Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Џьамал Ажәанба: амшын аҟынтә шәнапы неиҵышәхыр шәыӡхызгаша аӡә дҟалап рҳәон ҳаиҳабацәа

© Фото : Џьамал Ажәанба ихатә архив аҟынтәЏьамал Ажәанба
Џьамал Ажәанба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәашықәса раԥхьа забдуцәа рџьынџь иазыхынҳәыз Џьамал Ажәанба игәҭахәыцрақәа ҳзеиҭалҳәоит ажурналист Сырма Ашәԥҳа ланҵамҭаҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ԥсабарала иҟәыӷоу, ауаҩытәыҩса иҟазшьа бзиақәа злоу, уадаҩрак иԥыларгьы згәы казмыжьуа, зегьы зхы дзырнаало, жәашықәса раԥхьа зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь Ҭырқәтәылантәи нхара ҳәа иааз Џьамал Ажәанба, акыр дҿырԥшыгоуп аҭыԥантәи аԥсуаа рзеиԥш аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа рзгьы. Иара дхәыҷаахыс аԥсуара агьама иркны драаӡон иҭаацәа. Аха, усҟан иқәыԥшӡаз Џьамал изы иабацәа иабдуцәа ирҿыҵакыз Аԥсны аӡбахә закәыз нагӡаны изеилкаауамызт.

Сечиль Аӡынԥҳа - Sputnik Аҧсны
Сечиль Аӡынԥҳа: Аԥсны махəык нхьыдышьшьыргьы Ҭырқəтəыла ргəы днархьуеит

Аԥсны дахьааиз ус баша дымтәеит, иаԥиҵеит ихатә наплакы "Фруктис", ауҭраҭых ахьырааӡо, уи иабзоураны аусуратә ҭыԥқәа рыла еиқәыршәахазгьы маҷҩымхеит. Џьамал Ажәанба Аԥсныҟа данааз аахыс ҳаибадыруеит, аиаша шәасҳәап, уажәы Аӡҩыбжьаҟа иусурҭа аҭыԥ ахь сныҟәара заԥшьызгаз, аҳәаанырцәынтәи иааны уаҟа аус зуа аԥсуаа снарыҿцәажәап, рынхашьа-рынҵышьа еилыскаап, рыбзарӡы шәарҭ аԥхьаҩцәа шәҟынӡа иназгап ҳәа ауп. Аха мызкы анаҩс акәзаап ҩаԥхьа уаҟа аусурақәа анхацыркхо, уажәазы аҿҳәара хыркәшоуп. Иусурҭа аҭыԥ аҿы сара дсықәшәеит аԥшәма ихаҭа, саниба даараӡа дсеигәырӷьеит, "Ҭырқәтәылантәи саҳәшьак даазшәаҵәҟьа збеит" - иҳәеит. Хымԥада, Џьамал Ажәанбеи сареи ҳаиҿцәажәарагьы аҽарҭбааит, ҳаибамбеижьҭеи акрааҵуан.

"Ҭырқәтәыла, Адаԥазар иаҵанакуа Рашьыҭбеи ҳәа зарҳәоз ақыҭаҿы ҳанхоит ҳара.  Уаҟа  Ажәанбақәа х-ҭаацәарак роуп иҟоу уажәы. Саб Иқьмеҭ иан (санду) Иашьарие Лакрԥҳан, сан лан Қьаамилие Аҭрышԥҳан. Урҭ аԥсшәеи аԥсуареи ирҿынҵәаауан, реибабашьа хазын, реидтәалашьа хазын", - абас ицәажәара хациркит Џьамал Ажәанба.

Џьамал иани иаби ааҩык ахшара рааӡеит, хәҩык аԥацәеи, хҩык аԥҳацәеи. Рызегьы рхатә џьабаала инхоит-инҵуеит. Рашьа Аԥсныҟа данаауаз азныказы иақәшаҳаҭымхазаргьы, уажәы акырӡа ргәы иладууп.

