Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Риад Арҩыҭаа: ҳдацқәа ахьыҟоу Аԥсноуп

© Foto / Р. Арыҩҭаа ихатә архив аҟынтәРиад Арҩыҭаа аибашьра аан
Риад Арҩыҭаа аибашьра аан  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Леон иорден занашьоу Шьамтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Риад Арҩыҭаа дазааҭгылоит аибашьра иадҳәалоу игәалашәарақәа ртәы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ԥсабарала иуаҩы аамысҭашәоу, зыԥсадгьыл аҿаԥхьа зуалԥшьа назыгӡаз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аԥхьатәи амшқәа инадыркны аҵыхәтәанӡа фырхаҵарыла ианысыз, Леjн иорден занашьоу Риад Арҩыҭаа аӡәырҩы иҩызцәа реиԥш, аибашьра адәаҿы ихҭигаз ахҭысқәа рзааҭгылара ицәыуадаҩуп.

"Сара ссолдаҭын, исырҭоз адҵа насыгӡон сыуаажәлари сыԥсадгьыли рыхьчаразы", - иҳәеит Риад Арҩыҭаа, ҳаиҿцәажәара алагамҭазы.

Президент Абхазии Владислав Ардзинба. - Sputnik Аҧсны
Владислав Арӡынба иажәеи иаамҭеи

1992 шықәса рзы, Риад Арҩыҭаа иашьеиҳаб, Леон иорден занашьоу, аибашьраҿы хьыӡла иҭахаз Фарид Арҩыҭааи, ҩыџьа адыгьақәеи, Риади, Шьамтәылантәи Аԥсныҟа иаахьан аргыларатә усқәа рганахь ала. Аибашьра ианалагаз аҽны, Гәдоуҭа араион, Дәрыԥшь ақыҭаҿы аус руан. Нанҳәамза 14, аус ахьыруаз аҩнаҭа аԥшәма иаҳаз ажәабжь хлымӡаах ҳџьынџьуаа рлымҳа аҟынӡа инеигеит, ақырҭқәа ҳаԥсадгьыл ишақәлаз ала.

"Иҳаҳаз акыр ҳгәы ҳнархьит. Ауха ателехәаԥшрала Владислав Арӡынба иқәгылара ҳбеит. Адырҩаҽныҵәҟьа сашьа Фариди сареи Гәдоуҭа аштаб ахь ҳцеит, уаҟа иҳақәшәеит Ибрагим Иаганов напхгара зиҭоз аҟабардақәа ргәыԥ. Дара зхы иақәиҭыз автоматқәа ҩбеи, гранатамиотки рыман. Урҭ абџьарқәа Мамзышьха ирхәқәаз ҩыџьеи,иҭахаз аӡәи ртәқәа ракәын. Фарид агранатомиот игеит, сара автомат ааныскылеит. Ақырҭқәа Гагра иҟан, Иаганов игәыԥ Пицундаҟа идәықәырҵеит, ҳара Бзыԥҭа аӡиас иху ацҳа арыӷьарахьтәи аганахь ала амшын аԥшаҳәа ҳахьчон", - иҳәет Риад Арҩыҭаа.

Абас, аԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла ԥшрак ҳәа ҟамҵақәа рашьцәа иарӷьажәҩаны ирыдгылеит аишьцәа Фариди Риади Арҩыҭаа. Аԥсуа гәаӷь зызҭаз аибашьцәа шәарак захьӡыз рыздыруамызт, ажәылара ахьыҟаз рҩызцәа ирывагылан.

"Рациала, зениткала Ибрагим Иаганов ҳаҽимаҳдон, иаҳтәымыз ӷбак ҳбар, мамзаргьы ҳаирпланк шхылаз гәаҳҭар, адырра иаҳҭон, аимадара ҳабжьан. Аԥшаҳәа зыхьчоз ҳгәыԥ аилазаара 20-ҩык инарзынаԥшуа ишьақәгылан, уи иалахәын бзыԥҭатәи аԥсуаа, иара убас Шьамтәылатәи арԥарцәа: Дани Агрба, Муҳаммед Раџьаб, Иорданиантәи Ҳалдун Леиба. Аҭыԥантәи аԥсуаа бџьарс ирымаз ашәарыцагатә шәақьқәа ракәын. Гагра ахақәиҭтәразы ажәылара иалагаанӡа уа ҳаҟан", - азгәеиҭеит Риад Арҩыҭаа.

