Аргентина Ахада официалтә визитла Урыстәыла даҭааит

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрилет президента Аргентины М. Макри в Москву
Прилет президента Аргентины М. Макри в Москву - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва, Урыстәылеи Аргентинеи рхадацәа алацәажәараны иҟоуп аҳәынҭқаррақәа аҩба рыбжьара аполитикатәи, ахәаахәҭра-економикатәи, акультура-гуманитартәи усхкқәа рҟны рстратегиатә еилахәыра азҵаарақәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 23— Sputnik. Маурисио Макри Урыстәыла даҭааит ашәахьа, ажьырныҳәа 22 рзы. Аҳаиртә баӷәазаҟны иара иԥылеит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Риабков, Аргентина иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Виктор Коронелли, Урыстәыла иҟоу Аргентина Ацҳаражәҳәаҩ Рикардо Лагорио.

Аҩашаҽны Аргентина Ахада шьыжьхьа рыцифуеит урыстәылатәи абизнес ахаҭарнакцәа, даҭаауеит Идырым асолдаҭ ибаҟа. Абри ашьҭахь Урыстәыла Ахада Владимир Путини иареи аиԥылара рымоуп.

Уаанӡа Кремль апресс-маҵзура ишаанацҳаз ала Урыстәылеи Аргентинеи рхадацәа алацәажәараны иҟоуп аҳәынҭқаррақәа аҩба рыбжьара аполитикатәи, ахәаахәҭра-економикатәи, акультура-гуманитартәи усхкқәа рҟны рстратегиатә еилахәыра азҵаарақәа, ргәаанагарақәа еибырҳәоит жәларбжьаратәи ахҭысқәа рзы.

Иазыԥшуп аиԥылара ашьҭахь аҳәамҭа еицыҟарҵоит ҳәа.

Аиԥылара иалахәхоит: Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров, атәыла Ахада ицхырааҩ Иури Ушаков, Россельхознадзор аиҳабы Сергеи Данкверт, Аргентина Адәныҟатәи аусқәа рминистр Хорхе Фори, астратегиатә зҵаарақәа рзы амаӡаныҟәгаҩ Фульвио Помпео, Урыстәыла иҟоу Аргентина Ацҳаражәҳәаҩ Рикардо Лагорио.

Аргентина ахадацәа Урыстәыла иаҭаахьан: 1986 (Рауль Альфонсин), 1990, 1998 (Карлос Менем), 2008, 2015 (Кристина Фернандес де Киршнер).

Ажәабжьқәа зегьы
0