Аԥсҭазаара зеиԥшрахо аилкаара: Анмираҳ - абзиабара анцәахәы идҳәалоу аҵасқәа

CC0 / / Дерево
Дерево - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаҩы еснагь аинтерес изаҵоуп ԥхьаҟатәи иԥсҭазаара зеиԥшрахо аилкаара, аиҳарак аҭаацәаратә ԥсҭазаара. Аԥсуаа ҳмилаҭтә культураҿы дыҟоуп абзиабара анцәахәы - Анмираҳ. Уи ихьӡала имҩаԥыргон еиуеиԥшым аныҳәагатәқәа. Абри атәы шәаԥхьа Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҿы.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ауаҩы есымша дашьҭоуп иаԥхьаҟатәи иԥсҭазаара аилкаара, арманшәалара. Ари адунеи иқәынхо рҟнытә дыӡӷаб-дыҷкәын дарбану изҭахым аҭаацәаратә ԥсҭазаареи абзиабареи рҿы насыԥ имазарц! Уи ус жәынгьы-ҿангьы ишыҟаз дырҵабыргуеит еиуеиԥшым акультурақәа рмифологиақәа рҿы абзиабара анцәахәқәа рыхьӡқәеи, урҭ ирыдҳәалоу ҵасқәеи.

Народные обряды - Sputnik Аҧсны
Акәакәарқәа, ацәашьы: аԥсуаа имҩаԥырго аныҳәарақәа ирызку згәаҭақәак

Ажәларқәа жәпакы рмифологиатә культурақәа рҿы иуԥылоит абзиабара анцәахәқәа маҷымкәа, иаҳҳәозар: Ерот (Ерос) – ажәытә бырзен мифологиаҿы абзиабара анцәахәы; Амур (Купидон) – ажәытә римтә мифологиаҿы абзиабара анцәахәы; Кама – аиндуизмтә мифологиаҿы абзиабара анцәахәы; Хатхор – мысратәи амифологиаҿы абзиабара анцәахәы, уҳәа убас егьырҭгьы.

Ҳарҭ аԥсуаагьы аӡәы ҳиҵахо ҳаҟам, ҳара ҳмифологиатә культураҿгьы уарла-шәарла акәзаргьы, иуԥылоит абзиабара анцәахәы "Анымираҳ", "Анмираҳ", ма "Лымираҳ" иӡбахә зҳәо аматериалқәеи аҵасқәеи. "Анымираҳ", "Анмираҳ", "Лымираҳ" ари нцәак иоуп, аха ихьӡқәа еиуеиԥшымкәа иаҳԥылоит.

Н.С. Џьанашьиа ишазгәеиҭоз ала, "Анымираҳ", "Лымираҳ" функциала аҿар рынасыԥ злеилыркаауа, ма идеилзыркаауа анцәахә иоуп. Абзиабара анцәахәы имҵаныҳәара шымҩаԥысуаз авариантқәа ыҟоуп.

"Хәылԥазык аҳаблаҿтәи арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи џьара ҩнык аҿы еизаны досу рынасыԥ еилыркаарц ақьабз мҩаԥыргон. Ахәылԥаз лахҿыхрала, ччарала, хәмаррала, лафҳәарала ирхыргон. Нас ахәылԥаз иалахәыз зегьы хԥа-хԥа цыра раӡартә абжьааԥнытәиқәа иреиԥшымкәа акәакәар хәыҷқәа ҟарҵон. Убарҭ акәакәар хәыҷқәа руак араса ҵәы агәыларҵон. Уи "анасыԥ ҵәы" ҳәа иашьҭан. Иара убас убри ахәылԥаз иеизаз зегьы ирырҭон мыцхәы иҵааз хԥа-хԥа кәакәар. Зегьы адәахьы идәылҵны досу ркәакәарқәа рфон, досу маӡала Лымилаҳ диҳәон насыԥ бзиа лиҭарц (ииҭарц). Акәакәарқәа анырфалак, зегьы еиҭах аҩны иҩналаны аамҭа гәырӷьа-ччарала ирхыргон. Аӡыжәра аӡәгьы азин имамызт. Ауха акыр аҵх аныргалак ашьҭахь акәын ианеимпуаз. Досу аӡба дшакуаз дышьҭаланы дыцәон. Агәра ганы излаҟаз ала, иҿажәкуа, аӡба иакуа уи ауха даныцәоу ԥхыӡла аӡы изыржәуа досу иинасыԥхараны иҟоу иоуп (дыԥҳәызбазаргьы илынасыԥхараны иҟоу арԥыс иоуп)".

