Мықәаа рҭаацәара аҭоурых: ҩыџьа аицалацәа абиԥарак шыдмырӡыз

© Foto / предоставила Саида ЖибаДамеи Чаӷыр-иԥа Мықәба ихылҵшьҭра
Дамеи Чаӷыр-иԥа Мықәба ихылҵшьҭра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҟам ԥсыуа ҭаацәарак знысымҩа аҭоурыхтә хҭысқәа рыла иҭәым, гәырҩа зкьымсыз, уадаҩра зхызымгаз. Оҭҳара ақыҭан инхоз Дамеи Мықәба ихәышҭаарамца ҩыџьа аицалацәа ишеиқәдырхаз иазкуп иахьатәи ажәабжь. Уи еиҭалҳәеит ари агәараҭаҟны еиҵагылаз абиԥараҿа зааӡо аҭаца Ида Ахԥҳа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

- Шәаб ихьӡыз шәҳәеи, шәабду… - абас уажәы-уажәы зҭаацәаратә ҭоурых аиҭаҳәара зцәыуадаҩхаз, алаӷырӡ зҿықәыҳәҳәоз аиҳәшьцәа Мерии Ларисеи рахь лхы рханы аиҳабацәа рыхьӡ зшьоз аҭаца Ида Ахԥҳа дара идырҳәо, лара рыԥсҭазааратә нысымҩа дазааҭгыло ауп ишанысҵаз ари агәараҭа иадҳәалоу ажәабжь.

Қьаамыни Акакии Барганџьиаа, урҭ рҩыза, гәыԥҩык ахәыҷқәа - Sputnik Аҧсны
Зегьы ирызҟазан: еициз аишьцәа Қьаамыни Акакии Барганџьиаа рҭоурых

Дамеи Чаӷыр-иԥа Мықәба анхаҩ нага ҳәа ззырҳәоз иакәын. Инхара, инҵыра уаҩ даҵашьыцыртә иҟан. Иара жәҩык ахшара драбын. Ԥшьыҩк аԥацәеи, хәҩык аԥҳацәеи. Аха аԥсҭазаара убас иҟалеит, ашҭа ҭзырҭәаауаз ҷкәыни, ӡӷаби рахьтә ԥшьҩызаҵәык роуп ԥхьаҟа ахылҵ дзауз, егьырҭ ираамҭанымкәа адунеи рыԥсахит. Аишьцәа аҭоурыхтә хҭыс еиқәаҵәақәа ирылаӡит.

Дамеи иԥа Дугра Сталини Бериеи имҩаԥыргоз аполитика ҟьашь дахәлабгеит. 37-тәи ашықәсқәа раан ажәлар раӷа ҳәа харада ахара идҵаны, Гагра, Абааҭатәи абахҭаҟны дыргәаҟны, аҳәаанхыҵ дахыргоит, уинахыс хабарда дыбжьаӡуеит.

"Дугра иашьа Иашка аԥҳәызба дҳәаны димоуп ҳәа дамхагәырӷьаны данхыс, абџьар ныҟәигоит ҳәа ицәгьа рҳәеит, иара убри иахырҟьаны, ааха дарго мацара ддырҳәацәон. Аҵыхәтәаны Аԥсны далганы дыргоит. Наҟ-наҟ иԥсҭазаашьахаз еилкаам", - ланхәа лҟынтә илаҳахьаз ажәабжь еиҭалҳәоит Ида Ахԥҳа.

Актәи Адунеизегьтәи аибашьра ду аҟны "Аԥсуаа рышәк" иалахәыз аибашьцәа. Арӷьарахьтә актәи Коӷониа Ҟача иоуп - Sputnik Аҧсны
Нанду лразҟы: Ҷаҷа Габлиаԥҳаи "Аԥсуаа рышәк" иалаз Ҟача Коӷониеи рҭаацәара иазкны

Дамеи иԥа Нестор иакәзар, уи анкьа аԥсуаа рҿы аҭыԥ ҷыда змаз ашьоура дахҭынҟьаны дҭадырхоит, зынӡа акагьы шихарамызгьы. Абас ҩыџьа аҷкәынцәа аҭаацәара иалалаанӡа, рыҵәҩаншьап адырсаанӡа рыԥсҭазаара иалҵуеит. Иаанхаз ҩыџьа аишьцәа Иашкеи Романи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аналага, рыуаажәлар ираԥхьагыланы азеиԥш ԥсадгьыл ахьчара иазгылоит. Аибашьра амцашыра иалҵны иаауеит, ахәрақәа роуны.

