Хыԥсыра зхыганы ихынҳәыз: Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Леуарса Ашәба

© Sputnik / Томас ТхайцукВетеран ВОВ Леварса Ашуба.
Ветеран ВОВ Леварса Ашуба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалахәыз Леуарса Қьбар-иԥа Ашәбеи иашьцәа хҩыки знысыз аҭоурыхтә мҩа аилкааразы ажурналист Сырма Ашәԥҳа диҿцәажәеит Леуарса иԥа Славик Ашәба.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы игаз 75-шықәсатәи Аиааира даԥылоит Џьгьарда ақыҭа инхо, 97 шықәса ирҭагылоу Леуарса Қьбар-иԥа Ашәба. Иазгәаҭатәуп, Очамчыра араион аҟны аветеранцәа рахьтә зыԥсы ҭаны иаанхаз иараӡәзаҵәык шиакәу. Леуарса Қьбар-иԥа игәашьамх дахашшаауам, аха ашықәс иара атәы ҟанаҵоит, иҟоуп зны-зынла акы анааиласуа, ишьақәыӷәӷәара анхало. Ила акыр иҵаруп, агәыр арахәыц кылидартә еиԥш, маҷк ихьысҳан иаҳауеит. Ирацәоуп ари абырг бзиа дызнысыз аԥсҭазааратә мҩа, дызхаану акымкәа-ҩбамкәа аибашьрақәа, аԥсҭбарақәа, ахьаагарақәа. Ҳара ҳзыҿцәажәаз Леуарса Ашәба иԥа Славик излаиҳәо ала, иаб итәылауаҩшәҟәаҿы 1924 шыкәса рзы диит ҳәа арбоуп, аха шықәсқәак деиҳауп, уажәшьҭа шәышықәса днарҭысхьазаргьы ҟалап.

© Sputnik Сырма АшубаАџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Леуарса Ашәба
Хыԥсыра зхыганы ихынҳәыз: Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Леуарса Ашәба - Sputnik Аҧсны
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Леуарса Ашәба

"Усҟан, ишахәҭаз еиԥш изымҩаԥымсуазар акәхарын ашәҟәҭагалара иадҳәалаз аусқәа, аамҭа ус иҟан. Ари ареволиуциа ашьҭахь акәын, ареволиуциа ахаангьы ауаа ахьҭаргалоз ауахәамақәа рҿы акәын. Саб ақьаад аҿы иарбоу иирашықәс дақәшаҳаҭӡам, "иҵегьы сеиҳабуп" иҳәоит", - абас ҳаиҿцәажәара хацҳаркит Славики сареи.

Хыџьгәа Мачагәа-иԥҳа Гәылариаԥҳа - Sputnik Аҧсны
"Кавказ ахьчаразы" амедал зауз Аҷандаратәи аԥҳәыс лҭоурых

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ианалагоз, Леуарса Қьбар-иԥа Ашәба ашахта дҭан, уаҟа аус иуан. Иара хҩык аишьцәа иман: Ҭемраз, Кәана, Сҭеԥан. Леуарса дназлаз аишьцәа рыԥшьҩыкгьы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын. Аишьцәа зегьы иреиҵбыз Леуарса иакәын.

"Ашахта дызҭаз абронь аман. Ус ишыҟаз, ашахтаҿы адиверсиа ҟалеит. Иԥыржәарц азы иҵарҵаз артҟәацгақәа рҟынтәи, саб иҳәоны изласаҳахьоу ала, иҟоуп иԥжәаз. Убри ашьҭахь ашахта даԥырҵны аҩныҟа дааит. Усҟан Џьгьарда ахахьы Ахәҵа ҳәа иахьашьҭаз инхон. Аҩны дшыҟаз ашахтахь аусура деиҭаарыԥхьеит. Аха иара "сашьцәа еибашьра иҟоуп, саргьы еибашьра сцоит, ашахтахь уаҳа схынҳәӡом" иҳәан, саб аибашьрахь дцеит", - иҳәеит Славик Ашәба.

Леуарса Ашәба Аџьынџьтәылатә еибашьрахьы данца 13 мшы ааҵуаны ахы даҿагылар акәхеит. Аамҭа бааԥсын, аибашьра гәӷәа цон, афашист иҿагыланы еибашьуаз рахьтә иҟан уамаӡак ззымдыруазгьы, аха аԥышәара аамҭа иҭагылар акәхеит.

"Ԥыҭрак еибашьхьан еиԥш, Новороссииск зынӡа амца акны иҟан, убраҟа саб ахәра ӷәӷәа иоуит. Ихәра иахҟьаны Ермантәыла, Ленинакан агоспиталь ахь ддәықәырҵеит, уаҟа дышьҭан фымз инарзынаԥшуа. Убрантәи угәы бзиахаанӡа ҳәа даарышьҭит аҩныҟа, иаҳәшьа Дуда ҳәа дыҟан, илҳәо саҳахьан, саб алаба икын, ашьа иҿыҵуан данеимҳәалак. Аџьамыӷәа цәгьа ихигазаргьы, иԥсы ҭаны далҵгәышьеит аибашьра", - иаб дызнысыз аҭоурыхтә мҩа ҳзеиҭеиҳәон иԥа.

