Аексперт: акоронавирус аҽаларҵәара рашәарамзанӡа иаҿызаауеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛаборатория. Архивное фото.
Лаборатория. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Китаи акоронавирус змоу 80 735-ҩык ыҟоуп, адунеи зегь аҿы – 110 276-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 3840-ҩык, рчымазара иалҵит 62 095-ҩык.

АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik. КЖәР агәабзиарахьчара азҵаарақәа рзы аҳәынҭеилакы аексперттә комиссиа ахада Чжун Наньшань аҳәамҭа ҟаиҵеит коронавирус аҟазаара рашәарамзанӡа акәхоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Иҟоу азгәаҭарақәа рыла авирус аԥсы ҭазаауеит рашәарамзанӡа. Аамҭақәак рышьҭахь Китаи аҟны акәымкәа, уи анҭыҵ акоронавирус аҿагылаа аҽарҭбаауеит", - иҳәоит Чжун Наньшань.

Иахьазы Урыстәыла ари авирус рымоуп 17-ҩык: Китаи атәылауаа ҩыџьа, Урыстәыла атәылауаа - 14-ҩык, Италиа атәылауаҩык.

Аԥсны уахи-ҽни аусура мҩаԥнагоит иҷыдоу аҭелтә еимадара, акоронавирустә инфекциа азҵаарақәа ирызкны. Дарбанзаалак акоронавирус иазку азҵаарақәа рҭак иоурц изҭаху ианиҭаху аҭел дасыр ҟалоит абарҭ аномерқәа рыла: +7 840 226 44 52; +7 840 226 49 55.

Асанитартә ҳақьым хада: Аԥсны акоронавирус ашьҭамҭа ыҟам - Sputnik Аҧсны
Асанитартә ҳақьым хада: Аԥсны акоронавирус ашьҭамҭа ыҟам

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус иаҿагыланы ақәԥаразы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара (ВОЗ), Еиду амилаҭқәа реиҿкаара, Евроеидгыла рахь ацхыраара иаҳәахьеит.

Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрреи Роспотребнадзори Аԥсны аҳәаа иахьаԥну асанитар-карантинтә ҭыԥқәа рырӷәӷәара иацхраауеит.

Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы иара убасгьы иаԥҵахоит асанитар-карантинтә ҭыԥ. Егры аҳәаала аус зуа аҳақьымцәа рыбригада аусурагьы рӷәӷәахоит.

Ареспубликаҿы иаԥҵахоит авирус здырбалаз рзы акарантин ахьеиҿкаахо амедицинатә усҳәарҭақәа. Уи адагьы аамҭалатәи авирустә инфекциа зыхьуа рзгьы иаԥҵахоит акарантин, урҭ рҭаара ԥкхоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0