Сечиль Аӡынԥҳа: Аԥсны махəык нхьыдышьшьыргьы Ҭырқəтəыла ргəы днархьуеит

© Foto / Сырма АшәԥҳаСечиль Аӡынԥҳа
Сечиль Аӡынԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шықəсқəак раԥхьа Ҭырқəтəылантəи зыԥсадгьыл ахь ихынҳəыз Сечиль Аӡынԥҳа лҭоурых ажурналист Сырма Ашəԥҳа ланҵамҭаҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Абар уажəшьҭа фышықəса ҵуеит Сечиль Аӡынԥҳа Ҭырқəтəылантəи Аԥсныҟа нхара дааижьҭеи. Арантə ахҵəара иақəшəаз лабшьҭра Дузџьа иаҵанакуа Амҷқеҩ (Амҷаа рқыҭа) аҟны анхара иалагеит. Аԥсуа шьа иалҵыз, аԥсуара аԥҟарақəа ирықəныҟəо, ҳҵасқəа реиқəырхара акырӡа иазҿлымҳау Сечиль Аӡынԥҳа лаԥсшəа акырӡа ицқьоуп, уи хымԥада изыбзоуроу дхəыҷаахыс ақыҭаҿы дахьеизҳауаз ауп.

"Сара саб иан Саӷариаԥҳан, Селиме лыхьӡын, сан лан Емине лыхьӡын, Ҟарачԥҳан, сара Неџьмеҭҭин Аӡынба сиԥҳауп, сан Кадрие лыхьӡын, Ҟəуруаԥҳан. Ишыббо еиԥш схəыҷы, сызлыҵыз зегьы аԥсацəоуп, аԥсшəа сымҳəар ԥхашьарами", - ҳəа азгəалҭеит Сельчин Аӡынԥҳа илдыруаз аԥсшəа џьашьахəыла саназнеи.

Сечиль дҭаацəароуп, лыԥшəма Аҩӡбоуп. Раԥхьа Аԥсныҟа иааз лыҷкəын иоуп, иара араҟа ахəыҷы даниоу лмаҭа дылбаразы дааит, нас Ҭырқəтəылаҟа уск азы деиҭацеит, ашьҭахь зынӡа нхаразы иааит лыԥшəма Мемдыхə Аҩӡбеи лареи.

Мефтун Ванача - Sputnik Аҧсны
Мефҭун Уанаҿа: сыԥҳа хəыҷы Мрамза Мқанԥҳа лыхьӡала Аԥсны иазҳауеит араҵла

"Сыҷкəын иҭаацəа иманы Ҭырқəтəылаҟа дхынҳəит. Арахь данаауаз ус гəҭакыс имамызт, аха Аԥсны иҽеимыз аҭагылазаашьақəа дрықəшəеит, иахьысҳəо ԥхашьаразаргьы аԥсра дахыԥеит, бааԥсыла дрыпҟеит, ахəышəтəырҭагьы дҭашəеит, ара адəқьан аҟны аус иуан. Ашəарҭадара азҵаара еиԥш, азакәанқəа аус руроуп, Аԥсны ԥхьаҟа ицароуп, абааԥсы. Уи азы ҳаԥсадгьыл ҳацəгəаар ҟалома, уадаҩрак ҟалазаргьы аҭыԥ иқəлап, ҳара еилаҳкаароуп Аԥсны ҳара ҳаԥсадгьыл шакəу, иқəынхо ауаа ҳара ҳауаажəлар шракəу", - лҳəеит Сечиль Аӡынԥҳа.

Ҭырқəтəыла Сечиль дахьынхоз ақыҭа Амҷқеҩ иара ахьӡ ишаҳəо еиҧш, ишьақəзыргылаз Амҷаа роуп, инхо аҧсуа жəлақəагы маҷым. Даара рхатəы бызшəа бзианы ирдыруеит аиҳабацəа, аҿаргьы ирдыруа аԥсуа бызшəа ҟəнушьартə иҟам.

