Ашьакаҭәара аҵакы аԥсуа традицаҟны, мамзаргьы шьала иҿыхыу

© Sputnik / Анжелика БенияАрахәааӡаҩцәа шьхацан. Архивтә фото
Арахәааӡаҩцәа шьхацан. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәытә-натә аахыс аԥсуаа ҳҿы ашьакаҭәара атрадициа шаауа, ҵакысгьы иамоу дазааҭгылеит афольклорист, Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Хаҵак акыр аамҭа хшара диоуамызт. Диҳәеит Анцәа, ахшара диоуазар, иара зыӡбахә иҳәо ӡатәс ишыҟаиҵо. Ицеит аамҭа. Ахаҵа аҧа диоуит, дызҳаит, ани ииҳәахьаз ажәагьы ихашҭхьан. Арҧыс дышәхьан еиҧш, Анцәа ҧхыӡла ари ауаҩ дизааит: "Угәалашәо уҿаҭахьа? Зегь иреиӷьаушьо ӡатәс иҟауҵароуп" ҳәа. Иҟаиҵози, ихы имгәахьха иҷкәын диман хәык аҿы днеит, зегь иреиӷьаишьоз ҳәа имаз уи иакәын. Иаҳәызба ааҭиган, иҷкәын ихәда ианнаҵаик, Анцәа ауаса изааишьҭит далаҿихразы. Ирҳәоит убри нахыс, ауаса шьтәас иршьуа иалагеит ҳәа, еиуеиҧшым аныҳәарақәа раангьы уи агәыи агәаҵәеи адырбоит.

Праздник Ацуныҳәа провели в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны
Аԥылгды, амаха, ахыбжа: аԥсуа исасдкылараҿы ашьтәа ззыршьо рзы жәақәак

Ашьакаҭәара аҵакы акырӡа иҵаулоуп, аҭоурых дуӡӡагь амоуп. Ашьакаҭәарала ауаҩы дызмадоу аҧсабареи иареи, уи анцәахәқәеи иареи рыбжьара "аилибакаара" шьақәиргылоит, "ихы ҿихуеит". Аҧсреи аиҭаҿиареи абеиареи реихылҿиаара анубаалоит ашәарыцара ақьабзқәа рҟынгьы. Иаҳҳәап, ашәарыцаҩ даныбназо "Зыҧсра аахьоу узыҧшуп!" ҳәа иарҳәоит. Ашәарыцаҩ иишьуа ашәарах Ажәеиҧшьаа иҧҳацәа аҧсы ҭарҵоит, нас ҿыц еиҭаиқәдыршәахуеит. Ажәеиҧшьаа иҧҳа илгәаҧхаз ашәарыцаҩ еснагь аманшәалара ицуп, шәарахла деиқәшәоит. Мамзаргьы, аӡы аҳкәажә дыкны дызмаз рыҩны аҟынтәи данцо аҩнаҭа ахәыҷы ақәаб азна ахш ахьеилашуа длалажьны, дышьны дцоит – аҧсрала ҿыц аиҭаҿиара (ахш – абеиара, мамзаргьы ақәа алеира, адгьыл иалаланы ҿыц ашьҭыҵра иатәуп). Убас еиҧш ашьакаҭәарагьы ҿыц аизҳара аазго акакәны иҟоуп.

Иара ашьакаҭәара мҩаҧызго аныхаҧааҩ иоуп уи азы иалху аҭыҧ аҟны, мамзаргьы жәлантәык реиҳабы, аныҳәаҩ ҳәа иалхны иҟоу аӡәы. Ашьакаҭәараан хадара ауеит ашьтәа аиҿыхшьа. Араҟа асимволтә ҵакы аманы иҟоуп адунеи ашьақәгылашьа амотивқәа рыла иара аиҿыхрагьы (иаҳҳәап: амра – ахы, амза – агәышҧы уб.иҵ.) Ашьакаҭәара мҩаҧыргоит аиҳарак акалендартә ныҳәарақәа раан. Иҧшьоу шьтәаны иҧхьаӡоуп хәыц еиқәаҵәа злам аџьма, ауаса.

Охота - Sputnik Аҧсны
Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа дшышәииз: ашәарыцара иазку жәлар рҳәамҭақәак

Ҳәамҭақәак ирҳәоит, иҟан ацә (ацә шкәакәа) ззааиуаз аныха ҳәа. Ацә шкәакәа Аҧснытәи амшын ҿықәыи иара Аҧсынреи зыхьчоз ныхан ирыҧхьаӡон, ицәы-мшуп ҳәа иазыршьон. Ари аҟынтәи иаауазар ҟалап, ақәыларақәа, аибашьрақәа раан ҧызас-ҧхьагылас иҟаз ауаҩы ацәмыш ҳәа ахьизырҳәоз (ажәа "ацәмыш" ахархәара амоуп "абна бызшәа" аҟынгьы – ашәарыцаҩцәа реиҳабы ацәмыш ҳәа иарҳәон).

