2017 шықәсазы иреиӷьыз афильм ахьӡ ҳәоуп

© КиноПоиск Кадр из фильма "Форма воды"
Кадр из фильма Форма воды - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акиносахьа "Форма воды" иаразнакы ҩ-номинациак рҿы аԥыжәара арҭеит: ашықәс иреиӷьу афильми иоригиналу саундтреки рҟны.

АҞӘА, ажьырныҳәа 22— Sputnik. США апродиусерцәа ргильдиа агәаанагарала Гильермо дель Торо икиносахьа "Форма воды" (The Shape of Water) алкаауп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Премия Золотой глобус - Sputnik Аҧсны
"Золотой глобус" аноминациақәа рҟны иалкаахаз зегьы рылаҳәоуп

Аԥхьахә азы иқәгылан иара убасгьы абарҭ акиносахьақәа: "Дюнкерк" Кристофер Нолан; "Леди Берд" Грета Гервиг; "Три билборда на границе Эббинга, Миссури" Мартина Макдона уҳәа егьырҭгьы.

Дель Торо иреиӷьу арежиссуразы ианаршьахьан уаанӡагьы "Ахьтәы глобус". Акиносахьа зынӡа иааизакны ианашьахеит аноминациақәа ааба, аԥхьахәқәа ҩба.

Акомпозитор Александр Депла иара убасгьы ианашьан аԥхьахә, иоригиналу саундтрек азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0