Евровидение-2017 аиааиҩы игәы аоперациа азыруит

© Sputnik / Виталий Залесский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПобедителем конкурса "Евровидение-2017" стал португалец Сальвадор Собрал
Победителем конкурса Евровидение-2017 стал португалец Сальвадор Собрал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Португалиатәи ашәаҳәаҩ Сальвадор Собрал цәыббрамза анҵәамҭазы ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Иара иконцертқәа зегьы ааникылеит, асценахь уаҳа дшымааиуазгьы аҳәамҭа ҟаиҵеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 — Sputnik. Сальвадор Собрал, аконкурс Евровидение-2017аиааиҩы игәы аоперациа азыруит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости португалиатәи ателерадиоеилахәыра RTP адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Португалиатәи ашәаҳәаҩ Сальвадор Собрал - Sputnik Аҧсны
Португалиа "Евровидение" мҩаԥысуеит 2018 шықәса рзы

Аоперациа мҩаԥысит ԥхынҷкәын 8 рзы. Амедикцәа ражәақәа рыла иара қәҿиарала имҩаԥысит, уажәшьҭа иаҭахны иҟоуп акраамҭатәи аиҭашьақәыргылара.

Португалиатәи ашәаҳәаҩ Сальвадор Собрал цәыббрамза анҵәамҭазы ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Иара иконцертқәа зегьы ааникылеит, асценахь уаҳа дшымааиуазгьы аҳәамҭа ҟаиҵеит.

Сальвадор Собрал, Португалиа ахьӡала дықәгылан ашәаҳәаратә конкурс Евровидение-2017 аҟны, Киеве. Артист инеигӡеит ашәа Amar Pelos Dois ("Любви хватит на двоих").

Ажәабжьқәа зегьы
0