Симонови Таривердиеви зааигәа итәалоз агава шәҭуеит

© Sputnik Владимир БегуновАгава.
Агава. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амшын еиқәа аҿықә аҟны лассы-лассы иуԥыло агава америкатәи аконтинент иатәуп шьҭрала. Ҩеижәижәаба шықәса анахыҵуа аламҭалазы знык ишәҭуеит.

Владимир Бегунов, Sputnik

Агава анышәҭ ашьҭахь иԥсуеит. Ашәҭра – аҵыхәтәантәи ашәоуп иаразы. Ҳара амҩа ҳақәлеит ари аҩыза лассы-лассы иуԥымло ахҭыс ссир абаразы.

Ҳамҩа анҵәамҭаҟны аҩн ду агәашәаҿ даҳԥылоит аԥшәма, Алексеи Вартикиан. Иара ԥшьынҩажәа шықәса шихыҵуагьы иқәра иумҭартә дыҟоуп.

"Шәаргьы ҳ-агава аинтерес кны шәаама? – дҵаауеит аԥшәма. – Шәааи аҩныҟа, — днаҳаԥызоит. – Саргьы ахааназ исымбацызт. Аботаникатә баҳчаҟынтәи аҭел иасуан, ҳнеиуеит рҳәеит".

Гочуа имҩаҟны игылоу аҩны уаанӡа ҳазҭоу аԥшәма иашьа итәын.

"Сашьа Карапет, аколхоз аҟны аус шиуазгьы ареспубликаҟны дырдыруан ииаӡоз агәилшәҭқәа рыла. 80-тәи ашықәсқәа раан абыржә ижәбо ашҭа атәылаҟны реиҳа иԥшӡоу ҳәа ахьӡ иаԥсахеит", — иҳәоит Алексеи Вартикиан.

Алексеи иажәақәа рыла ара ишәҭуан 930 рҟынӡа гәилшәҭы хкы. Урҭ рҟынтәи хԥа иара Карапет иоуп игәылызгаз.

"Ауаа рацәаны иҭаалон. Арахь иааихьан Константин Симонови Микаел Таривердиеви".

© Sputnik Владимир БегуновАгава.
Агава. - Sputnik Аҧсны
Агава.

50 шықәса зхыҵуа агава иаалырҟьан аизҳара ишалагаз аԥхьаҵәҟьа изгәамҭеит Алексеи.

"Мызкҟа уажә аԥхьа ҩаха-ҩымш рыла хә-метрак инаӡоз агәыцә аунашьҭит. Сара ауҭраҟны амжәа сыҟәшәон, абри астолб абаанагеи ҳәа снахәаԥшит", — еиҭеиҳәоит Алексеи.

Уажәы агәыцә еиҳагьы еиҳауп. Быжь-метрак рҟынӡа инаӡоит. Ашәҭра иалагеит.

Аԥсны анаукақәа ракадемиа аинститут аусзуҩ, апрофессор Сергеи Бебиа иаҳзеиҭеиҳәоит: "Амшын Еиқәа иахьаԥну еиҳарак иуԥыло америкатәи агавоуп. Ҩеижәижәаба шықәса рҟынӡа ннаҵуеит. Ианиасуа аламҭалазы агәыцә азҳауеит, ашәҭра иалагоит. Уи ашьҭахь аҵиаа ԥсуеит. Аботаникатә баҳчаҟны абас х-хҭыск ҟалахьеит".

Ҳазҭоу аԥшәма дԥырҩын. Иара иаҳзеиҭеиҳәеит 1985 шықәса рзы анемец делегациа шиҭааз. Аха урҭ раԥхьа изнеиз амаҵзура ҷыдақәа русзуҩцәа роуп.

"Аерофлот аганахьала аԥышәа аимдаразы ҳара Германиа ҳцахьан. Уажәы дара арахь иаҳзаауан. Аресторан аҟны акәымкәа аҩны иҳадаҳкыларц ҳаӡбеит. Дара арахь рааира аԥхьа усҟантәи КГБ аҟынтәи аҷкәынцәа ааины иҟаз-ианыз баны ицеит", — иҳәоит Алексеи Вартикиан.

Карапет Вартикян иԥсҭазаара далҵхьеит. Иҟам уажәазы уи ииааӡоз агәилшәҭқәагьы. Акызаҵәык, агава аепоха дуқәа ниасны ишцо еиԥш иаӡбеит абас, шәҭрыла иниасны ицарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0