Елиф Аргәын: аԥсадгьыл ацәыӡра иадҳәалоу ахьаа атәымаџьара иаҳагьы иуныруеит - Sputnik Аҧсны
Елиф Аргәын: аԥсадгьыл ацәыӡра иадҳәалоу ахьаа атәымаџьара иаҳагьы иуныруеит

"Сара раԥхьаӡа акәны Апсныҟа сааит 2010 шықәса рзы. Сашьа еиԥш бзиа избо Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа иаахьаз, араҟа аҭаацәара аԥызҵаз Зафер Уанаҿа ичарахь. Знык ара санааи, сашьцәа, сҭынхацәа анызба, гәыҩбарак ҟамҵакәа схы иҭаскит Аԥсныҟа нхара сшыхынҳәуа ҳәа. Ус иагьыҟасҵеит", - дцәажәон Џьамал Ажәанба.

50 шықәса раԥхьа Аԥсны аӡбахә ажәала изаҳауаз Џьамал Ажәанба иԥсадгьыл ахь ахынҳәра ԥсҭазаара дук еиԥшны дазнеиуеит. Хымԥада, имариамызт ҿыц анхареи аусура дуи аԥшьызгаз ауаҩы иԥгылоз ауадаҩрақәа, аха зныкгьы игәы еицакны аӡәгьы димбеит, еснагь ихы-иҿы еихаччоит, адәахьы ицәырымгакәа ҩныҵҟала ииӡбо азҵаарақәа рацәоуп.

"Сара сҭаацәа Аԥсныҟа ахынҳәра аӡбахә ианалацәажәоз, Ҭырқәтәыла имаҷзар ҟаларын ус зҳәоз. Зыԥсадгьыл анҭыҵ иҟоу аԥсуаа шаҟа рыԥсадгьыл иазгәышьуаз, ихьааргоз уажәоуп еиҳагььы ианеилыскаауа. Саб ҳара ҳшыхәыҷқәаз дыԥсит. Саб иашьа иԥак дыҟан Меҭин ҳәа, саб иҟамзаара ҳаимырԥшкәа ҳиааӡеит, аиашьарагьы абрагьы ҳзиуит, ҳааигәа дыҟан еснагь. Саб даныԥсуаз ауасиаҭ изынижьит , инапы ҳаниҵеит. Меҭин Ҭырқәтәыла аполитика далахәын, уи иахырҟьаны акыршықәсагьы дҭакын. Аԥсныҟа аара шиҭахыз, абаха иаӡаанӡа иԥсҭазаара далҵит", - иҳәеит Џьамал Ажәанба.

Фаиқ Чычба - Sputnik Аҧсны
Фаиқ Чычба: Аԥсныҟа саара – ихамшҭыхəу хҭысуп

Џьамал Ажәанба, Есқьышьеҳир абизнес ахырхарҭала иреиҳау аҵараиурҭа далгахьеит. Ҭырқәтәыла абылтәи адәқьан дуқәеи русура ҳәаақәырҵоит иашьцәеи иареи. Иара излаиҳәо ала, илшон атәымтәылаҟа дцаны амал ирҳарц, аха ус дазымхәыцӡеит, иԥсадгьыл аҿы анхара алихит, излаилшо ала иуаажәлар дрыцхраар иҭаххеит, иагьиқәҿиеит.

Џьамал Ажәанба дҭаацәароуп, ҩыџьа арԥарацәа имоуп, аиҳабы Онур 18 шықәса ихыҵуеит, аиҵбы Уур - жәашықәса. Иԥшәмаԥҳәыс Дениз Гьечԥҳауп. Ҳаиҿцәажәараҿы Џьамал Ажәанба исзеиҭеиҳәеит узырхәыцша хҭыск.

"Сара сԥа Онур хәышықәса анихыҵуаз Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иаауаз ахәыҷқәа ргәыԥ даланы даасышьҭит, усҟан сара Аԥсныҟа сагьымаацызт. Ара инхо ҳашьцәа Ажәанбақәа, Онур 200 доллар ҳамҭас ирҭеит, Ҭырқәтәылаҟа даннеиуаз инаигеит. Сара ус иасҳәеит: "Аԥсны уашьцәа иурҭаз аҳамҭа акыр иԥшьоуп, уԥсы ахьынӡаҭоу иҵәахны иумаз, ашықәсқәа мҩасыр, удухар, уи аҵакы еиҳагьы ибзианы еилукаауеит", - ҳәа. Уажәыгь даламкьысӡакәа, иҵәахны имоуп", - иҳәеит Џьамал Ажәанба.

