Мықә, Ҷлоу, Отаԥ: Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа сыхнахит

© Sputnik / Томас ТхайцукХрам в Мокве
Храм в Мокве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Раԥхьаӡакәны, Очамчыра араион, Мықәи, Ҷлоуи, Отаԥи ақыҭақәа мышкы иалагӡаны ирҭааз, уаҟа аҭыԥ ԥшӡарақәа ихырхыз Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа, аԥхьаҩцәа лцәаныррқәа рыцеиҩылшоит.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Мықәтәи аныхабааи, "Абраскьыл иҳаԥыи" сырҭаарц сҭахижьҭеи акрааҵуан. Аха, Гагра ақалақь инхо, насгьы аус зуо сзы аамҭа аԥшаара мариамхеит, ари аҭагылазаашьа агәыҩбара сызцәырнагон. Иҳаҩсыз аԥсшьарамшқәа рзы, аԥынгылақәа зегьы санрыхан, сҩыза, абжьыуаа рҭаца, (Кәтол абжьаларҭа иахымсыц) Зарина Коӷониа даашьҭхны, ҳҿынаҳхеит Аԥсны Мрагыларатәи аган ахь.

Саида Жьиԥҳа
Мықә, Ҷлоу, Отаԥ: Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа сыхнахит - Sputnik Аҧсны
Саида Жьиԥҳа

Аӡиасқәа

Бзыԥ аӡиас ацҳа ҳақәсны Гәдоуҭа араион ҳналалеит, ҳашьҭахьҟа акурорт хазына ныжьны. Шьҭрала Мгәыӡырхәа ақыҭа иалҵыз, сгәаҵаҿы ҽакы иузадымкыло ацәанырра ԥхақәа цәырнагоит Гәдоуҭа араион. Аха, уажәазы, схәыцрақәа хан, ахааныз исымбацыз, Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь. Абар, еснагь аибашьра аҿаԥшылара сгәалазыршәо Гәымсҭа аӡиас ацҳагьы нҳажьит, Аҟәа ҳалсит, иалагеит Гәылрыԥшь араион.
Ацәажәара иаҿыз Заринеи, сареи, аамҭакы ҿымҭкәа, доусы ҳхәыцрақәа ҳрыланы, акәша-мыкәша блала иҭаҳҵаауа ҳалагеит. "Саида, бнаԥши, аӡиасқәа рыхьӡқәа зыԥшӡоу, насгьы х-бызшәакны иануп, аԥсышәала, урысшәала, англыз бызшәала" ҳәаны, сҩыза аҭынчра еилалгеит, саргьы иџьасшьаз ласҳәеит. Аӡиас "Кәыдры хәыҷы", урысшәалагьы "Кудры хучы" ҳәа ианын. Уи даара ҳгәы иаахәеит. "Малая Кудры" акәымкәа. Ас еиԥш иҟоу аҩыра, аурысшәа здыруа атәым милаҭгьы, аԥсышәала иарцәажәоит. Ажәакала, ари раԥхьаӡа ҳгәы иахәаз акәхеит.

Абжьыуаа рыбҩарҵәыра, ма илабҿабоу аҭак - Sputnik Аҧсны
Абжьыуаа рыбҩарҵәыра, ма илабҿабоу аҭак

Аԥынгылақәа

Амҩан, амашьынақәа ццакны имныҟәарц азы, ауаа рацәа реизарҭа ҭыԥқәа рҿы, еизааигәаны аԥынгылақәа шьақәыргылан. Аҳәынҭавтоинспекциа агәаҭаратә ҭыԥк аҿгьы ишьҭаҵан. Уи ииашоуп ҳәагьы азаҳԥхьаӡеит, изныкымкәа "STOP" адырга шгылоугьы, иара аинспектор итыршәгьы хьаас имкыкәа, ахыкәлаа еиԥш амашьынаныҟәцаҩцәа шымҩасуа збахьоу ҳарҭ ашаҳаҭцәа.

