Амотохысратәи атанктәи ҟәшақәа разыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

© © РИА Новости. Сергей ПятаковРоссийская военная база в городе Гудаута Республики Абхазия
Российская военная база в городе Гудаута Республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи арратә округ 500-ҩык инарзынаԥшуа аррамаҵзурауаа адәытә ҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны аполигон Нагвалоу аҟны амотохысратәи атанктәи ҟәшақәа разыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 12— Sputnik. Ахархәара рыҭан 22-миллиметра иҟоу агаубицақәа Д-30, 120-миллиметра иҟоу аминамиотқәа "Сани". Абри атәы ааицҳаит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафьев.

Российские военнослужащие ЮВО в Абхазии в ходе тренировки преодолели свыше 20 км зараженных участков местности - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла аладатәи арратә Округ аԥшыхәратә зыҟаҵарақәа мҩаҧнагеит

"Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа адәытә ҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны аполигон Нагвалоу аҟны аҵаратә зыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит. Аррамаҵзурауаа тревогала ршьапы иқәыргылан, аҽазыҟаҵаратә комплексқәа ирхыжьын. Аҵаратә зыҟаҵарақәа инарықәыршәаны Урыстәыла аруаа "аӷа икомандирцәа" ндырҵәеит", — иҳәеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафьев.

Арратә база амотохысыҩцәа рыхәҭа, ҳаамҭазтәи атанкқәа Т-72Б3-и аакәылӡы транспартиорқәа БТР-82А-и рыла 150-километра иҟаз амҩа иахысит апалигон "Ҵабал" аҟны. Уи адагьы урҭ еиуеиԥшым ахысрақәа мҩаԥыргоит РПГ-7, АК-74, БТР-82АМ, 120-миллиметра иҟоу аминамиотқәеи 122-миллиметра иҟоу артиллериатә гаубицақәеи егьырҭ абџьархкқәеи рыла", ҳәа аҳәоит Арратә округ апресс-маҵзура ашәҟәаҟны.

Иара убасгьы азшьақәа рырҭараны иҟоуп зхысра уадаҩу аҭыԥқәеи амҩақәеи рҟны арратә штаттә техника арныҟәцарази аԥшыхәрақәа рымҩаԥгарази.

Апресс-маҵзура аиҳабы Виктор Астафьев иажәақәа рыла аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 500-ҩык инарзынаԥшуа Урыстәылатәии Аԥснытәии аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан 100 инареиҳаны арратә техника, ҳаамҭазтәи акәылӡтәи техника БТР-82М, аԥшыхәратә машьынақәа "Дозор", аимадара амашьынақәа уҳәа абрахь иналаҵаны.

Служащие российской военной базы в городе Гудаута Республики Абхазия во время тактических учений - Sputnik Аҧсны
Аладатәи арратә oкруг арратә база 500-ҩык аруаа аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧыргоит

Акәылӡтәы машьынақәа МТ-ЛБВ, атанкқәа Т-90А аҽазыҟаҵарақәа рахь ииасаанӡа авертуалтә комплексқәа рҟны рҽазыҟарҵон. Аруаа еиуеиԥшым атактикақәа рҵоит.

Знысра уадаҩу аҭыԥқәа рҟны аԥынгылақәа ирхысуеит.

Аҽазыҟаҵарақәа ирыдыԥхьалоуп 500-ҩык рҟынӡа аруаа, 60 рҟынӡа арратә техника, ареактивтә система "Град", артиллериатә хысга "Акациа", акәылӡтәы машьынақәа СУ-100 ҳәа аҳәоит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Ажәабжьқәа зегьы
0