Апрограмма "Аелектронтә еиҳабыра" аус адырулоит

CC0 / / Аелектронтә программа аус адулара
Аелектронтә программа аус адулара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Изаамҭанытәиу Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәара мҩаԥысит мшаԥы 26 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ареспубликаҿ аус адырулоит апрограмма "Аелектронтә еиҳабыра" иҳәеит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара Аппарат анапхгаҩы Давид Сангәлиа.

"Аԥыза-министр инапынҵала иакымкәа-иҩбамкәа аилацәажәарақәа мҩаԥаагахьеит. Иааԥхьан урыстәылатәи аилахәырақәа рхаҭарнакцәа. Урҭ ари апрограмма аус шаҳзадыруло азы ажәалагала ҟарҵеит", - иҳәеит иара.

Актәи аетап аан иазырхиахоит атехникатә усдҵа, иара иазԥхьагәанаҭоит аҳәынҭқарратә напхгара ацентртә усбарҭақәа апрограмма раҵаркра.

"Актәи аетап иалнаршоит аминистррақәа зегьы, урҭ рнапхгаҩцәа апрограмма иҭаланы, иарбанзаалак акт аус ахьадыруло аусбарҭақәа рбара", - иҳәоит Сангәлиа.

Аԥыза-министр Валери Бганба иҳәеит апрограмма хра аманы ишыҟало анагӡаратә мчра аусуразы.

"Ҳусура ахаҭабзиара аоперативра иадҳәалоуп. Убри азы аиҳабыра раппарат аҿаԥхьа дҵаны иқәсыргылеит ишалшо ала аминистррақәеи аусбарҭақәеи рыбжьара адокументқәа реимдара арццакра", - иҳәеит аԥыза-министр.

Автопарк аиҵатәрала Аминистрцәа Реилазаара аппарат аекономиа ҟанаҵеит>>

Апрограмма аусура ишалагалак, ибзианы иубарҭахоит адокументқәа рынеиҭаҵ-ааиҭаҵшьа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0