Кәарҷиа: зегьы иреиҳау - аелектронтә напхгара аԥҵароуп

© Sputnik Томас ТхайцукАҟәа ақалақь Ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа
Аҟәа ақалақь Ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳҭнықалақь Ахадара асаит аиҭарҿыцра атәы далацәажәеит Аҟәа ақалақь Ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа.

АҞӘА, нанҳәамза 1 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аҳҭнықалақь Ахадара асаит аиҭарҿыцра атәы далацәажәеит Аҟәа ақалақь Ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа. Ари раԥхьатәи шьаҿоуп, иаԥҵатәуп аелектронтә напхгара асистема, иҳәеит иара.

"Ҳара иаҳҭахуп аҳәынҭқарратә маҵзурақәа релектронтә портал аԥҵара, ҳсаит ахархәарала ауааԥсыра рдокументқәа иахьырҭаху иаларгалартә еиԥш. Аԥхьаҟазы уи амаҵзура аҽарҭбаароуп, аусбарҭабжьаратә еиныррагьы аелектронтә форма аиуртә еиԥш", — иҳәеит Кәарҷиа.

Асаит иаҭаауа ирымоуп алшара ақалақь Ахадара аилазаара, Ахадара анапаҵаҟатәи анаплакқәа, анапхгара уҳәа рдырра. Иаҭахызар урҭ рыҽрымардаргьы алшоит. Иара убасгьы асаит адаҟьақәа рҟны иуоур алшоит иуҭаху аинформациа. Уи адагьы ақалақь асасцәа рзы араҟа иҟоуп ақалақь аҭоурых, аҭыԥ ԥшӡаррақәа.

"Асаит аԥҵоижьҭеи акыр ҵуеит, аха иара ҳаамҭазтәи аҭахрақәа ирықәшәо иҟам. Убри азы ҳара иара еиҭаҳарҿыцит. Макьаназ исызҳәом аусурақәа зегь хыркәшоуп ҳәа, аха раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟаҵоуп", — иҳәеит Кәарҷиа.

Асаит аҟны иҟоуп аҟәшақәа "Акрызҵазкуа адокументқәа", "Иактиву ақалақьуаҩ", "Шьҭахьтәи аимадара", "Аинвестициатә паспорт" уҳәа иҵегьы.

Асаит адрес – Sukhumcity.ru.

Асаит аус аулоит урысшәала, аԥсышәала, англыз бызшәала. Аԥсуа версиа азырхиоуп. Аамҭақәак рышьҭахь аусура иалагоит англыз версиагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0