"Бзиала шәаабеит"

Мықә ақыҭа ҳанаабжьала, амҩа аҽеиҩнашеит. Ҳамҩашьарц азы, раԥхьа иаҳԥылаз машьынак аанаҳкылан, аԥсҟы зкыз ҳиазҵааит, "аныхабаахь ииашаны амҩа ҳанума" ҳәа. "Бзиала шәаабеит, шәцәажәашьала Аԥсны Мраҭашәаратәи ахәҭантәи шәаҳзааит, ҳазшаз илԥха шәымазааит, шәышиашоу шәнеиуеит" иҳәан, саншьа еиԥшнысшьылаз, зҿабызшәа хааз ахаҵа ҳамҩақәиҵеит. "Бзиала шәаабеит" - шаҟа иҟәандоузеи, ауаҩы изааигәоузеи арҭ ажәақәа. Абжьыуа қыҭақәа рҿы "Бзиала шәаабеит" ҳәа иаҳбоз акыдҩылақәа ҳгәы аздырҳаит. Ари ҿырԥштәы бзиоуп Гаграа ҳзы. Иҭабуп!

© Foto / Саида ЖьиԥҳаМықәтәи аныхабаа
Мықә, Ҷлоу, Отаԥ: Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа сыхнахит - Sputnik Аҧсны
Мықәтәи аныхабаа

Мықәтәи аныхабаа

Зқьы шықәса ирҭысхьоу, Мықәтәи аныхабаа ашҭа ҳанааҭала, иаразнак иаҳнырит доуҳатә мчык. Аҳауагьы акалашәа имариахеит албаадара. Азнык азы ҳхала ари аҵакыраҟны ҳаҟазшәа ҳгәы иабеит, аха ахыбра, аҭоурых ҭҵаауа иавагьежьуан Ростовынтәи иааз аԥсшьаҩцәа. Дареи ҳареи ажәақәак неибыҳәаны, ҳкасқәа рыла ҳхы ааҭаҳәҳәаны аҩнуҵҟа ҳныҩналеит. Сааҭбжак, аҟәардәқәа рҟны ҳҭыԥқәа аанкыланы, гәаныла, ҳазшаз ҳагәнаҳарақәа ҳанаижьарц, амҩа иаша ҳақәиҵарц, агәабзиареи, анасыԥи ҳаҭәеишьарц ҳнаиҳәан, ацәашьцәа аркны, ашҭахь ҳдәылҵит.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаМықәтәи аныхабаа
Мықә, Ҷлоу, Отаԥ: Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа сыхнахит - Sputnik Аҧсны
Мықәтәи аныхабаа

"Джульбарс"

Аныхабаа ҳанаадәылҵ, ҳаԥхьа аҵыхәа ршәшәо иаагылеит ласбак. Ахьӡ ҳаздыруамызт, аха "Шарик" анаалошәа ԥхьаӡаны, ус иазҿаҳҭит, иаргьы иагәаԥхазшәа аҽыргәыбзыӷра иалагеит. Ашҭа агәҭаны иҟоу аҵеиџь аҿынтә, аӡы хьшәашәа ыжәны, аԥша ахәхәаҳәа иахьасуаз, Мықәтәи аҽырҩырҭа аханы, еилашьшьы игылоу аҵлақәа рганахь ҳҿынаҳхеит "Шарики" ҳареи. Ашәшьыраҿы ишьақәыргылаз аҟәардәқәа рҿы ҳамҩаныфа нықәҵаны, шьыбжьхьа ҳнапы аҳаркит. Хымԥада "Шарик" алымкаа акразфодаз. Уажәы-уажәы ахыу-хыуҳәа ишоз ала, ҳааигәара арахә аанашьҭуамызт, уимоу харантәи ауаа анабоз аҽарцәгьон. Аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи бзиа избо сзы, ҳазхьчоз "Шарик" ааныжьра сцәыуадаҩхеит. "Уи аԥшәма дамоуп, иаргьы ииҭахыуп, ибымбои ицырцыруа ишыҟоу, ажьгьы шаку" лҳәан, саалырҭынчит Зарина. Аамҭакы ашьҭахь, аныхабаа иахылаԥшуаз ахаҵагьы дааит, ари ала иара итәызаарын. "Шарик" ҳәа ҳзышьҭаз аласба "Джульбарс" ахьӡзаарын. "Ҳҩыза" ахы аашьышьны, аԥшәма ҩаԥхьа ҳшеиқәшәо наиаҳәаны Отаԥҟа ҳдәықәлеит.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаМықә илԥылаз аласба "Джульбарс"
Мықә, Ҷлоу, Отаԥ: Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа сыхнахит - Sputnik Аҧсны
Мықә илԥылаз аласба "Джульбарс"

