқәа Салихиа, Ель-Хреита, Ель-Катиа, Мусалаха рҟны дара аладантәи ижәылоз аиҳабыратә ар рыҽрымардеит.

Герасимов иажәақәа рыла атеррористцәа рҿагылараз ажәыларатә планқәа шьақәзыргылаз урыстәылатәи арратә бжьагаҩцәа роуп. Уи адагьы иара ишиҳәаз ала ацхыраара ду ҟарҵеит акәырдцәа рхыхьчаратә отриадқәа.

Урыстәыла, шьамтәылатәи анапхгара иҟарҵаз аҳәарала, атеррористҿагыларатә операциақәа ирылагеит 2015 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0