"Сқыҭа дааара иԥшӡоуп, сара схəыҷра зегьы уа исхызгеит. Сыԥшəма Гəыма деиуоуп. Ҳанду аҭырқəа бызшəа ҳҳəар луӡомызт, ҳалшьуан, аԥсышəа мацарала ҳцəажəон. Сара саҳəшьа ашкол ахь дцаанӡа аҭырқəшəа лыздырӡомызт зынӡак, ашкол даналга илхыччон аҭырқəшəа ахьылымҳəоз. Ҳанду рыцҳа аԥсыуала ҳлыркəашон, даара лнапы ҟазан, даашьаӡомызт, дықəҵон, дхахон, дԥон, иаалзымдыруаз акы ыҟамызт. Лыҩнтəи лусқəеи лнапҟазареи еидылбалон, агəамҵра захьӡыз лааигəа иҟамызт", - дҳацəажəон Сечиль Аӡынԥҳа.

Сечиль Аӡынԥҳа излалҳəо ала, ландуцəеи лабдуцəеи Аԥсны аӡбахə еснагь иалацəажəалон, рыхшареи рмаҭацəеи ашҭырқəцəам, ишаԥсацəоу рарҳəон. Амҳаџьырра аамҭазы Аԥсны ихырҵəаз аԥсуаа ишыруаӡəкыз рзеиҭарҳəон, акыр аџьабаа шырхыргаз атəы иазааҭгылон.

Елиф Аргәын: аԥсадгьыл ацәыӡра иадҳәалоу ахьаа атәымаџьара иаҳагьы иуныруеит - Sputnik Аҧсны
Елиф Аргәын: аԥсадгьыл ацәыӡра иадҳәалоу ахьаа атәымаџьара иаҳагьы иуныруеит

"Дара еиҭарҳəон, ҳара ҳарзыӡырҩуан, аха лакəҵас акəын ишҳадаҳкылоз. Ҳдухар Аԥсныҟа ҳцоит ҳҳəон, аха аиаша шəасҳəап, досу иара ихатə насыԥ имазаап, мчыла акагьы узыҟаҵом. "Аԥсныҟа баара шԥаҟалеи?" - ҳəа бнасазҵаар, ишаԥшьызгазгьы сызбаҳəом. Ҩыџьа аԥацəа сымоуп, Енгини Ермани, сгəыӷуеит ргəы хьаԥссаны ишԥамаари ҳəа. Знык аратəи аԥшӡара ихнахыз дмаар иуӡом", - лыгəҭахəыцрақəа дырзааҭгылон Сечиль Аӡынԥҳа.

Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқəа аҳəаанырцə инхо аԥсуаа еснагь ирызҿлымҳауп. Араҟа ҵлак амахə хьыдышьшьыргьы уаҟа ргəы днамырхьырц залшом. Атəымџьара ахеиқəырхара акыр ишыуадаҩугьы, ҳџьынџьуаа ирылдыршеит амилаҭтə хдырра аиҷаҳара.

"Аԥсуа чеиџьыка ҳахьцалак иҳацын. Ишыжəдыруа еиҧш, уа еиҿкааны иҳамоуп ҳкультуратə хəышҭаарақəа. Аҭырқəцəагь анҳазнеиуаз ыҟан, ирбааит, ирҵааит иҟаҳҵақəо ҳəа. Аҭырқəцəа аԥсуаа даара пату ҳақəырҵоит, ҳарҭ ҳгəаӷь ӷəӷəами, иагьҳацəшəоит, ҳажəа ус баша ишкаҳмыршəуа рдыруеит. Ҳаԥсуара ҳара пату ақəҵаны иҳамоуп, аҭырқəцəагьы пату ақəырҵоит", - лҳəеит Сечиль Аӡынԥҳа.

