Андреи Стенин ихьӡ зху аиндаҭларахь арзаҳалқәа рыдыркылоит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие выставки "…чтобы знали"
Открытие выставки …чтобы знали - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз, 2014 шықәса рзы Донбасс иҭахаз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистиказ Жәларбжьаратәи аиндаҭларахь ԥшьынтәуп сынтәа арзаҳалқәа рыдыркыло иалагеижьҭеи.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 — Sputnik. Сынтәа, Андреи Стенин имшира аҽны ихацыркхеит арзаҳалқәа рыдкылара аусмҩаԥгатә. Афотоҭыхыҩцәа қәыԥшцәа ртәыла аԥшӡара, аԥсабара, ақалақьтәи ақыҭатәи пеизажқәа, ауааԥсыра рыԥсҭазаарақәа аадырԥшуеит рҭыхымҭақәа рыла. Аиндаҭлара рылахәразы азыҳәақәа рыдкылашьа атәы арбоуп асаит stenincontest.ru аҟны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Вывеска МИА Россия сегодня - Sputnik Аҧсны
Афотоҭыхыҩцәа ҿарацәа реиндаҭлара

Аиндаҭлара иалахәхар рылшоит 18 шықәса инаркны 33 шықәса рҟынӡа зхыҵуа. Иара иахықәкы хаданы иҟоуп афотоҭыхыҩцәа қәыԥшцәа ацхыраара рыҭара. Аиндаҭларахь аусумҭақәа рыдыркылоит аноминациақәа ԥшьба рыла: "Моя планета", "Портрет. Герой нашего времени", "Главные новости" и "Спорт". Абжьыҭира аихшьаалақәа рыла иҳәаақәҵахоит номинациацыԥхьаӡа рҟны хԥа-хԥа ҭыԥ, иара убасгьы алкаара ҷыда "гран-при". "Гран-при" иартәоит 700 000 мааҭ, реиҳа аинтерес зҵоу аусумҭа ианашьахоит.

Арзаҳалқәа рыдыркылалоит 2018 шықәса жәабранмзанӡа.

Аконкурс аԥыжәаратә фонд 2018 шықәса рзы ҩынтәны еиҳахоит. Уажәы иара иартәоит: 100, 75, 50 нызқь мааҭ актәи, аҩбатәи, ахԥатәи аҭыԥқәа рзы.

Аконкурс акуратор Оксана Олеиник илҳәеит, ари аиндаҭлара даара ибзиоуп ахы аарԥшразы, хә-континентк рҟынтәи афотоҭыхыҩцәа рацлабра. Алахәылацәа алшара рымоуп аизҳаразы ҳәа.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлара хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра. Аиндаҭлара – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп.

Андрей Стенин. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
"Россия сегодня" иҭнажьит Андреи Стенин ифотоальбом "Зона конфликта"

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлара 2018 шықәса рзы имҩаԥысуит урыстәылатәии жәларбжьаратәии АИХ (СМИ), аинформациатә маҵзурақәеи афотоеилазаарақәеи рыдгыларала. Аиндаҭлара информациатә партниор хаданы иҟан: урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә канал "Россия-Культура", аинформациа-жәабыжьтә портал KP.ru, аинформациатә портал ЖурДом, апортал Russian Photo.

Аконкурс жәларбжьаратә информациатә партниор хаданы иҟан: аинформациатә маҵзура Askanews, аинформациатә маҵзура EFE, амедиахолдинг Independent Media, аинформациатә маҵзура Notimex, ателеканал, апортал RT, The Royal Photographic Society, Shanghai United Media Group (SUMG).

Аусхкытә информациатә партнерцәа рыҳасабала аиндаҭлара иадгылеит: Урыстәыла афотожурналистцәа рхеидкыла, Москватәи ажурналистцәа рхеидкыла, Аҿари астудентцәеи АИХ рхеидкыла,Академия Фотографии, амаҵзура ГеоФото, апортал Photo-study.ru, аинформациатә портал YOung JOurnalists, афестиваль "Фотопарад в Угличе".

Ажәабжьқәа зегьы
0