Раԥхьатәи аирамш амҩаԥгашьа аԥсуа жәлар рытрадициатә культураҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа хәыҷы
Аԥсуа хәыҷы - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рытрадициатә культурала ахәыҷы иааӡареи ихьчареи ирыдҳәалоу аҵасқәеи аритуалқәеи рыӡбахә ҳзеиҭалҳәоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы, ԥшьҩык ахшара ран Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Шықәсык ихыҵаанӡа ахәыҷы еиуеиҧшым амч лашьцақәа иҧырхагамхаразы ихьчаратә қьабзқәа аҭаацәа имҩаҧыргозҭгьы, шықәсык анихыҵ нахыс, уи аамҭа хҵәахак дахысны даҽа аамҭа хҵәахак дықәлоит.

Новорожденный ребенок с матерью - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2018
Раԥхьатәи анапхыц, раԥхьатәи ахаԥыц: ахәыҷы шықәсык ихыҵаанӡа имҩаԥырго ақьабзқәа

Шықәсыкынӡа ҽа дунеик иатәыз аҧшқа уажәшьҭа дуаҩхеит ҳәа ихәаҧшуеит. Раҧхьаӡакәынгьы уи иныҳәаҿа анныркыло абри раҧхьатәи ишықәсхыҵра азоуп, уаанӡа уи аныҳәаҿа ихьӡала иркуамызт. Иазгәаҭатәуп, иара раҧхьатәи амширагьы ахәыҷы даниз амш азы шакәым ианымҩаҧырго, уи адырҩаҽны, ма адырхаҽны ауп (иира амш иахыганы ауп акәымзар, иааскьаганы заа иҟауҵар ҟалаӡом!). Ажәлар рҟны ишырҳәо ала, ас зыҟарҵо аҩысҭаа ирҩашьаразароуп, уи ишықәсҧхьаӡара аныҟоу изымдыруа, ишықәсқәа ирыгимырхаларц азоуп.

Иара ашықәсҧхьаӡара аилагарагьы абри аҵакоуп иамоу. Иаҳҳәап, ажәытә абырг шаҟа ухыҵуеи ҳәа уиазҵаар, "исыздыруам, сааижьҭеи сыҟоуп" ҳәа аҭак уиҭон, мамзаргьы исгәалашәом рҳәон – ашықәс аҧхьаӡара бзиам ҳәа иазгәаҭан ирыман, заҟа иуԥхьаӡо аҟара аҩсҭаа ушықәс иагирхар ҟалоит ҳәа. Иара иахьагьы иҟоуп абыргцәа цас еиларҩашьаны зышықәсҧхьаӡара зҳәо.

Аамҭа хҵәахак ахысра аазырҧшуа қьабзны иҟоу – ахәыҷы шықәсык анихыҵуа имышәхәы (ициз ихцәы) амхра ауп. Шықәсык ихыҵаанӡа ихцәы амхра акәым, ахҳәа алшьны иагьырҳәом, напыла иҧхьарҳәоит ауп.

Амодельер-аконструктор Рафик Минасиан. - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.11.2015
Азанааҭ аҷыдарақәа. Аҟәатәи аӡахҩы

Иара убас, раҧхьатәи амшира аназгәарҭо ахәыҷы аҧхьаҟатәи иҧеиҧш азын иаҧшуеит. Ҳаамҭазы ари ақьабз ахәмарратә ҟазшьоуп иаҳа иамоу. Убас, ахәыҷы данеизҳалак дзакәхаша алардырразы еиуеиҧшым амаҭәарқәа иаҧхьа иқәырҵоит. Аамҭақәак рзы, иаҳҳәап, аибашьыҩцәа, ашәарыцаҩцәа, ажьицәа (дыҷкәынзар), аӡахҩы, ақәҵаҩы (дыӡӷабзар) рзанааҭқәа ракәын аҭаацәа рхәыҷқәа ирылҵырц ирҭахыз. Убри азы урҭ раҧхьа иқәырҵон абарҭ амаҭәарқәа: ахыци ахәымпали, абџьар хкык, ажьаҳәа, арахәыц, амаркатыл, амацәаз – ҳәарада арҭ хәмаргаҵас иҟаҵаз амаҭәарқәа роуп. Ахәыҷы арҭ амаҭәарқәа иаҧхьа ианықәырҵоз ихымҧадатәны адашьма хты дықәтәазар ҟалаӡомызт, уи ауапцәа дыладыртәон, мамзаргьы џьара шьтәак ацәа (иаҳҳәап, амшә ацәа, абга ацәа). Ахәыҷы раҧхьа ишьҭихуа амаҭәар, убри аҧхьаҟагьы дазгагазаауеит ҳәа иҧхьаӡан. Дара аҭаацәагьы абри иаҧшны, ахәыҷы иаҳа ицааиуа, иқәманшәалахо ҳәа иҧхьаӡаны иалихыз ахырхарҭа (амаҭәар) иаҳа дазыркырц иалагон.