Сечильи сареи ҳаиҿцəажəара акыр ажəытə аамҭахь ҳхьанаршит. Лара гəыблыла илгəалалыршəон дызхааныз аиҳабацəа рхымҩаԥгара, урҭ анааидтəалоз ахьхьа-џьџьаҳəа реицəажəара.

Бассиль Ванача - Sputnik Аҧсны
Бассиль Уанаҿа: схәыҷаахыс Аԥсны аӡбахә ала сааӡан

"Санду Ҟараҷԥҳа Емине даара амырзакан бзианы иалырҳəон, агəаҟ ашəақəа анылымҳəоз ыҟаӡамызт лылаӷырӡқəа лҿаҳəҳəы. "Бзырҵəыуозеи нанду?" - ҳəа ҳлыдгьежьылон. "Еҳ, шəара шəхəыҷқəоуп, нас шəдухар еилышəкаара шəыҟоуп", - лҳəалон. Сара сабду иаб иоуп Аԥснынтə ихҵəаз. Сабду иаб Гьаргь ихьӡын, абзыԥқəа рҟынтə ауп дышцаз ҳəа иаҳдыруа, хықəкыла иарбан қыҭоу дызлыҵыз сыздыруам. Ҭырқəтəыла, Амҷқеҩ инанагеит, уаҟа анхара иалагеит", - ҳəа азгəалҭеит Сечиль Аӡынԥҳа.

Ҭырқəтəылаҟа ихырҵəаз аԥсуаа егьа џьамыӷəа цəгьа рхыргазаргьы, ашықəсқəа анца, аамҭақəа рҽанеиҭарк аҵарадыррахь рхы дырхеит, аусурҭа бзиақəа рҟны аусура иалагеит. Ҭырқəтəылатəи Ареспублика аполитикатəи ауаажəларратəи ԥсҭазаараҿы зыхьӡ нагоу, зажəа акрыԥхылнадо ракəны иҟалеит. Уи ус шакəу арҵабыргуеит хаҭала ҳара ҳазԥылахьоу ҳзыҿцəажəахьоу ауаа.

"Аԥсуара ҳахьцалак иҳацуп. Сара сани саби сабду дахьыҟаз зынӡагьы ицəырымҵӡеит, сан сабду димацəажəаӡакəа дыԥсит сабду, сан данажəгьы сабду иҟны аҭацара ҟалҵон. Ҳарҭгьы иаҳбаз ауп иҟаҳцоз ҳазланагалаз аҭаацəа рҿы. Санхəа лааигəара стəаны акаҳуа зжəит захьӡузеи, уи қьафуроуп ҳəа иԥхьаӡоуп, иԥхашьароуп. Сабхəа иҟны стəаӡомызт, сиацəажəаӡомызт, ҳаиҳабацəа ус ҟарҵон, ирҿаҳҵааз акəын ҳарҭгьы иныҟəаҳгоз. Уи акыр уарԥшӡоит", - лҳəеит Сечиль Аӡынԥҳа.

Досу иара ихатə усқəа имоуп, аибабаразы аамҭа маҷуп. Аха, егьа ус акəзаргьы, Сечиль излалҳəо ала, рыжəлантəқəеи дареи еибабоит, еидтəалоит, еидгылоит. Хымԥада, иарбан усзаалак аҳəынҭқарратə ҟазшьа амазароуп. Зыԥсадгьыл ахь ахынҳəра зҭаху аҿар маҷҩым, аха ишахəҭоу еиԥш иҳəаақəҵатəуп, азакəанқəа аус руроуп.

Сечиль Аӡынԥҳа аус луеит Аӡҩыбжьа ақыҭаҿы ауҭраҭыхааӡарҭа "Фруктис" аҟны директор хадас. Лус бзианы илыцааиуеит, аҭыԥантəи аԥсуааи лареи рҳəоу еиқəшəаны аус еицыруеит. Зегьы ирыцкуп лыԥсадгьыл аҿы бзиа ибаны дахьыҟоу, араҟа лхатə ҭыԥ ахьылыԥшааз.

Ажәабжьқәа зегьы
0