"Иашкеи Романи аибашьраҿы ироуз ахәрақәа ирхырҟьаны ираамҭанымкәа рыԥсҭазаара иалҵит. Дара хҩык-хҩык ахшара рҭынхеит. Асабицәа рааӡареи, ршьапы рықәыргылареи, уимоу анхамҩа аныҟәгареи рҟәаҟәа иқәхеит рыҳәсеибацәа Кәикәица Ҭырқьԥҳаи Ольга Ахьиԥҳаи", - лажәа иацылҵоит аҭаца.

Аҵыхәтәаны Роман иоуп адунеи зыԥсах. Аԥсыжра аҽны, аицалацәа рхәыҷқәа ргәыдыҳәҳәала ишгылаз, агәашә иавсуаз ҽыуаҩык "Дамеи рыцҳа, ушәи угәашәи шԥаки" ҳәа ибжьы ҭыганы иҳәазаап. Уи заҳаз аҳәсацәа даара игәныргеит. Ԥсабарала иҟәышыз, аԥсҭазааратә ԥышәма змаз Кәикәицеи Ольгеи рхәыҷқәа аӡәы иашьҭахь имгыло, уимоу, аҵара дуқәагьы дырҵаны, рыԥсадгьыл амаҵ азыруртә еиԥш алшара рырҭоит.

© Foto / предоставила Саида ЖибаДамеи Чаӷыр-иԥа Мықәба иргылаз аҩны. Иахыҵуеит 120 шықәса инеиҳаны
Мықәаа рҭаацәара аҭоурых: ҩыџьа аицалацәа абиԥарак шыдмырӡыз - Sputnik Аҧсны
Дамеи Чаӷыр-иԥа Мықәба иргылаз аҩны. Иахыҵуеит 120 шықәса инеиҳаны

"Иашка ихылҵыз ақыҭаҟны иаанхеит, Роман итәқәа Гагра инхоижьҭеи акрааҵуан. Аицалацәа рхәыҷқәа рааӡараҿы рыуа-рҭынха рыцхраауан. Исымҳәарц залшом усҟантәи аамҭазы Оҭҳара ашәанцәа ааганы ианындырхоз, ари агәараҭа иатәыз ажәытә ԥсыжырҭақәа ахьыҟаз адгьылгьы ахархәарахь ишрырҭаз. "Уԥсцәа еиҭаугааит" ҳәа аԥсуаа зыцәшәо ахҭысгьы абраҟа иҟалеит. Мықәаа рнышәынҭрақәа ыҟамшәа адгьыл иаҟаратәны, ашәанцәа ықәынхо иалагеит. Уи агәнаҳа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ирыхьӡан, иахьа инықәыӡӡа ицеит", - ажәабжь иацылҵоит Ида Ахԥҳа.

Романи Иашкеи рхәыҷқәа Аԥсни анҭыҵи иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылгоит. "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Гагра араион аӡбаҩ хада Мерии Гәдоуҭа Араионтә еизара адепутатс акыр шықәса иҟаз Валерии (адунеи иԥсаххьеит) рыӡбахә бзиаӡаны ирдыруеит ҳтәылаҟны.

Иахьа Дамеи Мықәба игәараҭа иахагылоуп Валери ихылҵыз арԥарцәа. Руаӡәы Дамеи ихьӡ дазгәдуны иныҟәигоит.

© Foto / предоставила Саида Жиба Дугра Чаӷыр-иԥа Мықәба ихьӡ ижәла зну инапала иҟаиҵаз аишәа
Мықәаа рҭаацәара аҭоурых: ҩыџьа аицалацәа абиԥарак шыдмырӡыз - Sputnik Аҧсны
Дугра Чаӷыр-иԥа Мықәба ихьӡ ижәла зну инапала иҟаиҵаз аишәа

Лассы-лассы рхәышҭаарамца ахьеиқәу еизалоит аишьцәа Иашкеи Романи рыхшареи рмоҭацәеи. Арепрессиа иалаӡыз Дугра аамҭала инапала ашҭаҟны иргылаз аишәа хәыҷ иадтәаланы, шәышықәса ирҭысхьоу баҟас иԥхьаӡаны иқәрымгац Дамеи икәасқьа иадыԥшыло иргәаладыршәоит аицалацәа ргәы нзырхаз аҽыуаҩ иажәақәа. Адунеи зыԥсаххьоу Кәикәица Ҭырқьԥҳаи Ольга Ахьиԥҳаи абиԥара аиқәырхара ахьрылшаз азы анцәа иҭабуп ҳәа иарҳәоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0