ХАМАС ахԥатәи интифада хнартит

© Sputnik / Issam Al-RimaviУчастники акции протеста в Палестине против решения о признании Иерусалима столицей Израиля
Участники акции протеста в Палестине против решения о признании Иерусалима столицей Израиля - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Палестинатәи интифада – палестинаа израильтәи аоккупациа иаҿагыланы рықәԥара хацыркын 1987 шықәса рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 — Sputnik. США Иерусалим Израиль иаҳҭнықалақьуп ҳәа аҳәамҭа аныҟанаҵа ашьҭахь ХАМАС ахԥатәи интифада хнартит ҳәа иҳәеит ХАМАС апресс-маӡаныҟәгаҩ Абдулатив Алкану. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ҳара ирылаҳҳәеит ахԥатәи аинтифада шааҳартыз. Ҳара США иадаҳҵоит рыӡбра мап ацәыркырц. Асектор Газ аҟны аинтифада аҳәаақәа ирҭагӡаны аҿагыларатә акциақәа мҩаԥысуеит", — иҳәеит иара.

Актәи палестинатәи интифада (1987 — 1991) — хацыркын 1967 шықәса рзы имҩаԥгаз Фымштәи аибашьра иахҟьаны. 2000 шықәса рзы иалагеит аҩбатәи интифада. Иара мзызс иаиуит Израиль Аԥыза-министр Ариель Шарон Ауахәама шьха иаҭаара.

Абарҭқәа рышьҭахь, иахьа уажәраанӡагьы аҭыԥ аҿы аимак ҭышәныртәаланы иҟамызт.

Ажәабжьқәа зегьы
0