Ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат ахьӡала апроект ҷыда хацыркуп

© Sputnik / Vladimir Pesnya / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКубок чемпионата мира по футболу на официальной жеребьевке чемпионата мира по футболу 2018
Кубок чемпионата мира по футболу на официальной жеребьевке чемпионата мира по футболу 2018 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аиинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik аусура иаланаргеит Урыстәыла имҩаԥысраны иҟоу ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат иазырхоу апроект ҷыда FIFA-2018.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 — Sputnik. Sputnik апроект ҷыдаҟны ашьапылампыл абзиабаҩцәа рзы еизгахоит инарҭбаау аинформациа ачемпионат иазкны. Еиҭаҳәахоит иарбан қалақьқәоу ачемпионат здызкыло, амилаҭтә командақәа рҭоурыхқәа еиҭаҳәахоит.

Фигура официального талисмана чемпионата мира по футболу 2018 и Кубка конфедераций 2017 волка Забиваки в Казани - Sputnik Аҧсны
Ашьапылампыл азы ачемпионат ахь абилеҭқәа рыҭира иалагеит

"Гид болельщика" иалнаршоит аԥхьаҩ иарбанызаалак зинтерес имоу изҵаарақәа рҭак аиура: ачемпионат аан Урыстәылаҟа ацаразы авиза аҭаху иаҭахыму, ачемпионат аан иарбан ԥҟарақәоу изықәныҟәатәу, адгылаҩ ипаспорт шеиҿкаатәу, ахәмаррақәа рыхәаԥшразы абилеҭқәа ахьаахәатәу уҳәа реиԥш иҟақәоу.

Ачемпионат асасцәа рзы еиҭаҳәахоит ақалақьқәа-адкылаҩцәа рҭоурых иадҳәалоу аинформациа ҭбаа. "Стадионы" аҟәшаҿы аԥхьаҩ илшоит имҩаԥигарц авертуалтә тур ахәмаррақәа мҩаԥысраны иахьыҟоу аренақәа рбаразы, ахәмаррақәа ррыцхәқәа рсианҵа абара.

Ардыргатә материалқәа рыдагьы Sputnik апроект аԥхьаҩцәа ирыднагалоит ачемпионат амҩаԥысшьа абара афотолентақәеи авидиоедкылақәеи рырбарала. Апроект аинформациа есыҽны идырҿыцуеит.

Урыстәыла Адунеи ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп 2018 шықәса рашәарамза 14 инаркны ԥхынгәы 15 рҟынӡа. Ахәмаррақәа мҩаԥгахоит 11 қалақь рҟны.

Ачемпионат аиҿкааҩцәа-қалақьқәаны иҟоуп: Волгоград, Екатеринбург, Казань, Калининград, Москва, Нижни Новгород, Ростов-на-Дону, Самара, Санкт-Петербург, Саранск,Шәача.

Sputnik (sputniknews.com) – Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik атәылақәа жәпакы рҟны амультимедиатә хабқәа амоуп.

Sputnik асаитқәа аус руеит 30 рҟынӡа бызшәа рыла. Ажәабжьтә лентақәа ракәзар, англыз, араб, акитаи, аиспан бызшәақәа рыла уахи-ҽни иҭыҵуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0