© Foto / Р. Арыҩҭаа ихатә архив аҟынтәРиад Арҩыҭаа аибашьра аан
Риад Арҩыҭаа: ҳдацқәа ахьыҟоу Аԥсноуп - Sputnik Аҧсны
Риад Арҩыҭаа аибашьра аан

Забацәа рџьынџьдгьыл ргәазхара абара раӡаанӡа амца шыра иалагылаз ҳџьынџьуаа аибашьра адәаҿы рхымҩаԥгара ҿырԥшыган, рҩызцәа ирыхӡыӡаауан, ҳаҭырла еизыҟан.

"Гагра ажәылара анымҩаԥысуаз, Иаганов идҵаҟаҵарала иара игәыԥ ахь ҳаигеит, уахынла ҳара ҳдесант "Холодная речка" ҳәа иахьашьҭоу иҟан, Гагра анаҩс, аҟабардақәеи аԥсуааи 60-ҩык рҟынӡа ҳаицын Пицундатәи абаталион аҿы. Шьхала зхы иақәиҭыртәхьаз Гагра азхәҭак ахь ҳалбааит гәыԥк хыхьла, егьи агәыԥ Фарид ицны ҵаҟала ицеит. Раԥхьатәи агәыԥ аҳәааҟынӡа инаӡахьан, амҩа харан, ҳара ҳархьымӡацеит, аҩбатәи амш азоуп ҳанеиқәшәа",- азгәеиҭеит аветеран.

© Foto / Р. Арыҩҭаа ихатә архив аҟынтәРиад Арҩыҭаа аибашьра аан
Риад Арҩыҭаа: ҳдацқәа ахьыҟоу Аԥсноуп - Sputnik Аҧсны
Риад Арҩыҭаа аибашьра аан

Риад Арҩыҭаа излаиҳәо ала, Гагра аӷацәа рҟынтә ахы ианақәиҭыртә ҳаибашьцәа, мышқәак рнаҩс адесант Очамчыраҟа иӡхыҵыр акәын, аха изалмыршамхеит, аӷба ахьыбжьысыз иахырҟьаны.

"Анаҩс, иазгәаҭан Шроматәи ажәылара, аха илҵшәадахеит. Уа хгәыԥкны ҳаҟан: ачеченцәа, аҟабардақәа, аԥсуаа. Ари ажәылараҿы сашьа Фарид ҳаӷацәа дрытҟәеит. Ақырҭқәа адҵа ықәдыргылеит абас: "Аԥсуа ган аҟны итҟәаны ирымоу ҳаибашьцәа зегьы дыргьежьыр, Фарид дышдырхынҳәуа ала". 20-ҩык инарзынаԥшу ақырҭқәа абаандаҩцәа аанханы иҟан ҳара ҳганахь. 20 мшы ааҵуаны еиԥш, Фариди ақырҭқәеи еиҭнырыԥсахлеит, Владислав Арӡынба дақәшаҳаҭхеит",-игәалашәарақәа есааира дыргәылархалон Риад Арҩыҭаа.

Адгур Какоба  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Какоба: иахьагьы сыбла ихгылоуп, Ацҳа ҟаԥшь аҟны алабақәеи аигәышәқәеи зкыз ахацәа

Алада, Аҩада Ешыра, Гәымысҭа, Аҟәа ахақәиҭтәра уҳәа, Риад Арҩыҭаа ажәыларақәа зегьы дрылахәын. Иашьа Фарид аӷацәа рҟынтә ихы данақәиҭыртә ашьҭахь Нальчикҟа ддәықәҵан игәабзиара аиҭашьақәыргыларазы. Мызкы аамҵыҵкәа деиҭааит Гәдоуҭаҟа, ара дахьааиз Гена Карданови иареи еиқәшәеит, Мрагыларатәи афронт ахь еиццеит, аха издыруадаз уа иԥеиԥшыз закәыз.