Аҳәаа

Отаԥ унеиуеит Мықәи, Ҷлоуи ақыҭақәа урылсны. Заринеи сареи ҳарлахҿыхит, насгьы алаф ахаҳҳәааит, ақыҭақәа рҳәаа. Аанда зыбжьоу аигәылацәа, аӡәы Мықә дынхоит, егьи Ҷлоу. Ашьыжь, "сара акаҳуажәра Мықәҟа сцеит, мамзар Ҷлоуҟа", рҳәозар акәхап ҳәа, ҳааччеит.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаҶлоу
Мықә, Ҷлоу, Отаԥ: Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа сыхнахит - Sputnik Аҧсны
Ҷлоу

Аԥсабара

Иазгәасҭарц сҭахыуп, арҭ ақыҭақәа рҿы раԥхьаӡакәны ишаҳбаз, ашҭақәеи, амҩа авареи зырԥшӡоз, зыфҩы хаа аҳауа иалаз аҵла ссир, уи ахьӡ "душистыҟ асмантус" ауп ҳәагьы ҳарҳәеит. Акырӡа ҳгәы иахәеит аҭыԥантәи анхацәа рынхара, рынҵыра, ҷыдала иалҳкааит рымҩақәа рҭагылазаашьа бзиа.

зыфҩы хаау аҵла - асмантусзыфҩы хаау аҵла асмантус
Мықә, Ҷлоу, Отаԥ: Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа сыхнахит - Sputnik Аҧсны
зыфҩы хаау аҵла - асмантусзыфҩы хаау аҵла асмантус

"Саиа, арҭ ббоума", ҳәа Зарина аӡаҩа иҭатәаз акамбашьқәа рахь санхьалырԥш, рфото ҭысымхыр сгәы иамуит. Уи аҽны еилыскааит, акамбашьқәа рцәеижь иамоу анышәаԥшь, аӡаҟны - амаҵақәа ԥсуеит ҳәа.

акамбашьқәа
Мықә, Ҷлоу, Отаԥ: Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа сыхнахит - Sputnik Аҧсны
акамбашьқәа

"Абраскьыл иҳаԥы"

Абар, Отаԥ ақыҭа, "Абраскьыл иҳаԥы" ҳнадгылеит. "Бзиала шәаабеит, сабашәыцхраауа" ҳәа дааҳадгылеит анаҩс излеилкаахаз аекскурсиамҩаԥгаҩ, Аҟәатәи иаарту аинститут астудент Игорь Адлеиба. Ааӡара бзиа змоу, аԥсуа ҷкәын хазына иҽазишәеит Гагрантәи инеиз ҩыџьа ҳзы мацара аҳаԥы аартны, аекскурсиа амҩаԥгара. Азнык азы мап ҳкит, аха иара имукәа, дҳаԥхьагыланы, аԥсабара иарҿиаз ашанахь ҳиманы ддәықәлеит.
Ассир ҳбеит сҳәар, уи акагьы аанамгар ҟалап. Иҳауз ацәаныррақәа реиҭагаразы, иақәнагоу ажәақәа сзыԥшаауам.

Агәалаҟазаара бзиа ҳаманы, ҽазны аара ҳгәаԥхо ахәылбыҽхан аҩныҟа ҳдәықәлеит. Ақыҭақәа ҳрылсцԥхьаӡа, ашьыжь "Бзиала шәаабеит" ҳәа иаҳбоз аҩырақәа, егьи аган аҿы "Амҩа бзиа" ҳәа ҳрыԥхьон. Ҳара, ҳабжьы ҭыганы, иҭабуп ҳәа ҭакс иҟаҳҵон.

Аԥсны Мрагыларатәи аган нҳажьит, иаарласны Бедиатәи ауахәамахь ҳаароуп ҳәа ҳгәы иҭакны!

© Foto / Саида ЖьиԥҳаСаида Жьиԥҳаи Зарина Коӷониеи. Оҭап. Абраскьыл иҳаԥы.
Мықә, Ҷлоу, Отаԥ: Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа сыхнахит - Sputnik Аҧсны
Саида Жьиԥҳаи Зарина Коӷониеи. Оҭап. Абраскьыл иҳаԥы.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0