Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Ҭырқəтəылатəи ҳдиаспора акоронавирус аҿагыларазы ацхыраара аанашьҭит

© Foto / Атанур АкусбаГуманитарная помощь из Турции
Гуманитарная помощь из Турции - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқəтəыла еиҿкаау Аԥсуа Федерациа аԥшьгарала Аԥсныҟа иаашьҭуп аҿкчымазара аԥырҟəҟəааразы 300 нызқь доллар рыхə амедицинатə маругақəеи еиуеиԥшым ахəшəқəеи.

АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Ҭырқəтəыла иҟоу Аԥсуа Федерациа аԥшьгареи ацхыраареи ирыбзоураны, Аԥсныҟа иаашьҭуп 300 нызқь доллар рыхə амедицинатə мыругақəеи, ахəшəқəеи, аҳақьымцəа рзы ашəҵатə ҷыдақəеи ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Сҭампыл еиҿкаау Аԥсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟəысба.

© Foto / Атанур АкусбаҬырқəтəыла еиҿкаау Аԥсуа Федерациа аԥшьгарала Аԥсныҟа иаашьҭуп аҿкчымазара аԥырҟəҟəааразы 300 нызқь доллар рыхə амедицинатə маругақəеи еиуеиԥшым ахəшəқəеи.
Ҭырқəтəылатəи ҳдиаспора акоронавирус аҿагыларазы ацхыраара аанашьҭит - Sputnik Аҧсны
Ҭырқəтəыла еиҿкаау Аԥсуа Федерациа аԥшьгарала Аԥсныҟа иаашьҭуп аҿкчымазара аԥырҟəҟəааразы 300 нызқь доллар рыхə амедицинатə маругақəеи еиуеиԥшым ахəшəқəеи.

Аидара зқəыз амашьына жьҭаара 13 рзы ҳтəыла иаҭааит. Асеиԥш аӡбамҭа ҳџьынџьуаа ирыдыркылеит  аҵыхəтəантəи аамҭазы Аԥсны еиҳагьы иуадаҩхаз аепидеомиологиатə ҭагылазаашьа иахҟьаны.

"Адунеи аҿы еиҳа-еиҳа иазҳауеит COVID-19 змоу ачымазцəа рхыԥхьаӡара. Акоронавирусттə ҿкы ауааԥсыра рацəыхьчаразы Аԥсны имҩаԥырго аусмҩаԥгатəқəа рҿы ҳлагала ҟаҳҵарц ҳаӡбеит. Убри аҟынтə  инаҳашьҭыз агəыҳалалратə цхыраара еиднакылоит абас еиԥш иҟоу амаҭəашьарқəа: жəацырак аԥсыԥ-лагаҩагаратə маругақəа, 15 нызқь рҟынӡа еиуеиԥшым ахəшəқəа, 50 нызқь асабрадақəа, аҳақьымцəа рхы зларыхьчаша иҷыдоу амаҭəахəқəа, хə-нызқь цыра атест уҳəа имаҷымкəа рхы иадырхəаша ацхыраагӡақəа", - иҳəеит Аԥсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟəысба.

Ари агəыҳалалратə акциа аарԥшуп Аԥсны анапхгара, агəабзиарахьчара аминистрра, аҳақьымцəа, иара убас Аԥсуа Федерациа ахаҭарнакцəа заа имҩаԥыргахьаз аицəажəара  иабзоураны. Ари аус аҿы ацхыраара ду аадырԥшит Ҭырқəтəылатəи Ареспублика ахадарагьы.

Здание администрации президента. - Sputnik Аҧсны
"Аруаа" Аԥсны аиҳабыра Путин иахь амедицинатә цхыраара иаҳәарц азы ааԥхьара ҟарҵеит

"Аԥсуа хеидкылақəа рфедерациа еиҿнакааит, Ҭырқəтəылатəи Ареспублика агəабзиарахьчара аминистрреи, адəныҟатəи аусқəа рминистрреи, Аԥсны Аҳəынҭқарра Ахада иалкаалеи имҩаԥгоуп асеиԥш иҟоу ауснагӡатə. Иҟаҳҵаз аҳəара иахаҵгылаз, адгылара азҭаз зегьы ҭабуп ҳəа раҳҳəоит, убарҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоу Еиду амилаҭқəа реиҿкаара аусзуцəагьы налаҵаны", - ҳəа азгəеиҭоит Аҭанур Аҟəысба.

Аҟәысба COVID-19 аҿагыларазы Ҭырқәтәылантә ацхырааразы: аиашьа иҟаиҵо "иҭабуп" ахҳәаатәӡам>>

Ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳəразы аҳəынҭқарратə еилакы аиҳабы Вадим Ҳаразиа, Ҭырқəтəыла еиҿкаау Аԥсуа Федерациа еиҿнакааз аус ҭабуп ҳəа ахҳəаауа, иазгəеиҭеит:

Минобороны развернуло полевой госпиталь для больных COVID-19 в Буйнакске - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра Урыстәылахь аҳәара ҟанаҵеит амобильтә госпиталь аиуразы

"Ҭырқəтəылантəи иаарышьҭыз агəыҳалалратə цхыраара Аҟəа ақалақь алабораториаҿы ишьҭоуп.    Заанаҵы Аԥснынтə ирҭахыз асиақəа еиқəыршəан, уи ахаҵгылара бзиагьы арҭеит аҳəаанырцə инхо ҳашьцəа. Иахьа аихшаратə усқəа нап адыркуеит, ишахəҭоу еиԥш иҳəаақəырҵоит, шьыжьнаҵы иахəҭоу актқəа рыҩра нап адыркит. Аԥсны афармацевттə усбарҭа аиҳабы Ахра Аџьба излаиҳəаз ала, 80% Гəдоуҭатəи агоспиталь ахь ирышьҭуеит, 20% - ахəышəтырҭақəа рахь идəықəырҵоит. Ишыжəдыруа  еиԥш, Аԥсны аҭыԥқəа раартра иаҿуп, уи азы ахаҵгыларагьы аарԥштəуп", - ҳəа азгəеиҭеит арепатриациазы аҳəынтқарратə еилакы аиҳабы Вадим Ҳаразиа.

Ҭырқəтəыла еиҿкаау Аԥсуа Федерациа ҳаимадареи, ҳаидгылареи, ҳаицхыраареи ирыдҳəалоу ауснагӡатəқəа ҷыдала иазнеиуеит, аԥхьаҟагьы адгылара аҟаҵара иазыхиоуп ҳәа инаҵишьит Аҭанур Аҟәысба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0