Аахыҵ Уаԥстәыла акоронавирус змоу раԥхьатәи ачымазаҩ даарԥшуп

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАахыҵ Уаԥстәыла акоронавирус змоу раԥхьатәи ачымазаҩ даарԥшуп
Аахыҵ Уаԥстәыла акоронавирус змоу раԥхьатәи ачымазаҩ даарԥшуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ачымазара змоу Аахыҵ Уаԥстәылаҟа дааит Нхыҵ Уаԥстәылантә. Уи акоронавирус шимаз шьақәдыргылеит акарантин данахысуаз.

АҞӘА, лаҵара 6 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла акоронавирус раԥхьатәи ахҭыс аҭыԥ амоуп ҳәа аанацҳауеит амаҵзура Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.

Ачымазара змоу Аахыҵ Уаԥстәылаҟа дааит Нхыҵ Уаԥстәылеи иареи ирыбжьоу аҳәаа анадыркы ашьҭахь. Иара акарантин аамҭа ихигон ачымазара аҟазшьақәа анидырбалаз.

Уажәы иара иныруаз зегьы рыҭҵаара иаҿуп.

Аахыҵ Уаԥстәыла акоронавирустә инфекциа иахырҟьаны аԥкыратә уснагӡатәқәа ирылаган мшаԥымзазы. Амза алагамҭа аахыс Урыстәылеи дареи рҳәаа аркуп, ахысра азин ҷыда ада иҟалаӡом. Аԥкра аҿҳәара ҳәа ишьақәыргылоуп лаҵара 31. Иара убасгьы Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьарагьы аҳәаа аркуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0