"Шьамтәылантәи еибашьуаз Заур Чычбеи Фариди, Карданов ицны Мрагыларатәи афронт ахь иааит. Март 16 рзы азеиԥш жәылара мҩаԥган, аха ишыжәдруа еиԥш илҵшәадахеит, аибашьцәа рацәаҩны иҳацәҭахеит. Аерманцәа ахьынхоз Аҭара аганахь ала аԥсацәа ахьынхоз илбааит Фарид дызлаз агәыԥ, амҩаду адыркыр акәын Очамчыреи Аҟәеи еимаздоз. Убасҟан ахәра иоуит Фарид, иҭҟьаз ахы ихы иаахеит, амза 19 рзы иԥсҭазаара далҵит",-луанытә дқәыԥсычҳауа иашьеиҳаб дышҭахаз атәы дазааҭгылеит Риад Арҩыҭаа.

Риад Арҩыҭаа иашьа дышҭахаз атәы аниарҳәа акыр деиҵанарӷәӷәеит. Усҟан атәылахьчара аминистрс иҟаз Аԥсны Афырхаҵа Сулҭан Сосналиев, Риад дааиԥхьан хаҵаҵас диацәажәеит, аҳәара шицәыуадаҩызгьы адырра ииҭар акәхеит Фарид Арҩыҭаа иԥсҭазаара дшалҵыз.

"Акыр ихьаауп уҩызцәа анувыршьаауа, уашьа гәакьа иҭахара атәы ажәала иузеиҭаҳәом. Сосналиев акыр деиҵанарӷәӷәеит Фарид иҭахара, иҳәеит ԥшьымш аҳаирплан ҳәа акагь шыҟамло, иԥсыбаҩ арахь ишырзаамго. Заур Чычбеи сареи рациала ҳаицәажәеит, иасҳәеит уаҟа ԥсылманҵасла анышә дамардарц, уахьгьы арахьгьы ԥсыуа дгьылуп. Тҟәарчал амитинг еиҿыркааит, аҵәыуара ҟарҵеит, сыуаажәлар ишихәҭаз еиԥш сашьа анышә дамардеит. Тҟәарчал ақалақь агәаны, ҳаибашьцәа рҳаҭгәынқәа ахьыҟоу иаргьы изқәаҭыԥ ҟалеит", - иҳәеит Риад Арҩыҭаа.

Риад Арҩыҭаа иашьа иҭахара атәы анысзеиҭеиҳәа ашьҭахь, исцәыуадаҩын аибашьра иадҳәалаз азҵаарақәа иҭара. Избон, илаӷырӡқәа мчыла иҵәахуа дышсацәажәоз. Дқәыԥсычҳауа ҩаԥхьа ҳаиҿцәажәара иациҵон, сгәаҵанӡа ишнеиз анибалак ицәажәара нахигон, ишиҟазшьоу еиԥш дааԥышәарччон.

"Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара анцоз, Ачадара ахахьала Пицундатәи абаталион алахәцәеи Аԥсны Афырхаҵа Муаед Шоров игәыԥи ҳаиқәшәеит. Авокзал ахь ҳанылбаа аибашьра цон, ақырҭқәа ртанк аихамҩала аџьармыкьа аганахь ицон, азна ақырҭқәа ҭан. Заур Чычба адгьыл даласан дахьышьҭаз, ҿиҭуан: "абри атанк ҳара ҳтәакәзар ҟалап"-ҳәа, ус игәы иаанагеит Ашьҭахь, хымԥада ҳаибашьцәа иҭадырхеит, хара инарышьҭуамызт",-ҳәа азгәеиҭеит Риад Арҩыҭаа.

