Ассамблеиа хада АЕШ (США) аӡбра аднамкылеит

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдания генконсульств США
Здания генконсульств США - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адокумент азы рыбжьы рҭиит 128 тәыла, иаҿагыло иқәгылеит 9 тәылак, абжьыҭира рҽацәхьаркит 35 тәыла.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 — Sputnik. ООН Ассамблеиа хада иаднакылеит арезолиуциа Иерусалим астатус аԥсахразы США иҟанаҵаз аӡбра иашам ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Арезолиуциа адгылара арымҭеит: США, Израиль, Гондурас, Гватемала, Микронезиа, Маршаллтәи адгьылбжьахақәа, Науру, Палау, Того.

Уаанӡа Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵахьан США, арезолиуциа адгылара азҭо атәылақәа афинанстә цхыраара рыҭара иаҟәыҵуеит ҳәа.

Сотрудник полиции США, архивное фот - Sputnik Аҧсны
АЕШ (США) амҵәышәымпылтә дәаҟны ахаҵа ахысра далагеит

Ирыдыркылаз адокумент инақәыршәаны Иерусалим астатус аԥсахра иазырхоу иарбанызаалак аӡбрақәа азинтә шьаҭа рыманы иԥхьаӡам, урҭ аԥыхтәуп ҳәа иазыԥхьаӡоуп.

Арезолиуциаҿы иара убасгьы иарбан иарбанызаалак аҳәынҭқарра ООН Ашәарҭадаратә хеилак арезолиуциақәа ирывганы аӡбра рыдыркылар ҟалом ҳәа.

Трамп, ԥхынҷкәын алагамҭазы аҳәамҭа ҟаиҵеит Израиль иаҳҭнықалақьны иишьоу Иерусалим ауп, атәыла Ацҳаражәҳәарҭагьы уахь ииагатәуп ҳәа.

Абри аҳәамҭа адгылара азҭаз Израиль заҵәык ауп. Иара убри аан палестинеи егьырҭ адунеи аҳәынҭқаррақәа жәпаки уи иашам ҳәа иаҿагылеит.

Израиль Иерусалим иара иахатәу, зеиҟәшара ҟамло ҳҭнықалақьны иашьоит. Арахь иаҵанакуеит 1967 шықәса рзы, арабцәеи израильааи реибашьраан Иорданиа иаҟәырҟьаз мрагыларатәи ахәҭақәагьы.

Адунеи аҟны иазырыԥхьаӡоит Иерусалим астатус зыӡбра уадаҩу проблеманы, убри инадҳәаланы аҳәаанырцәтәи ацҳаражәҳәарҭақәа Тель-Авив иаадыртуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0