Леуарса Ашәба иашьцәа рахьтә иҟоуп аибашьраҿы хабарда ибжьаӡыз, иара убас аҩныҟа ахынҳәра зылшаз. Урҭ зегьы дара рхатәы лахьынҵа рымоуп, ишрымоу еиԥш дара рхатәы ҭоурых.

© Sputnik Сырма АшубаАџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Леуарса Ашәбеи иԥа Славики
Хыԥсыра зхыганы ихынҳәыз: Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Леуарса Ашәба - Sputnik Аҧсны
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Леуарса Ашәбеи иԥа Славики

"Арҭ ашықәсқәа зегьы саб иашьа Сҭеԥан Ашәба ихабар ҳаздыруамызт. Аԥсҭазаараҿы иџьашьахәу ахҭысқәа аныҟалало рацәоуп. Хәбаҟа шықәса раԥхьа, лаҵарамза 9 рзы, аинтернет ҳахьынҭалаз, Сҭеԥан ихабар зҳәоз аҩымҭа машәыршақә иаҳбеит. Уаҟа излазгәаҭаз ала, иара анышә дамадоуп Нхыҵ Кавказ, сержант-еиҳабыс дыҟан. Подольсктәи архив аҟынтә ауп аинформациа шыҟоу, азеиԥш нышәынҭраҿы еицжуп 1000-ҩык инарзынаԥшуа ауаа", - ҳәа азгәеиҭоит Славик Ашәба.

Александр Гагәылиа - Sputnik Аҧсны
Лыхни Берлини згәы иҭамкәа еимаздаз Александр Гагәылиа, ма патреҭк аҭоурых

Аишьцәа рахьтә Леуарса иашьеиҳаб Ҭемраз Ашәба деибганы аибашьра алҵра илшеит. Ҭемраз амҩа дшықәыз ауп лаҵарамза 9, 1945 шықәса рзы аибашьра шеилгазгьы.

"Ҭемраз иԥсҭазаара далҵит 1988 шықәса рзы. Дыҟанаҵгьы ибжьы аҭыԥахь имааицызт, дхәын. Даноурышьҭыз арыцхә ақьаад ианын акарандашь ала. Ахԥатәи рашьа Кәана Ашәба хабарда ибжьаӡыз рсиахь дыҟоуп, иахьа уажәраанӡа иӡбахә ҳмаҳаӡац", - иҳәеит Славик Ашәба.

Хыԥсыра баны, аибашьра амца шыра иалҵыз Леуарса Ашәба, аибашьра анеилга дук мырҵыкәа, аҭаацәара далалеит. Инасыԥ ицеиҩылшеит ахшара рацәеи амаҭацәеи ицзааӡаз Фениа Михаил-иԥҳа Лагәлаа.

"Ҳара хәҩык ахшара ҳрааӡеит ҳани ҳаби. Ҩыџьа саҳәшьцәа рыԥсҭазаара иалҵхьеит. Аԥсны Аџьынџтәылатә еибашьраҿы дҭахеит саҳәшьаԥа Ҭамаз Қәинаӡе, Аиааира амш абара дахьымӡакәа, цәыббра 29, 1993 шықәса рзы. Егьи саҳәшьаԥа Дима Гамгьиа иакәзар, 16 шықәса шихыҵуаз аибашьра дцеит имукәа. Деибганы далҵит, иреиҳау аҵараиурҭа далгеит. 2001 шықәса рзы "Сахарная голова" Гелаев данҳақәла, убраҟа дҭахоит. Аибашьра иацәынхаз саб урҭ реиԥш ирацәоуп ихигахьоу аԥсҭбарақәа зцу ихьаақәа", - ҳәа азгәеиҭоит аԥа.

© Sputnik Сырма АшубаАџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Леуарса Ашәба Аиааира Ду 75 шықәса ахыҵра иазку аиубилеитә медал ианаршьоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа
Хыԥсыра зхыганы ихынҳәыз: Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Леуарса Ашәба - Sputnik Аҧсны
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Леуарса Ашәба Аиааира Ду 75 шықәса ахыҵра иазку аиубилеитә медал ианаршьоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа

Аиааира ду амшныҳәа аламҭалазы ирацәоуп Леуарса Қьбар-иԥа Ашәба атәыла анапхгареи ауаажәларреи рҟынтәи иоуа адныҳәаларақәа, азеиӷьашьарақәа. Убас еиԥш, мышқәак раԥхьа имедалқәеи иорденқәеи рхыԥхьаӡара иацлеит, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин иусԥҟала игәышԥы иадыркит Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазку аиубилеитә медал. Ари ахҭыс хаҭала саргьы саҿахәҳәагахеит, акырӡа сазгәыдуны исыдыскылеит. Леуарса Қьбар-иԥа Ашәба ифырхаҵареи, игәаӷьреи, ичҳареи, ихымҩаԥгареи еиҵагылоу абиԥарақәа рзы акыр иҿырԥшыгоуп.

Ашәышықәса иахаану зыԥсы ҭаны иҳамоу аветеранцәа агәабзиара ду рзеиӷьаҳшьоит, здунеи зыԥсаххьоу ракәзар, ргәалашәара лаша ҳацуп. Аџьынџьтәылатә еибашьру ду иалахәыз, афицар ичын змаз сабду Паҷ Шьаҳан-иԥа Ҷанба иҩызцәеи иареи рҿаԥхьа саӡәыкны схырхәоит.

Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа! Аиааира ду амш ныҳәа шәагымзааит!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0