Џьамал Ажәанба иабду иаб Осман иоуп Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа ахҵәара зықәшәаз. Лықәра цаны раб иаҳәшьак дыҟазаарын, лашьа иԥацәа хҩык: Ҳали, Џьамлаҭ, Осман аашьҭыхны Ҭырқәтәылаҟа дцеит, ахәыҷқәа рани раби Аԥсны иаанхеит, издыруада рыԥсы сзеиқәырхозар ҳәа илгазаргьы. Дара усҟан Гәдоуҭа араион Жәандәрыԥшь ақыҭаҿы инхозаарын.

Бассиль Ванача - Sputnik Аҧсны
Бассиль Уанаҿа: схәыҷаахыс Аԥсны аӡбахә ала сааӡан

"Сара саб усҟан ҩбаҟа шықәса ракәын ихыҵуаз. Ахәыҷқәа рани раби ирыхьҵәыуон, раб иаҳәшьа илыжьжьон лассы рҭаацәеи дареи шеибабоз ала. Ианеизҳа еснагь илазҵаауан: "Аԥсныҟа ҳанбабгои?" - ҳәа. Абас изеибамбаӡакәа рдунеи рыԥсахит, шаҟа рыцҳара, шаҟа гәнаҳара ыҟоузеи ари адунеи аҿы", - дсацәажәон Џьамал Ажәанба.

Аԥсны аӡбахә џьанаҭ ҭыԥны издызкылоз аҳәаанырцә инхоз аԥсуаа, аиҭанеиааирақәа аныҟамыз аамҭазы, ахааназы ҳазцом ҳабдуцәа рыдгьыл ахь ҳәа иазхәыцуан. Аха, Анцәа иџьшьаны, маҷ-маҷ акәзаргьы ҳзеигәырӷьаша мшын-нырцәынтәи ихынҳәыз аԥсуа ҭаацәарақәа маҷым.

"Ҳаиҳабацәа ус ҳарҳәалон: "Аԥсны жәбарц шәҭахызар, уи адгьыл шәшьапы ықәшәыргыларц шәҭахызар, амшын аҟынтә шәапы нашәроу, уи аанызкылаша, шәыӡхызгаша аӡә дҟалап" ҳәа. Шаҟа ҵакыла иҭәыз урҭ ажәақәа…", - ихәыцрақәа ҳацеиҩишон Џьамал Ажәанба.

Џьамал Ажәанба иан 83 шықәса лхыҵуеит, Ҭырқәтәыла дынхоит,  шықәсқәак раԥхьа Аԥсныҟа даахьан. Иахьеиԥш исгәалашәоит уи амш, Аԥсуа телехәаԥшра аефир ала ицоз адырраҭара "Агәыӷра" даласырхәит. Лцәажәара аасҭа икалыԥсаз алаӷырӡ еиҳан, акыр лгәы ԥшаауа дсацәажәон, исзеиҭалҳәаз ажәабжьқәагьы маҷым. Урҭ зегьы аҭоурых иаҿахәҳәаганы иаанхеит.

Џьамал Ажәанба игәаҳәарақәа ируакуп аҳәаанырцәынтәи ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь нхара раара, Аԥсны асоциал-економикатә ҭагылазаашьа аизҳара, хаҭала уи аганахьала иҟаиҵо маҷым. Иусурҭа аҭыԥ аҟны ишьҭоу адгьылҵакыра зегьы улаԥш ахьымӡо зеиуахкы уҭаху ашәырҵлақәа еиҭаҳауп, аԥхьаҟагьы иҵегьы ациҵарц игәы иҭоуп.

© Фото : Џьамал Ажәанба иҟынтәАшәырҵлақәа ахьеиҭаҳау абаҳча
Џьамал Ажәанба: амшын аҟынтә шәнапы неиҵышәхыр шәыӡхызгаша аӡә дҟалап рҳәон ҳаиҳабацәа - Sputnik Аҧсны
Ашәырҵлақәа ахьеиҭаҳау абаҳча

Ҳәарада, уи збо рзгьы ҿырԥшы бзиоуп, еиҳаракгьы ақыҭанхамҩа знапы алаку ауаа рзы. Ажәа сиҭеит ҭагалан азы саргьы ашәырҵлашьапқәа шсыгимырхо. Џьамал Ажәанба инапы злаку аусқәа рҿы изеиӷьаҳшьоит аихьӡарақәа, сгәы иаанагоит иҿыԥшыша рацәаҩхап ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0