Сергеи Лаврови Мевлиут Чавушоглыи Идлиб иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит

© SputnikФлаги России и Турции
Флаги России и Турции - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Шьамтәыла амчра аррамаҵзурауаа атеррористцәа ирҿагыланы ақәԥара ҿыҵгас иҟаҵаны аоппозициа ржәылара мҩаԥыргоит ҳәа агәаанагара ыҟоуп.

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 янв — Sputnik. Сергеи Лаврови Мевлиут Чавушоглыи Идлиб иҟоу аҭагылазаашьа атәы еибырҳәеит ҭелла реицәажәараан. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Уаанӡа иҟаз адыррақәа рыла Ҭырқәтәыла Ахада Таиип Ердогани Урыстәыла Ахада Владимир Путини ҭелла реицәажәараан Таиип Ердоган Идлиби Мрагыларатәи Гутеи имҩаԥысуа амчра аррамаҵзурауаа ржәыларақәа аанкылатәуп ҳәа иҳәеит.

Иара убасгьы Ҭырқәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ахыҵхырҭа адырраҭарақәа рыла аминистррахь инаԥхьан Урыстәылеи Ирани рыцҳаражәҳәаҩцәа. Ҭырқәтәыла адипломатцәа рахь аҳәара ҟанаҵеит шьамтәылатәи анапхгара аҳәаа аилагара иаҟәыҵырц азы ааԥхьара рырҭарц.

Архивное фото взрывного устройства - Sputnik Аҧсны
Хмеимими Тартуси абазақәа рҟны атеррористцәа ржәыларақәа аԥырҟәҟәаауп

Уаанӡа Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иҟанаҵаз адырраҭарала ажьырныҳәа 6 азы Урыстәылатәи авиабаза "Хмеймими" Тартус иҟоу аматериал-техникатә еиқәыршәара апункти атеррористцәа ржәылара аԥырҟәҟәаан.

Аԥрыгатә аппаратқәа азенит-ракетатә комплексқәа "Панцирь-С" ахархәарала иҭархан. Иҟан идыртәазгьы. Идыртәаз аппаратқәа ртехникатә експертиза иаанарԥшит атеррористцәа ишрымоу алшара 100 километрак ахьыбжьоу аҟынтәи ажәылара.

Шьамтәыла иҟоу аобиектқәа адронқәа рыла рыжәлара рылшон аспутниктә новигациатә технологиа ҳарак змоу атәылақәа. Аԥрыгатә аппаратқәа зегьы абиометриатә дырраҟаҵагақәа рықәгылан. Атеррористцәа ржәылара урыстәылатәи арратә базақәа аматериалтә ԥхасҭа рнамҭеит, аруаа рҟынтәгьы ааха зауз дыҟам. Иазыԥхьаӡоуп аԥрыгақәа Идлиб иахьаҵанакуа иҟоу аоппозициаа ртәарҭақәа рҟынтәи ауп иахьынашьҭыз ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0