Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ԥлиаԥҳа Зураб Ачба изы: иагьа еилаԥаҭазаргьы аус, ауаҩы ихьчара илшон

© Sputnik Зафас ГамгияДалила Ԥлиаԥҳа
Далила Ԥлиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зураб Ачба ихьӡ зху Аҵаратә центр "Ақәымчра змам адунеи" аиҳабы Далила Ԥлиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы азиндырҩы, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Зураб Ачба дылгәалалыршәо илҳәеит иара еснагь аҿар ирызку аполитикатә клуб аиҿкаара игәы ишҭаз.

19 шықәса раԥхьа, нанҳәа 15, ашьыжь асааҭ 10 рзы Аҟәа иеихсны дыршьит азиндырҩы, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Зураб Ачба. 

Ԥлиаԥҳа Зураб Ачба изы: иагьа еилаԥаҭазаргьы аус, ауаҩы ихьчара илшон

"19 шықәса ҵит, аха иахьа уажәраанӡа еилкаам уи ҟазҵаз. Аполитикатә хҭыс ауашьра анацу шамахамзар абри иҟаиҵеит ҳәа уаҩы имбацт. Уи иаанаго уи хықәкыла иҟаҵоу хҭысуп. Зураб Ачба ҵарадыррала дыӷәӷәан, ҟәыӷарыла дыӷәӷәан, Москватәи ахәынҭқарратә университет азиндырратә факультет далгахьан. Иара аҵара ицызҵоз, идзырҵоз ирҳәон "ари Анцәа иахьынтә иоуп азиндырра аганахьала аҟыбаҩ змоу" ҳәа. Иага еилаԥаҭазаргьы, иарбан усзаалакгьы изхәаԥшуа, иара илшон зиндыррала ауаҩы ихьчара. Иара иҭахын ауаҩы игәаанагара иқәмыӡбо, иқәмыӷәӷәо иҳәарц. Иара иҳәалон аҿар ирызку аполитикатә клуб еиҿикаар шиҭаху. Иара даныҟамла уи хьанҭара духеит ҳара ҳзы", - ҳәа азгәалҭеит Ԥлиаԥҳа.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0