Аҳ ибааш, агәараанда жәытә: Аԥсуа Баагәара ду аҭҵаара иацҵоуп

© Sputnik / Бадри ЕсиаваАҳ ибааш
Аҳ ибааш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩцәеи археологцәеи раԥшьгаратә гәыԥ апроект "Аԥсуа Баагәара ду аҭоурых" иацырҵоит. Sputnik акорреспондентцәа ажәабатәи аекспедициа иалахәын.

Ҷлоу ақыҭа ахәқәа руак иқәгылоу абааш хықәкыс иамаз, Аԥсуа Баагәара ду абаашқәа Маршьанаа рҭаацәара рыхьчараҿы ароль, отаԥтәи абаашхыжәжәара уаҵәтәи аԥеиԥш уҳәа рыӡбахә Sputnik аматериал аҿы.

Бадри Есиава, Sputnik

Аԥсуа Баагәара ду аҭҵааразы аекспедициатә гәыԥ русурақәа ирыцырҵоит, ашәышықәсақәа иргәылаҵәаху амаӡақәа аарԥшуа. Уажәтәи аекспедициаан ишьақәыргылатәын Аԥсуа Баагәареи Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа Аимара аҳаблаҿтәи абааши реимадара.

Абхазская Стена. - Sputnik Аҧсны
Аҭоурыхҭҵааҩ Ҟаитан: Аԥсуа баагәара амаӡақәа аанартуеит

Акәараҷҷа инырсыз автомашьына адәҳәыԥш иахьналагоз иааҭгылеит. Ажәҩан кеикеи иаҵакьысуаз ашәаԥыџьаԥи ииаҵәашьшьыраӡа иҟаз аҵиаақәеи бла иамбарц рҭахушәа абааш хыжәжәара ауаатәыҩса рыблақәа ирцәырҵәахуан.

Археологцәа ргәыԥи Sputnik акорреспондентцәеи еиха-еигәышәла рымҩа ылхырц абааш ашҟа рҿынархеит. Рымҩаҭшәарра аҿҟьарсҭа иаваршәны ицон. Иубартә иҟан арахь ауаа рааира шыԥкымыз, еицызгьы шамахамзар иркыз "рабџьар" ахархәара аҭахымхеит.

Ашәымҭақәак роуп иҵыз ажәлар рҟны "Аҳ ибааш" ҳәа ззырҳәо аргыламҭаҿынӡа анеиразы. Абааш ацәынха ахақәцә аҿыҵәҟьа иқәгылоуп. Ажәытә зны изыхьчоз ахацәа гәымшәақәа рцынхәрас иахьазы абнареи ажцеиқәареи роуп изыхьчогьы.

© Sputnik / Акоп КущянОтаԥ ақыҭан Абрыскьыл иҳаԥы азааигәара еиқәханы игылоу абаагәара
Аҳ ибааш, агәараанда жәытә: Аԥсуа Баагәара ду аҭҵаара иацҵоуп - Sputnik Аҧсны
Отаԥ ақыҭан Абрыскьыл иҳаԥы азааигәара еиқәханы игылоу абаагәара

 

Ахаҳәеиқәҵа абжеиҳара аамҭа рыцҳашьарак амҭакәа иахысит. Аладатәи акалҭ аҟны иубо ҭӡамцк ауп иаанхаз. Ахыбра аҩнуҵҟа ажәытә уарҳал татақәеи ашәарах рцәақәеи рцынхәрас уа ашыцламшә ықәуп.

"Абааш аҵакырала Аԥсуа баагәара акыр иазааигәоуп. 800 метра роуп ирыбжьоу. Иҟалап, анкьа зны ахыхьчаратә цәаҳәа иахәҭакызҭгьы. Макьаназ ишьақәыргылам абааш ҳара ҳзызҿлымҳау аамҭазы ахархәара амазу иамамзу", - иҳәоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аусзуҩ Дмитри Счастныи.

Ари абааш ар иртәарҭазаргьы алшон. Иахьатәи аамҭазы аҵарауаа ирдыруа ала Аԥсуа Баагәара ду аура 60 км инаӡон. Иара иаҵанакуан 300 инарзынаԥшуа бааш ҳәа еиҭеиҳәоит Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ Дмитри Аҩӡба.

"Иахьатәи аилкаарала уахәаԥшуазар, иштабзар ауан. Аӷа иқәылараан сааҭқәак рыҩнуҵҟа агарнизонқәа рҟынтә 200 инадыркны 400-ҩык рҟынӡа ар рҽеизаркыр алшон. Аӷа хыԥхьаӡарала деиҳазаргьы, асеиԥш аҭыԥ маншәала уи иаанкылара алнаршон амч хадақәа ааиаанӡа. Ара ар рацәа ааганы аибашьра алыршара уадаҩын. Аҭыԥ ус иҟоуп", - азгәеиҭоит иара.

© Sputnik / Акоп КущянАԥсуа Баагәара ду аҭҵааразы аԥшьгаратә гәыԥ алахәылацәа
Аҳ ибааш, агәараанда жәытә: Аԥсуа Баагәара ду аҭҵаара иацҵоуп - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа Баагәара ду аҭҵааразы аԥшьгаратә гәыԥ алахәылацәа

 

Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭнха ахьчара рминистрра аусзуҩ еиҳабы Шандор Ҟаитан излеиҳәаз ала, ари абааш зларгылоуи Аԥсуа баагәара аргылараан рхы иадырхәоз амаҭәахәқәеи злеиԥшу ыҟоуп.