Ҳа ҳҟынӡа иааз атерминқәа иреиуоуп иара убас, "амцахара". Шалуа Инал-иҧа ишиҩуа ала, "амцахара" – "амца ахқәа" аанагоит, абшьҭрак (хәышҭаарак) иатәу, аха еиҿыҵыз ауаа роуп. Ари ажәа ахархәара аман аибашьрақәа рҿы архәҭақәа анеиҿыркаауаз. Иаҳҳәап, хаз-хазы зыҽшаны игылаз архәҭақәа рзы "мцахара-мцахарала еилыҵны игылоуп" рҳәон. Аныҳәарақәа раан акәзар, аныҳәаҩ иажәа иалан абас еиҧш иҟаз аныҳәара: "Умцахара Анцәа иазирҳааит!". (Даҽакала иаҳҳәозар, "Ушьҭра (уабшьҭра) мыӡааит!".)

Ашьакаҭәарала ауаҩы иҧсы ҿихуеит, игәнаҳарақәа ихихуеит, аҧхьаҟатәи иҧсҭазаара аиӷьтәразгьы Анцәа диҳәоит. Иҟан ажәытәӡатәи аамҭақәак аҳцәа аныршьуаз, мамзаргьы жәлантәык реиҳаб дук – ус еиҧш ҟауҵар, адгьыл еиҳагьы ибеиахоит ҳәа иҧхьаӡан. Мамзаргьы аӡы ахақәиҭразы дарҭон аӡӷаб (аҳәамҭақәа рҿы агәылшьаҧ иагоз аӡӷаб).

Зосим Амԥар - Sputnik Аҧсны
"Агныҳәа": аижәлантәқәа Амԥараа рҭоурыхи, рҵаси, рныҳәарақәеи

Аӡәырҩы аҵарауаа, иаҳҳәап, Леви Стросс, ашьакаҭәара иаҳа инарҭбаау акультурологиатә ҵакы аҵаҵаны дахцәажәоит. Уи еидиҳәалоит ашьакаҭәареи аибашьреи. Аҧсуаа рыҧсҭазаарагьы рыхдыррагьы ақәыларақәа, аибашьрақәа ирыдҳәалан. Убас, иаҳҳәап, ақәыларақәа раан иргоз атҟәацәа рыхә ылырхуан шасыла, шасысгьы усҟан иҟарҵоз ауаҩ иакәын – "ауаҩы дықәырҵеит ацымхәрас", "ахә-дықәҵа" рҳәон. Ашьҭахьгьы, аныҳәарақәа рҿгьы еиқәхеит ари атермин "ашас". Иаҳҳәап, аҧҳәыс ахшара данлоуаз леилыргара мариахарц азы шасыс адгьыл иарҭон акәтаӷьқәа, адырган, ачанах, аҧаҭлыка. Нас уи данеилгалак ашьҭахь, ашас ҿырхуан шьтәак ала (урысшәала иаҳҳәозар, "ашас" – "залог").

Аибашьҩы иара ихатә шьала иҿихуеит иҧсадгьыл. "Иҧсадгьыл ихы ақәиҵеит", "шьала икәабеит" анаҳҳәо, уи аҵакы иҿыцу аҧсҭазааразы ҧсеиқәырхагак аҳасабала иаатуеит. Аибашьҩы жәылара данцо "Ҿыц сеиҭеиуеит" аниҳәо, уи баша ажәаны иҳәаӡом, иара ишьакаҭәарала аҧсҭазаара ҿыц шгыло агәра игоит.

Аӡәырҩы иргәалашәоит аныхаҧааҩ Заур Чычба еиҭеиҳәоз Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз иибаз аҧхыӡ. Уи усҟан Аҧсны раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Аҧсны азы дыҧсҿыхганы нашанала дибоит.

Аибашьрақәа раан уи анцәахәгьы аибашьцәа дырзылҧхаразы агәыи агәаҵәеи идырбон. Аӡәырҩы аҭаацәарақәа иара абри ҳаибашьразгьы рыҧсадгьыл ахақәиҭра иаҳәон аҿаҭахьа рықәҵаны, дара рыҷкәынцәа рыла акәхозаргьы ишҿыххоз уи. Зегь раасҭа еиӷьаршьоз, ржьы иалҵыз ҧсаҭатәны иҟарҵон. Иахьагьы аибашьцәа рҭаацәа уанрацәажәо, урҭ рыдгьыл ауп рхы зқәырҵаз ҿыц еиҭеиуа рзын ҳәа уарҳәоит.

Анцәахәқәа рахь ҳхы нарханы шьала (ашьтәа шьрала) иҿаҳхуа ҳагәнаҳарақәа зегьы иреиҳауп ауаҩы ишьа. Аибашьцәа ршьала иҿыхуп ҳа ҳаҧсадгьыл — ҿыц еиҭеиуа зегьы рзы!

Ажәабжьқәа зегьы
0