Ш.Д. Иналиԥа заанаҵтәи иусумҭак аҿы иҳәоит:

 "Есышықәса мартмзазы аҭыԥҳацәа маӡала иҟарҵон ахәажәақәа ҵааны, аџьыка рыҭаны, изцәыԥхашьоз ҭаца ҿыцк лымҳараҿы иеизаны Нымираҳ изкны аныҳәара мҩаԥыргон, иматанеиуан ԥхыӡла рынасыԥ дыдирбарц азы. Иналиԥа ишазгәаиҭо ала, Нымираҳ, мамзаргьы Лымираҳ — ари ахаҵацареи аԥхәысаагареи (аҭаацәа алалара) ирыдҳәалоу аусқәа знапы иану, ирхылаԥшхәу аԥсуаа рмырҭаҭратә нцәахә иоуп", - ҳәа.

 Анмираҳ изкны ақьабз шымҩаԥыргоз атәы далацәажәауа, ашәҟәыҩҩы Шьаликәа Камкьиа абас азгәеиҭеит:

Крещение в Богородицком Житенном женском монастыре в Осташкове - Sputnik Аҧсны
"Ҷфу", "ҷфу", "ҷфу": аҭәҳәақәа рыгәра шызгаз

"Ашыла кәаҳаны, џьыкахышла иҳәахны, кәакәарны ирӡуеит рыцыԥхьаӡа фба-фба цыра. Ашьҭахь еицәажәахьаз аҭыԥҳацәа ркәакәарқәа рыманы, хы мҩакы ахьеихагалоу иаангыланы, "сынасыԥ уаха ԥхыӡла дсырба", — ҳәаны, х-кәкәарк рфоит (досу ртәқәа), нас џьаргьы ихьамԥшӡакәа, егьырҭ акәакәарқәа аҩныҟа иааргоит, уи ауха иахьышьҭамлац џьара иԥхьоит, ркәакәарқәа рыхчы иаҵаҵаны. Абри аҵас иахьӡуп "Анымҩараҳ" ҳәа (аурысцәа ирымоу "гадание на суженого" маҷк иеиԥшуп)".

Арҭ хыхь еиқәаҳаԥҳьаӡаз аҵасқәа иахьа шамаха иаҳԥылаӡом, уимоу уажәтәи ҳҿар Анымираҳ иӡбахә уарла-шәарлоуп ишҳаҳахьоу. Аха иахьатәи ҳаԥсҭазаараҿы иаҳԥылоит, маҷк иадамзаргьы ажәытәтәи аҵас "анымҩараҳ" иаҿурԥшыша уажәтәи ҳаамҭазы ицәырҵызатәым культураҟынтә иаланагалаз аҵасқәакгьы:

  • Ашҭа аҭаца данҭаргалак, амардуан аҿы иқәдыршәуеит аба шкәакәа, уа иларҵоит асаан, аҭаца уи леимаа ашьхәала иԥылҽыр ауп. Асаан аҭаца иԥылыххаар, аҭаацәара иалалаз рҳәатәы еиқәшәаны, бзиа иҟалоит ҳәа ирыԥхьаӡоит.
  • Ирҳәоит, аҩнра иҩнанагалаз аҭаца иԥылҽыз асаан аԥҽыхак ганы хаҵа имцац аҭыԥҳа, ма арԥыс рыхчы иаҵаҵан ицәар, ирынасыԥхәу дырбоит ҳәа.
  • Убасгьы ачараҿ аҭаца илыршәуа "аҭаца лышәҭ" зкуа иаарласны хаҵа дцоит, ма ԥҳәыс дааигоит ҳәа азгәарҭоит.

Аиашазы аҵыхәтәантәи аҵасқәа иҵабыргыҵәҟьоуп ҳәа узазгәаҭом, ҳара иаҳтәуп ҳәагьы иузыԥхьаӡом, егьырҭ ажәларқәа рҟнытә ҳмилаҭтә культура иаланагалеит.

Анымираҳ нцәахәык иаҳасаб ала аԥсуа литератураҿгьы ихаҿсахьа ҳԥылоит аԥсуа шәҟәыҩҩы Алықьса Џьениа ироман "Анмираҳ — ҩыџьа рынцәахәы" аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0