"Плинфа захьӡу ицәыблу ақьырмыт иалхны иргылоу Цибилиуми Анаҟәаԥиатәи абааи роуп. Аԥсуа баагәара дуи ари абааши уи аҩыза ақьырмыт рылаӡам. Иара убас, аҭыӡқәа ршәагаа еиԥшуп - 130 см иҟоуп", - иҳацеиҩишоит иазгәаҭарақәа Ҟаитан.

Иагьа убас иҟазаргьы, иара иажәақәа рыла, арҭ аҷыдарақәа рыла Абаагәаразы алкаақәа рыҟаҵара макьана изаауп.

Аҳ ибааш GPS шьақәгыла ахсаала ианҵаны ҳамҩа ҳархеит Отаԥ ақыҭахь.

Отаԥ ақыҭа Аԥсны анҭыҵгьы еицырдыруеит. Есышықәса аратәи Абрыскьыл иҳаԥы иаҭаауеит Аԥсны асасцәа. Уи аҳаԥы аҭоурых иалацәажәо аекскурсиамҩаԥгаҩцәа, шамахак акәымзар, иаҩсуеит аҳаԥы иацәыхарамкәа иҟоу абаашқәа ҩба рцәынхақәа. Аҭоурыхҭҵааҩ Иури Воронов исиаҿы урҭ арбоуп аномерқәа 217, 218 ҳәа.

Иахьа аԥсшьаҩцәа аԥсуа чыс агьама ахьырбо Отаԥтәи аԥацха иацәыхарам арҭ абаахыжәжәарақәа. Аԥацха аԥшәма Асҭамыр Адлеиба археологцәеи ажурналистцәеи ҳнеиԥхьеит иашҭа ҭбаахь. Акаҳуа ҳжәуанаҵы иаҳзеиҭеиҳәеит абааш иамышәшәо ахаҳәеиқәҵарақәа акакала ишеидикыло, дшазыԥшу арҭ аҭоурыхтә баҟақәа еиқәзырхаша аӡә дҟалап ҳәа. Адлеиба дазыхиоуп абри аус ҟәрышьлагьы адгылара, аха уи азы аофициалтә зин имазароуп.

© Sputnik / Акоп КущянОтаԥ ақыҭан иеиқәханы игылоу абаагәара
Аҳ ибааш, агәараанда жәытә: Аԥсуа Баагәара ду аҭҵаара иацҵоуп - Sputnik Аҧсны
Отаԥ ақыҭан иеиқәханы игылоу абаагәара

Дмитри Счастныи иҳәеит асеиԥш иҟоу аҭоурых-культуратә ҭынхақәа реиҭашьақәыргылара Аԥсназы иҿыцу усны ишыҟоу. Ари аус амҩаԥгаразы  археологцәа, архитекторцәа уҳәа азанааҭуаа еизганы акомиссиа шаԥҵатәу.

Абрыскьыл иҳаԥы ааигәара аҭӡы адгьыл аҽаланасахьазар, километрак аҟара уахьынахысуа урҭ рацәак ԥхасҭа рымамкәа иҟоуп. Уи зыбзоуроу  зыдгьылқәа Аԥсуа баагәара иавоу Маршьанаа рҭаацәара роуп.

Аҭаацәа реиҳабы Мухран Маршьан дҳақәымшәеит, аха абри атемала ҭелла ҳаицәажәеит иареи ҳареи. Иара иаҳзеиҭеиҳәеит Аԥсуа баагәара аҭӡы рашҭаҟны гәараандас аҟаҵара 70 шықәса раԥхьа иабду ишаԥшьигаз.

© Sputnik / Акоп КущянМаршьанаа гәараандас иҟарҵаз ажәытәтәи абаагәара ахәҭак
Аҳ ибааш, агәараанда жәытә: Аԥсуа Баагәара ду аҭҵаара иацҵоуп - Sputnik Аҧсны
Маршьанаа гәараандас иҟарҵаз ажәытәтәи абаагәара ахәҭак

 

Мухран иԥшәмаԥҳәыс Илона Маниаԥҳа лабхәа иҳәамҭаны илаҳахьан иаб абри аус азы дҭаркырц ак шааигымхаз. Аҭӡы аҭоурых макьаназ ажәытәра ҵашәшәылара иахьамоу иамҟәыҵкәкәааны адырра алшап ҳәа агәыӷра лымоуп Илона.

Апроект инақәыршәаны, Аԥсуа баагәара аҭҵааразы аекспедициатә усурақәа хыркәшахоит 2020 шықәса рзы. Абаагәара Кәыдрытәи ахәҭа аҭҵаара ашьҭахь аекспедициа аусура иалагоит Гал араион аҿы. Дара ргәаанагарала, аҭӡы Егрынӡа инаӡон, аха уи макьаназы ашьақәыргылара аҭахуп.

Аԥсуа Баагәара ду аҭҵаара мҩаԥысуеит афонд "Амшра" ацхыраарала. Амаҵзура Sputnik официалтә информациатә партниоруп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0