Аҭоурыхҭҵааҩ Ҟаитан: Аԥсуа баагәара амаӡақәа аанартуеит

© Sputnik Томас ТхайцукАбхазская Стена.
Абхазская Стена. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа баагәара ахәҭақәак рҟны имҩаԥгаз аҵыхәтәантәи археологиатә ԥшаарақәа ирылҵшәаны иалшоит абаагәара заатәи абжьарашәышықәсақәа раан иргылан ҳәа аҳәара.

АҞӘА, ԥхынгәы 21, Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Еицырдыруа Аԥсуа баагәара аҵарауаа иҭырҵаауеижьҭеи шәышықәса инареиҳауп, аха иахьа уажәраанӡагьы иара иҳазцәырнаго азҵаарақәа зегь инагӡаны рҭак ҟаҵам, уаҩы издырам абасеиԥш иҟоу аргылара заԥшьгаз, иныҭкааны иҳаздырам иандыргылазгьы, иҳәеит агентра Sputnik аинтервиу аҭо Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи аминистрра азанааҭуаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Шандор Ҟаитан.

"Сгәы иаанагоит арҭ зегь зыдҳәало араҟа инарҭбаау археологиатә ԥшаарақәа ахаангьы иахьымҩаԥырымгацыз ауп ҳәа. Ус акәымзар, абаагәара амаӡақәа уажәшьҭа иҭҵааны, азҵаарақәагьы рҭакқәа ҳаухьазаарын", — азгәеиҭеит Ҟаитан.

Аҭоурыхҭҵааҩ ишазгәеиҭаз ала Аԥсуа баагәара аҭҵаара ахыҵхырҭаҟны дгылан XIX ашәышықәсазтәи афранцыз ныҟәаҩ Франсуа Диубуа де Монпере, XX ашәышықәса алагамҭаз аҟәарчқәа руак аҟны археологиатә ԥшаарақәа хациркит археолог Миллер.

"Миллер аԥшаарақәа мҩаԥигон амшын иаԥну аҭӡы аҟәарч аҟны. Иара, ахԥатәи аҟәарч еиԥш егьырҭ аҟәарчқәа ирылукаауеит – егьырҭ зегьы ԥшьы-ԥшьыркцак рыманы иҟазар, рганқәа хыргьыжьааны иҟаҵазар, арҭ аҩба – еиҵыхуп, икәакьиашаны иҟоуп", — еиҭеиҳәеит Ҟаитан.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит 2013-2014шш. рзы иҿыцӡоу аҭҵаарақәа шымҩаԥыргаз аԥсуа археологцәа, 2010 шықәса рзы аԥсуа-аурыс проект аҳәаақәа ирҭагӡаны ажрақәа мҩаԥыргеит Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа ринститути РАН археологиа аинститути рҵарауаа.

"Аԥсуа баагәара, аҭоурых-культуратә ҭынхақәа рыгәҭа еиҳа хәы змоу обиектны асиаҟны ишарбоугьы, ианыргылаз арыцхәқәа ахьеилкаам иахҟьаны иахьа уажәраанӡагьы ахатә паспорт амам. Абарҭ зегьы азыԥхьагәаҭаноуп 2013 шықәса рзы археологиатә жрақәа ҳазрылагаз", — еиҭеиҳәон Ҟаитан.

Аԥсуа баагәара аргылара инамаданы иҟоуп еиуеиԥшым аверсиақәа: антикатәи – уи инақәыршәаны, аҭӡы ажәытәтәи абырзенцәа идыргылеит ҳәа ишьоуп; византиатәи –ари аверсиала иазшьоуп аҭӡы аимператор Иустиниан ихаан иеиқәҵан ҳәа; персиатәи- VI ашәышықәсазы аперсцәа идыргылеит ҳәа зыԥхьаӡо.

Ҵарауаак, Иури Вороновгьы абрахь дналаҵаны, агәаанагара рыман аҭӡы XVII ашәышықәсазоуп ианыргылаз ҳәа. Ааигәанӡа ари атеориа еиҳа аԥыжәара аманы иҟан, аха аҵыхәтәантәи аԥсуа археологцәа рыԥшаарақәа иалдыршоит аҭӡы заатәи абжьарашәышықәсақәа рзы иргылан ҳәа аҳәара.

"Ҽыҭ-ҽыҭла, ҿысҭыла иаарԥшны игәаҳҭоз аматериалқәа иаадырԥшит VI — X ашәышықәсақәа ирыҵаркуаз артефактқәа. Аарԥшрақәа ҵаҟатәи аҿысҭы VI- VII ашәышықәсақәа, хыхьтәи аҿысҭы VIII – ашәышықәсақәа ирыҵаркуан. Ихадоу азҵаара – аҭӡы зыргылада? Макьаназы уи аҭак ҳамам. Изыргылазаалакгьы, аҭыԥантәи ауааԥсыра аламырхәыкәа идмыргылаӡеит. Иҟалап дара ракәзар ихадоу аҭыԥ аанызкылозгьы. Ҳара иахьазы аҭӡы ахәҭак ауп иҭаҳҵаауаз, сгәы иаанагоит аҭакқәа зегьы инарҭбааны, ԥхьаҟатәи аҭҵаарақәа иҳарҭап ҳәа", — азгәеиҭеит иара.

Ҟаитан ишазгәеиҭаз ала, Персиатәи аверсиеи Агафи Миринеитәии Прокопии Кесаритәи авторцәас измаз, VI ашәышықәсазтәи аҩыратә хыҵхырҭақәеи ахраналогиатә еивыгарақәа рымоуп.

Иара иажәақәа рыла жәларбжьаратәи аԥсуа-аурыс експедициа алкаақәагьы абри аверсиа шьақәдырӷәӷәоит. Аиларҭәа ахимиатә анализ абжьаратәи ашәышықәсақәа рверсиа иадгылоит – иҳәеит Ҟаитан.

"Анализ актәи агәыԥ иаанарԥшит аилашьых аҟны акьыр ахәҭа еиҳа аԥыжәара шамоу. Ари аҩыза атрадициақәа антикахьшәатәи атрадициақәа ирыцызҵо ракәны иҟоуп. Нас, аилашьых аҟны аԥслымӡи абӷанҷи иубартә еиԥш еиҳахо иалагеит", — азгәеиҭеит Ҟаитан.

Илкаақәа иашоуп ҳәа ҳзырзымҳәозаргьы Иури Воронов Аԥсуа баагәара аҭҵаара акыр иџььабаа адуп, иара иаарԥшрақәа иахьагьы аҵарауаа рхы иадырхәоит.

Аԥсуа баагәара (Кьылашәыртәи) аура 160 километра иҟоуп. Аргылара иалагоит Кьылашәыр аӡиас ахыҵхырҭаҟны, инаӡоит Игры аӡиас аҟынӡа.

© РИА Новости, Аврора/Петр РомановАбхазская стена.
Абхазская стена. - Sputnik Аҧсны
Абхазская стена.

Ажәабжьқәа зегьы
0