Возложение цветов в Парке Славы - Sputnik Аҧсны
Аԥсны иазгәарҭоит Аџьынџьтәылатә еибашьра алагеижьҭеи 28 шықәса аҵра

Аҟәа ақалақь Ахақәиҭра ашҭаҿы Риад Арҩыҭаа иҩызцәеи иареи ргәыԥ ацәыӡ аиоуит, аснаипер диеихсны дишьит Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаԥхарла еибашьуаз Артур Кормоков(Ҟармыҟәа). Имаҷҩымызт Ахақәиҭра зхы ахҭнызҵаз ҳаибашьцәа, иара убас ахәрақәа заузгьы.

"Аҟәа ақалақь ахы ианақәиҭаҳтә ауха ақалақь аҿы саанхеит. Адырҩаҽны Аӡҩыбжьа ҳаиқәшәеит мрагылареи мраҭашәареи аибашьцәа. Аиааира ҳгеит ҳәа сара ианазхасҵа Ахақәиҭра ашҭаҿы саннеи ауп", - иҳәеит Риад Арҩыҭаа.

Нҵамҭак аҳәаақәа ирҭагӡаны иуадаҩуп ҳаибашьцәа ирхыргаз афырхаҵара атәы аҳәара. Риад Арҩыҭаа еиԥш аибашьцәа гәымшәақәа, рхала рыхьӡ наунагӡа ирчаԥеит, иҩагыло абиԥарақәа дара рҿырԥшала еизҳалап, Аԥсадгьыл иаҵеицәа иашақәаны иҟалап.

Леон иорден занашьоу Риад Арҩыҭаа дахьиз аҩнаҭа ҭаацәара дуун. Иаб Абдуль-Уаҳаби, иан Уаџьиҳа Быжьи жәаҩык ахшара рааӡеит фҩык арԥарцәеи, ԥшьҩык аҭыԥҳацәеи. Иахьазы Аԥсны инхоит Риад иашьцәа ҩыџьа Имади, Ҳалиди. Риад Арҩыҭаа иакәзар дҭаацәароуп. Иԥшәмаԥҳәыс Назира Шехови иареи хҩык ахшара рымоуп, ҩыџьа аԥацәа: Анзори Раули, рыԥҳа Асиеи.

© Sputnik / Марианна Кубрава Риад Арҩыҭаа
Риад Арҩыҭаа: ҳдацқәа ахьыҟоу Аԥсноуп - Sputnik Аҧсны
Риад Арҩыҭаа

Аибашьра ашьҭахь Риад Арҩыҭаа иани иаби Шьамтәылантәи Аԥсныҟа иааит, аибашьраҿы иҭахаз рԥа Фарид иҳаҭгәын рнапы нықәыршьырц, рыҷкәынцәа ззеибашьуаз рыԥсадгьыл гәакьа абла иҭаԥшырц. Зыхшара аибашьраҿы иҭахаз аҭаацәарақәа рҿаԥхьа ҳхырхәоит, рыҷкәынцәа ргәалашәара ҳацуп.

Риад Арҩыҭаа иҩызцәа аибашьцәеи иареи ирзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, акыршықәса рыԥсадгьыл иазааргаз Аиааира амшныҳәа иаԥылалааит! Риад Арҩыҭаа дынхоит Дранда аҳаблан. Инхарҭа иаҿоу аҩнашә унадгыларгьы, иаразнак иубарҭоуп инхоу дызусҭоу, зыԥсадгьыли зыуаажәлари бзи избо аӡә шиакәу.

© Foto / Р. Арыҩҭаа ихатә архив аҟынтәРиад Арҩыҭаа иҩнашә
Риад Арҩыҭаа: ҳдацқәа ахьыҟоу Аԥсноуп - Sputnik Аҧсны
Риад Арҩыҭаа иҩнашә

Хаҭала, сара саҩымсӡеит Риад Арҩыҭаа ихьӡи ижәлеи зныз аҩыра анызба, аха уи аҽны аҩны аӡәгьы дсықәымшәеит, аусура иҟан. Адырҩаҽны Риади сареи ҳаиқәшәеит ақалақь аҿы, ҳаиҿцәажәара иахылҿиаазгьы, ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа шәҟынӡа анагара сҽазысшәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0