Венесуела бжь-еҵәак змоу асасааирҭа дыргылоит

© REUTERS / Miraflores Palace/Handout via REUTERSВизит Мадуро в отель "Гумбольдт"
Визит Мадуро в отель Гумбольдт - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Николас Мадуро асассирҭа "Гумбольдт" ареконструкциа азуны иахьдыргыло аҭыԥ даҭааит иԥшәмаԥҳәыс дицны.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 8— Sputnik. Венесуела аҳҭнықалақь Каракаса лассы идыргылараны иҟоуп атәылаҿы зеиԥш уаанӡа иргыламыз асасааирҭа ҿыц. Иара уаанӡатәи асасааирҭа "Гумбольдт" еиҭарҿыцны идыргылоит. Уи ҳаамҭа иақәшәо, бжь-еҵәак рыстатус зауа акәны иҟалоит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Атәыла Ахада Иусбарҭа ахада Twitter аҟны Мадуро асасааирҭа ахьдыргыло Амилаҭтә парк Вараира-Репано ахь инеира афотосахьақәа аниҵеит.

Аргылара ахьымҩаԥысуаз аҭыԥ ааныжьны Мадурои иԥшәмаԥҳәыс Синтии Флореси асасааирҭа "Гумбольдт" иаԥну аресторан "1956" аҟны шьыбжьхьафара ҳәа итәеит. Атәыла Ахада ахыбра ареконструкциа азызуз аргылаҩцәа русура ахә ҳаракны ишьеит.

Асасааирҭа раԥхьатәи аҭааҩцәа аднакылеит 1956-шықәса рзы.

Иахьатәи аамҭазы Венесуела аекономикатә ҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп. Венесуела Амилаҭтә ассамблеиа аоппозициатә финанстә комиссиа аинформациала аинфлиациа 1300% ирхысхьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0