Ҳаамҭазы ари атрадициа ахархәара амоуп ахәыҷырхәмаррак аҳасабала. Ахәыҷы иаҧхьа иқәырҵо амаҭәарқәа иреиуоуп: ашәҟәы – аҟәыӷара, аҩыга – ажәаҳәа азҟазара, амузыка рҳәага – амузыка азҟазаҩ, амашьына — амашьынарныҟәцаҩ, аҧара — амал, ахаа – аҧсҭазаара бзиа, ахҳәа — ахцәыҟаҵаҩ, арахәыц – аӡахҩы адагьы аҧсынҵры ду аанагоит, амацәаз – аҭаацәара аҧҵараҿы дманшәалахоит. Арҭ амаҭәарқәа рсиа акыр иҭбаауп, аҭаацәа дара рхатә знеишьа аҵарҵар ҟалоит. Шамахамзар, абас еиҧш иҟоу роуп акәымзар, иҵоурам аҟазшьақәа аазырҧшуа амаҭәарқәа ахәыҷ иаҧхьа иқәырҵом (аҭаҭын, аҳәызба уҳәа реиҧш иҟоу). Ахәыҷы ашәарах ацәа дузыламыртәаргьы, уеизгьы ак иҵазар бзиоуп, ма уарҳалк дықәтәазар.

Празднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.11.2018
Ахьыӡи - ахьӡыи: ахәыҷы ахьыӡ иҭара иадҳәалоу ақьабзқәа

Абри анаҩс ахәыҷы имшира иазкны аишәа-чыс дырхиоит. Шықәсык анихыҵуа ауп уи раҧхьатәи абысҭа ҿахрагьы исаан иананырҵо. Абысҭа ахәыҷы шықәсыкынӡагьы агьама ибахьеит ҳәарада, аха уи уажәраанӡа иан лхәы аҟынтәи акәын иамхны ишилҭоз. Абри амш нахыс ауп аҭаацәа дырхыҧхьаӡаланы ибысҭа ҿахра данаҧсахогьы. Раҧхьатәи аҿахра аҧшәма итәы акәзар ианырҵо, аҩбатәи аҿахра зирамш азгәарҭо ахәыҷы итәоуп. Абри нахысгьы ианакәзаалак уи абысҭаҿахра анизанырҵогьы аҵыхәтәан иҭырго аҿахра акәымзароуп – абысҭа ҭаха ахәыҷ иҭара бзиам рҳәоит.

Аҧсуаа убас еиҧш аныҳәаҿа рымоуп "ахәыҷы жәлар зегь Анцәа иныҳәааит" ҳәа. Аҧсуа жәлар Анцәа иныҳәааит ҳәа шырҳәо еиҧш, ахәыҷқәагьы жәларык реиԥш иалыркаауеит, избанзар дара рабиԥароуп уаҵәтәи аԥеиԥш знапы ианыло. Ахәыҷы дшыхәыҷу нахысгьы, дыҷкәынзар, иаб аҧхьаҟа дымҩақәызҵаша аҷыда ҟазшьақәа илаиааӡоит, дыӡӷабзар – ан лхырхарҭа ылылхуеит. Қәрацыҧхьаӡа ахәыҷы ааӡаратә етапқәа дырхысуеит. Аҧсуаа еснагь ааӡара ихадароу ароль азоурыжьуан. Ишырҳәо еиҧш: "ахәыҷы дҽеимхар – ухазы, дыбзиахар – ажәлар рзы"! Ажәлар аӡәы ҳәа ирылагылаша Ауаҩы драаӡоит!

Ажәабжьқәа зегьы
0